Sputnik Аԥсны
610 subscribers
1.77K photos
2.77K videos
4.65K links
Ажәабжьқәа – аԥсышәала!

Шәнапы аҵажәҩы, шәазҿлымҳаз ҳхатәы бызшәала раԥхьаӡа акәны ицәажәо аканал
Download Telegram
This media is not supported in your browser
VIEW IN TELEGRAM
🔸Ԥсра зқәым архәҭа Аҟәа ақалақь иалсит.

Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду алахәылацәа рпортретқәа кны ицон урҭ рыуацәа — ашколхәыҷқәа, астудентцәа, аветеранцәа.

Урҭ рымҩа хацдыркит Аҟәа Ахақәиҭра ашҭаҟынтә. Леон имҩаду ианыланы аԥшаҳәаҟынӡа инеины, нас уи иаваланы арратә парад ахьымҩаԥысыз Идырым асолдаҭ ибаҟаҟынӡа инеит.
This media is not supported in your browser
VIEW IN TELEGRAM
Гагра араион Мқьалрыԥшь ақыҭан Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡаан иҭахаз аибашьцәа рбаҟа аадыртит.

Агәырӷьаратә усмҩаԥгатәи амитинги рхы аладырхәит аҭыԥантәи ахадара ахаҭарнакцәа, араионтә еизара адепутатцәа, ақыҭа ауааԥсыреи уи иалҵызи.

Мқьалрыԥшь ахада Альберт Авџьиан Sputnik ишазеиҭеиҳәаз ала, амемориал дыргылеит 1981 шықәса рзы, уи аахыс аремонт азуӡамызт.

"Амемориал аҭагылазаашьа бааԥсын. Ҳара уи акәша-мыкәша ҳрыцқьон, аха акомплекс ахаҭа аилаҳара иаҿын. Урыстәыла ахада Игрантқәа рфонд аҟынтәи аиҭашьақәыргыларазы миллион мааҭ азоушьҭын", — ҳәа иҳәеит иара.

Аиааира амш аламҭалазы амемориал ахь уназгоз амардуанқәа рыԥсахит, Идырым асолдаҭ ибаҟа рыцқьаны, еиҿкааны иҟарҵеит.

Иара убас, агәараанда ҿыци алашарбагатә шьаҟақәеи шьақәыргылан, ариаҵәаразы аусурақәа мҩаԥган.
Media is too big
VIEW IN TELEGRAM
Владимир Путини Бадра Гәынбеи москватәи Кремль Сенаттәи ахан аҿы Аиааира апарад аламҭалаз реиԥылараҟынтәи акадрқәа.

Путин Москваҟа агәырӷьаратә усмҩаԥгатәқәа рахь инеиз Гәынба иҭабуп ҳәа иеиҳәеит.

Уаҵәы Аԥсни Урыстәылеи рхадацәа аусутә еиԥылара мҩаԥыргоит, ҩганктәи аусеицура азҵаарақәа ирылацәажәоит.
Ҩ-еибашьрак ирылахәыз Бзыԥҭатәи арԥыс Борис Арлан ҩынтә аԥсра дацәцеит. Бааԥсыла дышхәызгьы, игәабзиара шьақәыргыланы иԥсадгьыл аҿаԥхьа аҵыхәтәанынӡа иуалԥшьа наигӡеит.

Борис Арлан Чехословакиагьы машәыршәа аԥсра дацәцоит. Асолдаҭцәа аминаршәгала ианрылахыс, Борис иҩызеи иареи раԥхьа арҭҟәацга каҳаит. Аха иаразнак иԥымжәеит. Ԥшьала иҳәазо жәаметрак ианацәыхараха, аҭәаҟәа иаватәеит, уи аамҭазы иаргьы ҭҟәацит. Иахькаҳаз адгьыл ҭнажааит, асолдаҭцәа ракәзар ахыԥҽыхақәа рықәԥсеит, аха рыԥсҭазаара иаԥырхагамхеит. Борис Арлан Берлин ауп Аиааира Ду амш дахьаԥылаз.

Борис Дмитри-иԥа Арлан иуаажәлар рыбжьара ҳаҭыр иқәын. Иеибашьратә лшамҭақәа рзы ианашьан хыԥхьаӡара рацәала аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа: "Аџьынџьтәылатә еибашьреи", "Аиаҵәа ҟаԥшьи" аорденқәа, "Прага агарази", "Берлин агарази" амедалқәа уҳәа.

Аҭоурых анҵоуп Борис иԥа Валери иажәақәа рыла.

Инарҭбаау аматериал шәаԥхьар ҟалоит абри азхьарԥш ала — Аиааира ду ҳзаазгаз — 80 шықәса.
This media is not supported in your browser
VIEW IN TELEGRAM
🔸Аныҳәатә концерт мҩаԥысит Идырым асолдаҭ ибаҟа аҿаԥхьа.

Асцена аԥхьа ашҭаҿы еизеит шәҩыла қәрала еиуеиԥшым Аԥсны аҳҭнықалақь ауааԥсыреи асасцәеи, амаланыҟәатә мҩасреи Ԥсра зқәым архәҭеи рлахәылацәа. Аибашьра ашәақәа еицырҳәон, адәаҿы еиҿкааз асолдаҭцәа рыфатә агьама рбон.

Иахьа Ахақәиҭра ашҭаҿы даҽа концерт дук мҩаԥысраны иҟоуп. Анаҩс, асалиут ҟалоит.
This media is not supported in your browser
VIEW IN TELEGRAM
РУСДРАМ артистцәа Аиааира амш иазкны Екатеринбург имҩаԥгаз аконцерт аҿы иқәгылеит.

Џьамбул Жорданиа, Осман Абыхәба, Саид Лазба, Леон Ӷәынџьиа инарыгӡеит ашәа "Аиааира ду амш". Уи Жорданиа ихаҭа иҩит Аԥсны жәлар рпоет Баграт Шьынқәба иажәеинраалақәа рыла.

РУСДРАМ "Агастроль дуқәа" ирылагеит лаҵарамза 2 рзы, урҭ х-қалақь дуқәак рҿы имҩаԥысуеит – Пермь, Екатеринбург, Челиабинск. Апрограмма Урыстәыла Акультура аминистрра анапынҵала Росконцерт инанагӡоит.
Media is too big
VIEW IN TELEGRAM
Адунеи аҿы зегь иреиҳау Аиааира абираҟ ДЖәР еиҵырхит.

Акциа "Непокоренные" амемориалтә комплекс Саур-Могила аҿы имҩаԥысит ҳәа РИА Новости акорреспондент иааицҳауеит.

Абираҟ аура — 65 метра, аҭбаара — 35 метра. Уи акапан 370 килограмм инаӡоит, аха иҷыдоу аба иалхуп аҟынтә аԥша бзианы иаҵашәыршәыруеит.

ДЖәР аҟынтәи ари абираҟ Урыстәылеи Белоруссиеи рықалақьқәа 14 рахь иргоит. Акциа лаҵарамза анҵәамҭазы Севастополь ақалақь аҿы ихыркәшахоит.

📎 Аиааира абираҟ – 150-тәи Кутузов иорден II аҩаӡара змоу Идрицтәи ахысратә дивизиа иатәу ажәыларатә бираҟ ауп. Уи Берлин Реихстаг ахыбраҿы 1945 шықәса лаҵарамза 1 азы иқәдыргылеит Ар Ҟаԥшь аибашьцәа Михаил Егорови, Мелитон Канҭариеи, Алексеи Берести.
This media is not supported in your browser
VIEW IN TELEGRAM
Аԥсны араионқәа зегьы рҿы Аиааира 80 шықәса ахыҵра иазку аусмҩаԥгатәқәа мҩаԥысуеит.

Уи рхы аладырхәуеит астудентцәеи, иҭахаз афырхацәа рыуацәеи, ҳтәыла ауааԥсыреи асасцәеи.

Аԥсны акырџьара аныҳәа аламҭалазы абаҟақәа еиҭашьақәдыргылеит. Убас, иахьа ақыҭақәа Баслахә, Мықә, Лӡаа абаҟақәа аадыртит. Уаҟа аусурақәа мҩаԥган Урыстәыла ахада игрантқәа рфонд ахарџь ала.

📎 55-нызқьҩык инареиҳаны Аԥсны аԥацәеи аԥҳацәеи афронт ахь ицеит, урҭ рахьынтәи 17-нызқьҩык инареиҳаны рышьҭахьҟа изыхнымҳәит. 22-ы Асовет Еидгыла Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ҳаракы рыхҵоуп. Хҩык Ахьӡ-Аԥша аорден акавалер нагӡа ранашьоуп.
Аԥсны актәи аҭыԥ ааннакылеит VII Жәларбжьаратәи ахәыҷтәы шахматтә онлаин-еицлабра "Единый мир" аҿы.

Агәыԥ аҿы иҟан Сарида Лакәатааԥҳа, Сариа Лакәаԥҳа, Мирра Смырԥҳа, Петрос Казанџьиан, Георги Георгиан, Армен Топчиан, Богдан Турков, аҵыхәтәантәи хаҭалатәи аицлабрақәа рҿы ахьтәы медал игеит.

Аицлабрақәа Аиааира 80 шықәса ахыҵра иазкын, еиҿкаан швеицариатәи асистема 10 раундк рыла, хаҭалатәии гәыԥлатәии аицлабрақәагьы уахь иналаҵаны ҳәа аанацҳауеит Аҳәынҭспортеилакы.

Аицлабра иалахәын Аԥсны, Аахыҵ Уаԥстәыла, Урыстәыла, Виетнам, Ҭырқәтәыла, Словениа, Египет, Иорданиа, Марокко, Иапониа, Ефиопиа, Ливан рҟынтәи аспортсменцәа.
Ҳтәыла ду амца анакуаз, Аԥсны аҵеицәа аӡәырҩы реиԥш, ҳаԥсуа шәҟәыҩҩцәеи ҳпоетцәеи аӷа иҿагылан хацәнымырха еибашьуан. Урҭ рыбжьара иҟоуп хьыӡла-ԥшала иҭахазгьы, еибганы ихынҳәны зырҿиара иацызҵазгьы.

Леуарса Кәыҵниа, Сҭеԥан Қәычбериа, Қьаазым Агәмаа, Алықьса Џьонуа, Ҷиҷико Џьонуа, Џьота Тапаӷәуеи, Сандро Сангәлиа, Шьалуа Сангәлиа, Шамил Аҟәысба, Миха Лакрба, Платон Ҷкадуа, Нури Бараҭелиа, Михаил Гочуа — абарҭ аԥсуа шәҟәыҩҩцәа ркалам нышьҭаҵан рыԥсадгьыл ахьчара иазгылеит.

Ажурнал "Алашара" аредактор хада Анатоли Лагәлаа ҳаԥхьаҩцәа даҽазныкгьы иргәалаиршәоит аԥсуа шәҟәыҩҩцәа-еибашьцәа иаԥырҵаз зеиӷьаҭам аибашьра иазку аҩымҭа ссирқәа.
Ԥыхьатәи асовет еидгыла иқәынхоз ауааԥсыра аӡәырҩы ибзианы ирдыруеит афильм "Отец солдата", аха зегьы ирыздырӡом шьаҭас иамау изҭоурыху.

Асовет Еидгыла и-Афырхаҵахараны иҟаз, Аԥсны иалҵыз Ражьден Барцыц маӡала афронт ахь дцоит.

Актәи адунеизегьтәи аибашьра иалахәыз, "Аԥсуаа рышәк" аҽыбӷаҟаза Ражьден иаб Миха иҷкәын дырхәит ҳәа аниаҳа тамантәи ахәшәтәырҭахь амҩа дықәлеит. Уа даннеи, Ражьден имаҵурахьы дшыхынҳәыз еиликаан, афронт ахь дцеит иԥшааразы.

Ражьден Барцыц аибашьрахьтә даныхынҳә ашьҭахь атуристтә усхкы аҿы аусура далагеит, ҽнак зны Риҵа диқәшәеит еицырдыруа актиор Серго Закариаӡе, уи изеиҭеиҳәеит аҭаацәаратә ҭоурых. Анаҩс ари ажәабжьтә фильм ҭыҵит.

"Иҟалап, Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡаан абас еиԥш иҟоу ажәабжьқәа жәабала, шәкыла иҟазҭгьы. Иҟалап, Георги Махарашвили еилаҵоу персонажзар, аха ара сара сҭаацәа рҭоурых шьаҭас иамоуп", — ҳәа азгәалҭеит Афырхаҵа имаҭа Натали Аргәынԥҳа.

Ражьден Барцыц изку аматериал шәаԥхьар шәылшоит Sputnik асаит аҟны.
Мгәыӡырхәатәи арԥыс, абиԥазаҵә Иасон Матуа хабарда дыбжьаӡит Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду ахыркәшамҭаз. Ааигәанӡа иара хабарда ибжьаӡыз ҳәа дыԥхьаӡан.

Кавказ ахьчара иалахәыз Иасон, арратә ҽазыҟаҵара данахысуаз, иӷәӷәареи еиҿкаашьеи збаз адҵаҟаҵаҩцәа, асолдаҭцәа драԥхьагыланы Ԥсҳәыҟа ддәықәырҵоит. Анаҩс, Иасон Белоруссиатәи афронт аҿы деибашьуан, днаӡоит Варшаванӡа.

Ажәабжь анҵоуп Иасон иҭынха Павел Матуа иажәақәа рыла.

Инарҭбаау аматериал шәаԥхьар ҟалоит абри азхьарԥш ала — Аиааира ду ҳзаазгаз — 80 шықәса.
Forwarded from Ахьыуардын
Ақалақь-фырхаҵа Гәдоуҭа агәҭа игылоу Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҿы иҭахаз рбаҟа амонументалтә ҟазара иреиӷьӡоу аҿырԥштәқәа иреиуоуп. Аскульптор нага Марина Ешԥҳаи архитектор Ҭамара Лакрԥҳаи иаԥырҵаз ари абаҟа аиԥш зеиԥшу даҽак ыҟамызт адунеи аҿы. Аԥхьаӡа инаргыланы, акомпозициатә еиҿкаашьала. Иара иаанарԥшуеит ҳажәлар ари Аиааира ишахҭнырҵаз ирымоу иреиӷьыз — иреиӷьыз рҵеицәа зықьҩыла.

Хадара зуа Ан-аԥсадгьыл лхаҿсахьа арыӷьарахьала иаҳбоит Аҭарчеи асиужет — ԥсыуала аџьабара, ԥсыуала афырхаҵа имҩаԥгара. Иҳәатәуп, Ешԥҳа абаҟа аидеиа даназхәыцуаз аамҭақәа рзы аԥсуаа хаз милаҭны ҳшыҟоу, ҳхатә ҵас-қьабзқәа шҳамоу атәы иаахтны аҳәара ус иагьшымариамыз. Аха лыгәҭакы налыгӡеит, аԥсуа цәа зху абаҟа лчаԥеит. Уавсцыԥхьаӡа улаԥш адхало, ицырцыруа игылоуп иахьагьы. Иҿымцәаауа амца аҭыԥ аханатә иазгәаҭаны.

Абаҟа аартын 1980-тәи ашықәсқәа ралагамҭазы. Ауаа иргәаԥхеит даара, лхаа уи аҩызак дара рқыҭангьы иҟаларц аҳәара ҟарҵеит, аԥара еизыргеит. (Лыхнытәи абаҟагьы авторс дамоуп Марина Ешԥҳа).

Аҭарчеи (поминальные скачки) — хьӡи-ԥшеи зырҳаз ахаҵа инышәаҭараан, нас иԥсхәраан имҩаԥыргоз ҽырхәмарроуп. Лымкаала иара иадҳәалоу атерминқәа ҳамоуп. Аԥсы дандәылыргалак иҽы ықәдыргылон абӷақәы́ршә еиқәаҵәа ахаршәны, уи аҽы́қәгыла ахьӡын. Аҭарчеи агара зылшашаз аҽы аҽӷы́жәаа ҳәа иашьҭан.

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
This media is not supported in your browser
VIEW IN TELEGRAM
Аахыҵ Уаԥстәылеи, Аԥсни, Белоруссиеи рхадацәа аиҩызаратә еицәажәара мҩаԥыргоит Урыстәыла ахада ихьӡала Кремль Аиааира 80 шықәса ахыҵра азгәаҭара иазкны имҩаԥгаз адкылараҿы.
Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡаҿы игаз Аиааира аиубилеии Гиви Смыр диижьҭеи 80 шықәса аҵреи ирызкыз ацәыргақәҵа аатит Афон ҿыц.

Афонҿыцтәи аҳаԥы аартҩы игәалашәара иазкны Гиви Смыр икультуратә центр аҿы иаатит афотоцәыргақәҵа "Аԥсҭазаара аԥштәы лашақәа". Уаҟа ицәыргоуп Смыр иԥсҭазаара еиуеиԥшым аамҭақәа рзы иҭихыз 250 усумҭа.

"Аныҳәа еиҿкаауп Аҟәа, Афон ҽыц, Гәдоуҭа, Аҷандара рҟынтәи ахәыҷтәы хореографиатәи аинструменталтәи ансамбльқәа рықәгыларақәа рыла. Ацәыргақәҵа рхы аладырхәуеит Аԥсны мацара акәымкәа Урыстәылантәигьы 70-ҩык рҟынӡа аҟазацәа", — ҳәа азгәалҭеит акультуратә центр аиҳабы Гиви Смыр иԥшәмаԥҳәыс Жаклин Чачибаиа.

Ацәыргақәҵа мҩаԥысуеит лаҵара 11-нӡа. Ахыркәшаратә мшы аҽны, Афонҿыцтәи Акультура аҩны аҟны идырбахоит ателеканал "Абаза-ТВ" иҭнахыз адокументалтә фильм "Гиви Смыр: Аҭынха".

📎 Асахьаҭыхҩы, аскульптор Гиви Смыр диит лаҵара 9 1945 шықәсаза Афон ҿыц ақалақь аҿы. 16 шықәса анихыҵуаз, "ҵа змам аҭыша" ҳәа изышьҭаз аҳаԥы дҭалеит. Усҟан арԥыс 30-40 метра аҵаулараҿы даангылеит, избанзар ԥхьаҟа уззымиааиуа ҭыҳәҭаны иҟан.

Смыр ԥыҭрак ашьҭахь аспелеологцәа гәыԥҩык иманы аҭҳәаахь дхынҳәит. Абас ауп Афонҿыцтәи аҳаԥы шыԥшааз.

Гиви Смыр идунеи иԥсахит 71 шықәса шихыҵуаз лаҵара 18 2016 шықәсазы. иԥсҭазаара далҵит, 71 шықәса рзы.
This media is not supported in your browser
VIEW IN TELEGRAM
🔸Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡаҿы игаз Аиааира 80 шықәса ахыҵра иазку аныҳәатә концерт алагеит Аҟәа Ахақәиҭра ашҭаҿы.

Аусмҩаԥгатә рхы аладырхәит Аԥсны ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа, аԥыза-министр Владимир Делба, Жәлар Реизара-Апарламент аиҳабы Лаша Ашәба.

Аусмҩаԥгатә алагеит Аиааира иацу агәырӷьареи аибашьратә гәыхьи ирызку атеатралтә қәгыларала.

Анаҩс, хыԥхьаӡара рацәала ахәылԥаз асасцәа рҿаԥхьа иқәгылеит Чычба ихьӡ зху Аҟәатәи аҳәынҭқарратә музыкатә ҵараиурҭа ахор, агәыԥ "Аԥсны-67", Ҭемыр Ҭаниа, Хьыбла Мықәба уҳәа ашәаҳәаҩцәа аӡәырҩы.

Дара инарыгӡеит еицырдыруа аибашьратә ашәақәа: "Война священная", "На безымянной высоте", "Смуглянка", "Журавли", иара убас "День Победы".
This media is not supported in your browser
VIEW IN TELEGRAM
Абас, гәырӷьарыла иазгәарҭеит Аԥсны мрагыларатәи араионқәа рҿы Аиааира 80 шықәса ахыҵра амш.

Гал амш алагеит Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡаҿы иҭахаз рбаҟа амҵан ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵарала. Анаҩс имҩаԥган Аԥсни Урыстәылеи рыруаа злахәыз апарад.

Очамчыра амҩадуқәа ирнысит Ԥсра зқәым архәҭа — зықьҩык инареиҳаны ауаа аибашьра иалахәыз рҭынхацәа рфотосахьақәа рыманы инеит. Анҟәара ашьҭахь имҩаԥысит аныҳәатә концерт.

Аиааира Ду амш азгәарҭеит Тҟәарчалгьы. Акультура Аҩнаҿы имҩаԥысит аныҳәатә концерт, уи аҿаԥхьа ашҭаҿы еиҿкаан аспорттә еицлабрақәа, иаадыртит адәытәи акҿаҩра.

📎 55-нызқьҩык инареиҳаны Аԥсны аԥацәеи аԥҳацәеи афронт ахь ицеит, урҭ рахьынтәи 17-нызқьҩык инареиҳаны рышьҭахьҟа изыхнымҳәит. 22-ы Асовет Еидгыла Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ҳаракы рыхҵоуп. Хҩык Ахьӡ-Аԥша аорден акавалер нагӡа ранашьоуп.
Каракас ақалақь аҿы Реихстаг Аиааира абираҟ ахаргылара аазырԥшуа аскульптуратә композициа ашьақәыргылара хыркәшоуп.

Абаҟа аргылара иӡбеит Венесуела ахада Николас Мадуро. Иара иаарласны иаартхоит Афашизм аиааира ашҭа хадаҿы ҳәа аанацҳауеит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра.

Аџьазтә баҟа агылара — 15 метра. Уи Урыстәылеи Венесуелеи реиҩызареи СССР афашизм аҿагылараҿы иҟанаҵаз алагала азхаҵареи иасимволуп.
Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡеи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьреи рфырхацәа рымемориалқәа 80% рҟынӡа еиҭашьақәыргылоуп.

Иаанхаз абаҟақәа рҿы аусурақәа хыркәшахоит иааиуа ҩымчыбжь рыла ҳәа азгәалҭеит ацентр "Гарант" анаԥхгаҩы Марина Михаилова.

Аха ари ашьҭахь апроект "Аԥхьаҟатәи ацҳа" хыркәшахаӡом, избан акәзар уи ахықәкы хада, аҭыԥантәи апроблемақәа ауааԥсыра рмчала аӡбара шрылшо аарԥшра ауп.

"Ҳара иаҳҭахуп Урыстәыла активла аус зуеи Аԥсны активла аус зуеи реибадырра. Иҟалап, абри аибадырра иахылҿиаар апроект ҿыцқәагьы",
— ҳәа лҳәеит Михаилова.

📎 Апроект иалахәуп 82 қыҭа. Аусурақәа рынагӡаразы Урыстәыла ахада игрантқәа рфонд аҟынтәи 77 миллион мааҭ инареиҳаны иазоурышьҭхьеит.