This media is not supported in your browser
VIEW IN TELEGRAM
Аԥсны араионқәа зегьы рҿы Аиааира 80 шықәса ахыҵра иазку аусмҩаԥгатәқәа мҩаԥысуеит.
Уи рхы аладырхәуеит астудентцәеи, иҭахаз афырхацәа рыуацәеи, ҳтәыла ауааԥсыреи асасцәеи.
Аԥсны акырџьара аныҳәа аламҭалазы абаҟақәа еиҭашьақәдыргылеит. Убас, иахьа ақыҭақәа Баслахә, Мықә, Лӡаа абаҟақәа аадыртит. Уаҟа аусурақәа мҩаԥган Урыстәыла ахада игрантқәа рфонд ахарџь ала.
📎 55-нызқьҩык инареиҳаны Аԥсны аԥацәеи аԥҳацәеи афронт ахь ицеит, урҭ рахьынтәи 17-нызқьҩык инареиҳаны рышьҭахьҟа изыхнымҳәит. 22-ы Асовет Еидгыла Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ҳаракы рыхҵоуп. Хҩык Ахьӡ-Аԥша аорден акавалер нагӡа ранашьоуп.

♟Аԥсны актәи аҭыԥ ааннакылеит VII Жәларбжьаратәи ахәыҷтәы шахматтә онлаин-еицлабра "Единый мир" аҿы.
Агәыԥ аҿы иҟан Сарида Лакәатааԥҳа, Сариа Лакәаԥҳа, Мирра Смырԥҳа, Петрос Казанџьиан, Георги Георгиан, Армен Топчиан, Богдан Турков, аҵыхәтәантәи хаҭалатәи аицлабрақәа рҿы ахьтәы медал игеит.
Аицлабрақәа Аиааира 80 шықәса ахыҵра иазкын, еиҿкаан швеицариатәи асистема 10 раундк рыла, хаҭалатәии гәыԥлатәии аицлабрақәагьы уахь иналаҵаны ҳәа аанацҳауеит Аҳәынҭспортеилакы.
Аицлабра иалахәын Аԥсны, Аахыҵ Уаԥстәыла, Урыстәыла, Виетнам, Ҭырқәтәыла, Словениа, Египет, Иорданиа, Марокко, Иапониа, Ефиопиа, Ливан рҟынтәи аспортсменцәа.

Ҳтәыла ду амца анакуаз, Аԥсны аҵеицәа аӡәырҩы реиԥш, ҳаԥсуа шәҟәыҩҩцәеи ҳпоетцәеи аӷа иҿагылан хацәнымырха еибашьуан. Урҭ рыбжьара иҟоуп хьыӡла-ԥшала иҭахазгьы, еибганы ихынҳәны зырҿиара иацызҵазгьы.
Леуарса Кәыҵниа, Сҭеԥан Қәычбериа, Қьаазым Агәмаа, Алықьса Џьонуа, Ҷиҷико Џьонуа, Џьота Тапаӷәуеи, Сандро Сангәлиа, Шьалуа Сангәлиа, Шамил Аҟәысба, Миха Лакрба, Платон Ҷкадуа, Нури Бараҭелиа, Михаил Гочуа — абарҭ аԥсуа шәҟәыҩҩцәа ркалам нышьҭаҵан рыԥсадгьыл ахьчара иазгылеит.
Ажурнал "Алашара" аредактор хада Анатоли Лагәлаа ҳаԥхьаҩцәа даҽазныкгьы иргәалаиршәоит аԥсуа шәҟәыҩҩцәа-еибашьцәа иаԥырҵаз зеиӷьаҭам аибашьра иазку аҩымҭа ссирқәа.

Sputnik Аҧсны
"Сыԥсадгьыл ду, сылашара!": аԥсуа поетцәа Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду иалахәыз ргәалашәараз
Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа иалахәыз ҳаԥсуа поетцәа ражәеинраалақәа дырзааҭгылоит ажурнал "Алашара" аредактор хада Анатоли Лагәлаа иахьатәи ианҵамҭаҿы.
Ԥыхьатәи асовет еидгыла иқәынхоз ауааԥсыра аӡәырҩы ибзианы ирдыруеит афильм "Отец солдата", аха зегьы ирыздырӡом шьаҭас иамау изҭоурыху.
Асовет Еидгыла и-Афырхаҵахараны иҟаз, Аԥсны иалҵыз Ражьден Барцыц маӡала афронт ахь дцоит.
Актәи адунеизегьтәи аибашьра иалахәыз, "Аԥсуаа рышәк" аҽыбӷаҟаза Ражьден иаб Миха иҷкәын дырхәит ҳәа аниаҳа тамантәи ахәшәтәырҭахь амҩа дықәлеит. Уа даннеи, Ражьден имаҵурахьы дшыхынҳәыз еиликаан, афронт ахь дцеит иԥшааразы.
Ражьден Барцыц аибашьрахьтә даныхынҳә ашьҭахь атуристтә усхкы аҿы аусура далагеит, ҽнак зны Риҵа диқәшәеит еицырдыруа актиор Серго Закариаӡе, уи изеиҭеиҳәеит аҭаацәаратә ҭоурых. Анаҩс ари ажәабжьтә фильм ҭыҵит.
"Иҟалап, Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡаан абас еиԥш иҟоу ажәабжьқәа жәабала, шәкыла иҟазҭгьы. Иҟалап, Георги Махарашвили еилаҵоу персонажзар, аха ара сара сҭаацәа рҭоурых шьаҭас иамоуп", — ҳәа азгәалҭеит Афырхаҵа имаҭа Натали Аргәынԥҳа.
Ражьден Барцыц изку аматериал шәаԥхьар шәылшоит Sputnik асаит аҟны.

Telegram
Sputnik Абхазия
🔸Многим жителям постсоветских республик знаком культовый фильм "Отец солдата", но не всем известно, чья история могла послужить его основой.
Будущий Герой Советского Союза, уроженец Абхазии Ражден Барциц ушел на фронт тайно.
Когда его отец Миха, участник…

Мгәыӡырхәатәи арԥыс, абиԥазаҵә Иасон Матуа хабарда дыбжьаӡит Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду ахыркәшамҭаз. Ааигәанӡа иара хабарда ибжьаӡыз ҳәа дыԥхьаӡан.
Кавказ ахьчара иалахәыз Иасон, арратә ҽазыҟаҵара данахысуаз, иӷәӷәареи еиҿкаашьеи збаз адҵаҟаҵаҩцәа, асолдаҭцәа драԥхьагыланы Ԥсҳәыҟа ддәықәырҵоит. Анаҩс, Иасон Белоруссиатәи афронт аҿы деибашьуан, днаӡоит Варшаванӡа.
Ажәабжь анҵоуп Иасон иҭынха Павел Матуа иажәақәа рыла.
Инарҭбаау аматериал шәаԥхьар ҟалоит абри азхьарԥш ала — Аиааира ду ҳзаазгаз — 80 шықәса.

"Аҭаацәа зыхӡыӡаауаз иакәын": Иасон Матуа изкны
Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду ианалага, Мгәыӡырхәаа аӡәырҩы реиԥш азеиԥш ԥсадгьыл ахьчара дцеит Иасон Бес-иԥа Матуагьы. Ԥсабарала иҟәышыз, иҽыбӷаҟазаз ҷкәынан иара. Иасон аибашьра ахыркәшамҭаз хабарда дыбжьаӡоит, ааигәанӡа иӡбахә еилкаамкәан...
Forwarded from Ахьыуардын
Ақалақь-фырхаҵа Гәдоуҭа агәҭа игылоу Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҿы иҭахаз рбаҟа амонументалтә ҟазара иреиӷьӡоу аҿырԥштәқәа иреиуоуп. Аскульптор нага Марина Ешԥҳаи архитектор Ҭамара Лакрԥҳаи иаԥырҵаз ари абаҟа аиԥш зеиԥшу даҽак ыҟамызт адунеи аҿы. Аԥхьаӡа инаргыланы, акомпозициатә еиҿкаашьала. Иара иаанарԥшуеит ҳажәлар ари Аиааира ишахҭнырҵаз ирымоу иреиӷьыз — иреиӷьыз рҵеицәа зықьҩыла.
Хадара зуа Ан-аԥсадгьыл лхаҿсахьа арыӷьарахьала иаҳбоит Аҭарчеи асиужет — ԥсыуала аџьабара, ԥсыуала афырхаҵа имҩаԥгара. Иҳәатәуп, Ешԥҳа абаҟа аидеиа даназхәыцуаз аамҭақәа рзы аԥсуаа хаз милаҭны ҳшыҟоу, ҳхатә ҵас-қьабзқәа шҳамоу атәы иаахтны аҳәара ус иагьшымариамыз. Аха лыгәҭакы налыгӡеит, аԥсуа цәа зху абаҟа лчаԥеит. Уавсцыԥхьаӡа улаԥш адхало, ицырцыруа игылоуп иахьагьы. Иҿымцәаауа амца аҭыԥ аханатә иазгәаҭаны.
Абаҟа аартын 1980-тәи ашықәсқәа ралагамҭазы. Ауаа иргәаԥхеит даара, лхаа уи аҩызак дара рқыҭангьы иҟаларц аҳәара ҟарҵеит, аԥара еизыргеит. (Лыхнытәи абаҟагьы авторс дамоуп Марина Ешԥҳа).
Аҭарчеи (поминальные скачки) — хьӡи-ԥшеи зырҳаз ахаҵа инышәаҭараан, нас иԥсхәраан имҩаԥыргоз ҽырхәмарроуп. Лымкаала иара иадҳәалоу атерминқәа ҳамоуп. Аԥсы дандәылыргалак иҽы ықәдыргылон абӷақәы́ршә еиқәаҵәа ахаршәны, уи аҽы́қәгыла ахьӡын. Аҭарчеи агара зылшашаз аҽы аҽӷы́жәаа ҳәа иашьҭан.
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа

Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
This media is not supported in your browser
VIEW IN TELEGRAM
Аахыҵ Уаԥстәылеи, Аԥсни, Белоруссиеи рхадацәа аиҩызаратә еицәажәара мҩаԥыргоит Урыстәыла ахада ихьӡала Кремль Аиааира 80 шықәса ахыҵра азгәаҭара иазкны имҩаԥгаз адкылараҿы.
Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡаҿы игаз Аиааира аиубилеии Гиви Смыр диижьҭеи 80 шықәса аҵреи ирызкыз ацәыргақәҵа аатит Афон ҿыц.
Афонҿыцтәи аҳаԥы аартҩы игәалашәара иазкны Гиви Смыр икультуратә центр аҿы иаатит афотоцәыргақәҵа "Аԥсҭазаара аԥштәы лашақәа". Уаҟа ицәыргоуп Смыр иԥсҭазаара еиуеиԥшым аамҭақәа рзы иҭихыз 250 усумҭа.
"Аныҳәа еиҿкаауп Аҟәа, Афон ҽыц, Гәдоуҭа, Аҷандара рҟынтәи ахәыҷтәы хореографиатәи аинструменталтәи ансамбльқәа рықәгыларақәа рыла. Ацәыргақәҵа рхы аладырхәуеит Аԥсны мацара акәымкәа Урыстәылантәигьы 70-ҩык рҟынӡа аҟазацәа", — ҳәа азгәалҭеит акультуратә центр аиҳабы Гиви Смыр иԥшәмаԥҳәыс Жаклин Чачибаиа.
Ацәыргақәҵа мҩаԥысуеит лаҵара 11-нӡа. Ахыркәшаратә мшы аҽны, Афонҿыцтәи Акультура аҩны аҟны идырбахоит ателеканал "Абаза-ТВ" иҭнахыз адокументалтә фильм "Гиви Смыр: Аҭынха".
📎 Асахьаҭыхҩы, аскульптор Гиви Смыр диит лаҵара 9 1945 шықәсаза Афон ҿыц ақалақь аҿы. 16 шықәса анихыҵуаз, "ҵа змам аҭыша" ҳәа изышьҭаз аҳаԥы дҭалеит. Усҟан арԥыс 30-40 метра аҵаулараҿы даангылеит, избанзар ԥхьаҟа уззымиааиуа ҭыҳәҭаны иҟан.
Смыр ԥыҭрак ашьҭахь аспелеологцәа гәыԥҩык иманы аҭҳәаахь дхынҳәит. Абас ауп Афонҿыцтәи аҳаԥы шыԥшааз.
Гиви Смыр идунеи иԥсахит 71 шықәса шихыҵуаз лаҵара 18 2016 шықәсазы. иԥсҭазаара далҵит, 71 шықәса рзы.

Ярмарка, посвященная юбилею Победы в Великой Отечественной войне и 80-летию Гиви Смыр открылась в Новом Афоне.
В память о первооткрывателе Новоафонской пещеры в культурном центре Гиви Смыр открылась фотовыставка "Яркие краски жизни". На ней представили около…
В память о первооткрывателе Новоафонской пещеры в культурном центре Гиви Смыр открылась фотовыставка "Яркие краски жизни". На ней представили около…
This media is not supported in your browser
VIEW IN TELEGRAM
🔸Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡаҿы игаз Аиааира 80 шықәса ахыҵра иазку аныҳәатә концерт алагеит Аҟәа Ахақәиҭра ашҭаҿы.
Аусмҩаԥгатә рхы аладырхәит Аԥсны ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа, аԥыза-министр Владимир Делба, Жәлар Реизара-Апарламент аиҳабы Лаша Ашәба.
Аусмҩаԥгатә алагеит Аиааира иацу агәырӷьареи аибашьратә гәыхьи ирызку атеатралтә қәгыларала.
Анаҩс, хыԥхьаӡара рацәала ахәылԥаз асасцәа рҿаԥхьа иқәгылеит Чычба ихьӡ зху Аҟәатәи аҳәынҭқарратә музыкатә ҵараиурҭа ахор, агәыԥ "Аԥсны-67", Ҭемыр Ҭаниа, Хьыбла Мықәба уҳәа ашәаҳәаҩцәа аӡәырҩы.
Дара инарыгӡеит еицырдыруа аибашьратә ашәақәа: "Война священная", "На безымянной высоте", "Смуглянка", "Журавли", иара убас "День Победы".

Абас, гәырӷьарыла иазгәарҭеит Аԥсны мрагыларатәи араионқәа рҿы Аиааира 80 шықәса ахыҵра амш.
Гал амш алагеит Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡаҿы иҭахаз рбаҟа амҵан ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵарала. Анаҩс имҩаԥган Аԥсни Урыстәылеи рыруаа злахәыз апарад.
Очамчыра амҩадуқәа ирнысит Ԥсра зқәым архәҭа — зықьҩык инареиҳаны ауаа аибашьра иалахәыз рҭынхацәа рфотосахьақәа рыманы инеит. Анҟәара ашьҭахь имҩаԥысит аныҳәатә концерт.
Аиааира Ду амш азгәарҭеит Тҟәарчалгьы. Акультура Аҩнаҿы имҩаԥысит аныҳәатә концерт, уи аҿаԥхьа ашҭаҿы еиҿкаан аспорттә еицлабрақәа, иаадыртит адәытәи акҿаҩра.
📎 55-нызқьҩык инареиҳаны Аԥсны аԥацәеи аԥҳацәеи афронт ахь ицеит, урҭ рахьынтәи 17-нызқьҩык инареиҳаны рышьҭахьҟа изыхнымҳәит. 22-ы Асовет Еидгыла Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ҳаракы рыхҵоуп. Хҩык Ахьӡ-Аԥша аорден акавалер нагӡа ранашьоуп.
Гал амш алагеит Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡаҿы иҭахаз рбаҟа амҵан ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵарала. Анаҩс имҩаԥган Аԥсни Урыстәылеи рыруаа злахәыз апарад.
Очамчыра амҩадуқәа ирнысит Ԥсра зқәым архәҭа — зықьҩык инареиҳаны ауаа аибашьра иалахәыз рҭынхацәа рфотосахьақәа рыманы инеит. Анҟәара ашьҭахь имҩаԥысит аныҳәатә концерт.
Аиааира Ду амш азгәарҭеит Тҟәарчалгьы. Акультура Аҩнаҿы имҩаԥысит аныҳәатә концерт, уи аҿаԥхьа ашҭаҿы еиҿкаан аспорттә еицлабрақәа, иаадыртит адәытәи акҿаҩра.
📎 55-нызқьҩык инареиҳаны Аԥсны аԥацәеи аԥҳацәеи афронт ахь ицеит, урҭ рахьынтәи 17-нызқьҩык инареиҳаны рышьҭахьҟа изыхнымҳәит. 22-ы Асовет Еидгыла Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ҳаракы рыхҵоуп. Хҩык Ахьӡ-Аԥша аорден акавалер нагӡа ранашьоуп.
Sputnik Аԥсны
🔸Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡаҿы игаз Аиааира 80 шықәса ахыҵра иазку аныҳәатә концерт алагеит Аҟәа Ахақәиҭра ашҭаҿы. Аусмҩаԥгатә рхы аладырхәит Аԥсны ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа, аԥыза-министр Владимир Делба, Жәлар Реизара-Апарламент аиҳабы Лаша Ашәба.…
This media is not supported in your browser
VIEW IN TELEGRAM
🔸Аҟәа Аиааира амш иазкны имҩаԥгаз аныҳәатә концерт хыркәшахеит иблахкыгаз асалиут ала.
Каракас ақалақь аҿы Реихстаг Аиааира абираҟ ахаргылара аазырԥшуа аскульптуратә композициа ашьақәыргылара хыркәшоуп.
Абаҟа аргылара иӡбеит Венесуела ахада Николас Мадуро. Иара иаарласны иаартхоит Афашизм аиааира ашҭа хадаҿы ҳәа аанацҳауеит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра.
Аџьазтә баҟа агылара — 15 метра. Уи Урыстәылеи Венесуелеи реиҩызареи СССР афашизм аҿагылараҿы иҟанаҵаз алагала азхаҵареи иасимволуп.

Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡеи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьреи рфырхацәа рымемориалқәа 80% рҟынӡа еиҭашьақәыргылоуп.
Иаанхаз абаҟақәа рҿы аусурақәа хыркәшахоит иааиуа ҩымчыбжь рыла ҳәа азгәалҭеит ацентр "Гарант" анаԥхгаҩы Марина Михаилова.
Аха ари ашьҭахь апроект "Аԥхьаҟатәи ацҳа" хыркәшахаӡом, избан акәзар уи ахықәкы хада, аҭыԥантәи апроблемақәа ауааԥсыра рмчала аӡбара шрылшо аарԥшра ауп.
"Ҳара иаҳҭахуп Урыстәыла активла аус зуеи Аԥсны активла аус зуеи реибадырра. Иҟалап, абри аибадырра иахылҿиаар апроект ҿыцқәагьы", — ҳәа лҳәеит Михаилова.
📎 Апроект иалахәуп 82 қыҭа. Аусурақәа рынагӡаразы Урыстәыла ахада игрантқәа рфонд аҟынтәи 77 миллион мааҭ инареиҳаны иазоурышьҭхьеит.

Примерно 80% мемориалов героям Великой Отечественной войны и Отечественной войны народа Абхазии уже отреставрированы.
Работы на остальных памятниках будут завершены в ближайшие две недели, заявила директор центра "Гарант" Марина Михайлова.
Но после этого…

Ахархәарахь ицәырҵит аԥсуа-аурыс еиҭага ҿыц ApsuaTranslator. Уи авторс дамоуп Москва Иреиҳаӡоу аекономика ашкол ахԥатәи акурс астудент Мирон Бараҭелиа.
Аиҭага алҵшәа бзиақәа аанарԥшуеит, Google аиҭага аасҭа ахаҭабзиара ҳаракуп ҳәа иԥхьаӡоуп. Атекст ахаҭабзиара 70% рҟынӡа инаӡоит.
Мирон Бараҭелиа иажәақәа рыла, абызшәа бзиан издыруа алшара рымоуп аиҭага ариашара, уи ApsuaTranslator аԥхьаҟа ахаҭабзиара иҵегьы еиӷьнатәыр алшоит.
Ари апроект аԥҵара шыҟалаз, уи ахархәашьа зеиԥшроу, лҵшәақәас иамоу ртәы уи автор арадио Sputnik аҟны далацәажәеит.

Бараҭелиа ApsuaTranslator захьӡу аԥсуа-аурыс еиҭага ҿыц иазкны
ApsuaTranslator — аԥсуа-аурыс еиҭага ҿыцуп. Ари апроект авторс дамоуп Иреиҳаӡоу аекономика ашкол астудент Мирон Бараҭелиа. Аиҭага алҵшәа бзиақәа аанарԥшуеит, Google аиҭага аасҭа ахаҭабзиара ҳаракуп ҳәа иԥхьаӡоуп. Иара убас еиҭагоу атекст...
Иахьа гәырҩамшуп... аҵыхәтәантәи имҩахь днаскьаргоит ҳмилаҭтә литература аклассик, Аԥсны Жәлар рышәҟәыҩҩы — Алықьса Гогәуа.
Аԥсны Жәлар рышәҟәыҩҩы, Д. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа алауреат, Жәларбжьаратәи Адыгатәи аҭҵаарадыррақәа ракадемиа ҳаҭыр зқәу академик, Аԥсны Зҽаԥсазтәыз акультура аусзуҩы, "Ахьӡ-аԥша" аорден I аҩаӡара занашьоу, Аԥсны жәлар рфорум "Аидгылара" раԥхьатәи ахантәаҩы Алықьса Гогәуа иԥсҭазаара далҵит лаҵарамза 7 рзы.
Аԥсуа литература аклассик дызнысыз ирҿиаратәи иԥсҭазааратәи мҩа шәахәыԥш Sputnik афотолента аҟны.

Аԥсуа литература аклассик: Алықьса Гогәуа иԥсҭазаара далҵит
Лаҵара 7 рзы иԥсҭазаара далҵит Аԥсны жәлар рышәҟәыҩҩы, Дырмит Гәлиа ихьӡ зху апремиа алауреат, "Ахьӡ-Аԥша" аорден I аҩаӡара занашьоу Алексеи Гогәуа. Хәажәкыра 15 рзы иара 93 шықәса ихыҵит.
Аҟәатәи атлетика ласы аспортсменцәа аԥхьахә ҭыԥқәа ааныркалеит Аиааира Ду 80 шықәса ахыҵра аҳаҭыраз Шәача имҩаԥысуаз IX аиԥхныҩрақәа рҟны.
Дамир Хмаил "ахьы" даԥсахеит, Лолита Хмаил — "араӡын".
Дара разыҟаҵаҩ Лиудмила Назарс 50 шықәса инеиҳаны изхыҵуаз рыбжьара аҩбатәи аҭыԥ лгеит, асы зқәызи аԥынгылақәа змази амҩала лара 1650 метра дыҩт, абри атәы аанацҳауеит Аҳәынҭспортеилакы.
Дамир Хмаил "ахьы" даԥсахеит, Лолита Хмаил — "араӡын".
Дара разыҟаҵаҩ Лиудмила Назарс 50 шықәса инеиҳаны изхыҵуаз рыбжьара аҩбатәи аҭыԥ лгеит, асы зқәызи аԥынгылақәа змази амҩала лара 1650 метра дыҩт, абри атәы аанацҳауеит Аҳәынҭспортеилакы.
Forwarded from Ахьыуардын
This media is not supported in your browser
VIEW IN TELEGRAM
АҼЫҚӘЫРГЫЛАРА
Аҽыз кәадырны ашҭа иҭагылоуп,
Аҽыҩ иадырит, алахь еиқәуп.
Ҽазных иубар, аҽхыцәгьа узынкылом,
Уажә аӷәра иахом, ҷкәынак икуп.
Аҽыз кәадырны ашҭа иҭагылоуп,
Аҽыҩ ааԥсом, шәыла иҭаҳәҳәоуп.
Аҽгьы гәырҩоит – ианыруеит гәыла,
Аҽыбӷаҟаза дҽыжәым дкахәхәа.
Иахьа лахьеиқәроуп ашҭа ҭзырҭәаазгьы,
Аџьынџь иаԥхаз дшаԥсаҵәҟьазгьы рбоит.
Игәеилгароуп игәеисра еиқәзыртәазгьы,
Аҽыбӷаҟаза иҽызгьы џьабоит.
Иқә-иҵас азарҳәацәа агым,
Аԥсҭбара иацу қьабзны иаԥҵоу.
Абар, шьҭа абла нҭаауеит амырхәага,
Ргәы ҿызкааз хьаауп ахәра ианҵоу.
Вахтанг Аԥҳазоу, 2009
🔺NB: Иацтәи анҵамҭа инашьҭарххны — Гәдоуҭатәи абаҟа иаанарԥшуеит аҽыбӷаҟаза инышәаҭараан имҩаԥыргоз аҽы́қәыргылара асиужет. Аҽыбӷақәыршә даҽакала "аҭарче́и" ҳәагьы иашьҭан. Ус анакәха, ари ажәа х-ҵакык шьҭнахуеит: 1 абираҟ; 2 аԥсхәраантәи аҽырхәмарра; 3 абӷақәыршә. Бзыԥтәи адиалект аҿы иуԥылоит авариант "аҽарҭе́и".

Алықьса Гогәуа ибызшәа, ирҿиамҭақәа зегьы неидкыланы аҵарауаа иазгәарҭахьеит, аԥсуа прозаҿы 60-тәи ашықәсқәа инадыркны ареформа ҳәа кыр ыҟазар, уи иара ихьӡ иадҳәалоуп ҳәа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы иҳәеит Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа реидгыла ахантәаҩы Вахтанг Аԥҳазоу.
"Ибызшәа хьынҭоуп ҳәа анырҳәо ҟалалоит, уи иззыхьанҭоу зхатәы бызшәа хьысҳаны издыруа рзоуп. Алықьса Гогәуа ибызшәа — беиоуп, ихьыршәыгәуп, иара иҩымҭақәа акырынтә ирыԥхьатәуп идунеи еилукаарц азы", — иҳәеит Аԥҳазоу.
Алықьса Гогуа дызнысыз амҩа даара аԥынгыла дуқәа рыцын, аха урҭ зегьы аԥышәа инаҭеит, даӡрыжәит ҳәа азгәеиҭеит Аԥҳазоу.
Аиҿцәажәара инарҭбааны шәазыӡырҩыр ҟалоит Sputnik асаит аҟны.
🖇 Лаҵарамза 7 рзы иԥсҭазаара далҵит аԥсуа классик Алықьса Гогәуа.
Гогәуа — Аԥсны Жәлар рышәҟәыҩҩы, Д. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа алауреат, Жәларбжьаратәи Адыгатәи аҭҵаарадыррақәа ракадемиа ҳаҭыр зқәу академик, Аԥсны Зҽаԥсазтәыз акультура аусзуҩы, "Ахьӡ-аԥша" аорден I аҩаӡара занашьоу, Аԥсны жәлар рфорум "Аидгылара" раԥхьатәи ахантәаҩы.

Аԥҳазоу Аԥсны Жәлар рышәҟәыҩҩы Алықьса Гогәуа изкны
Аԥсны Жәлар рышәҟәыҩҩы Алықьса Гогәуа иԥсҭазаара далҵит. Хәажәкыра 15 рзы иара 93 шықәса ихыҵит. Алықьса Гогәуа иҭижьхьеит 30 инареиҳаны ашәҟәқәа, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп иалкаау аҩымҭақәа еидызкыло хә-томк. Иара иажәабжьқәеи, иповестқәеи...
Media is too big
VIEW IN TELEGRAM
🔸Иахьа Аԥсны аҵыхәтәантәи имҩахь днаскьаргоит Жәлар рышәҟәыҩҩы Алықьса Гогәуа.
Илахьеиқәҵагоу ауснагӡатә мҩаԥысуеит Самсон Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа драматә театр аҟны.
🖇 Лаҵарамза 7 рзы иԥсҭазаара далҵит аԥсуа классик Алықьса Гогәуа.
Гогәуа — Аԥсны Жәлар рышәҟәыҩҩы, Д. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа алауреат, Жәларбжьаратәи Адыгатәи аҭҵаарадыррақәа ракадемиа ҳаҭыр зқәу академик, Аԥсны Зҽаԥсазтәыз акультура аусзуҩы, "Ахьӡ-аԥша" аорден I аҩаӡара занашьоу, Аԥсны жәлар рфорум "Аидгылара" раԥхьатәи ахантәаҩы.
Илахьеиқәҵагоу ауснагӡатә мҩаԥысуеит Самсон Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа драматә театр аҟны.
🖇 Лаҵарамза 7 рзы иԥсҭазаара далҵит аԥсуа классик Алықьса Гогәуа.
Гогәуа — Аԥсны Жәлар рышәҟәыҩҩы, Д. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа алауреат, Жәларбжьаратәи Адыгатәи аҭҵаарадыррақәа ракадемиа ҳаҭыр зқәу академик, Аԥсны Зҽаԥсазтәыз акультура аусзуҩы, "Ахьӡ-аԥша" аорден I аҩаӡара занашьоу, Аԥсны жәлар рфорум "Аидгылара" раԥхьатәи ахантәаҩы.
"Ааԥынтәи ақәа шьацаагагоуп" рҳәоит, ус иагьалагоит ааԥынтәи аиаҵәара агылара, аԥсабара аҿыхара.
Аԥсуаа ирымоуп ашықәс аамҭақәа рыҟалара зыхҟьази амзақәа рыхьӡ шыҟалази ирызку аҳәамҭақәа.
Ааԥынра шыҟалаз ҳәа еиҭарҳәоит абас еиԥш: "Ааԥын аԥхара ҟамлои, уи зыхҟьо убри ауп. Анцәа, Ааԥынра ианазааигәахалак, Амра иамихуеит хәҭа хәҷык. Нас, иааганы уи ахәҭа амшын иалаижьуеит. Нас уи аамышьҭахь амшын шуеит аҩнуҵҟала, аԥхара анаиулак. Убри иахҟьаны Ааԥынра ааиуеит", — ҳәа ҳанаҳәоит амифологиатә ҳәамҭа.
Ари аамҭа, иара убасгьы "ақәыџьма аӡы ианҭабылгьо" иадыркылоит, даҽакала иаҳҳәозар, аԥсабара ақәоура аныхҭанакуа.
Ааԥын иазку азгәаҭарақәак дырзааҭгылоит Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аҭҵаарадырратә усзуҩ Есма Ҭодуаԥҳа.

Ақәаԥсата, аԥсҭҳәа, апҟақәа: ааԥын шыҟалази уи адыргақәеи
Аԥсуа жәлар жәытә аахыс ирымоуп аамҭақәа разгәаҭарақәа. Ааԥын иазку азгәаҭарақәак дырзааҭгылоит Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аҭҵаарадырратә усзуҩ Есма Ҭодуаԥҳа.