Sputnik Аԥсны
659 subscribers
1.21K photos
2.14K videos
3.25K links
Ажәабжьқәа – аԥсышәала!

Шәнапы аҵажәҩы, шәазҿлымҳаз ҳхатәы бызшәала раԥхьаӡа акәны ицәажәо аканал
Download Telegram
Ажьырныҳәамза 9 рзы Аԥсны Аҳәынҭавтоинспекциа аусзуҩцәа амҩатә ԥҟарақәа реилагарақәа 284 аадырԥшит.

Фҩык амашьынаныҟәцаҩцәа арыжәтә ыжәны иҟан, убри аҟнытә урҭ шықәсыбжак рыҩнуҵҟа аныҟәараз азинқәа рымхуп.

Акадрқәа реиҭныԥсахрала ирӷәӷәоу агәаҭарақәа атәыла араионқәа зегьы рҿы имҩаԥысит, ҷыдала азхьаԥшра ҟаҵан Аҟәа ҳәа аанацҳауеит Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра апресс-маҵзура.
Абиуџьет аҟынтәи аулафахәы зауа жәабранмзазы ирзыршәо ԥхынҷкәынмзазы еизгаз ахашәалахәы иадҳәалахоит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит афинансқәа рминистр инапынҵақәа назыгӡо Владимир Делба.

"Иахьатәи аҭагылазаашьаз мацара акәымкәа, есышықәса ашықәс алагамҭазы ҳҭагылазаашьа уадаҩуп. Аамҭақәак рышьҭахь, жәабранмза алагамҭазы, ари атема еиҳа инарҭбааны алацәажәара алыршахоит", — ҳәа иҳәеит иара.

Делба иазгәеиҭеит абиуџьет аҟынтәи аулафахәы зауа рзы ажьырныҳәамзатәи ашәарақәа шазԥхьагәаҭам, избан акәзар урҭ ԥхынҷкәынмзазы иҟаҵан.
Алхратә комиссиа хада Аԥсны ахадарахьы ԥшьҩык акандидатцәа ашәҟәы иҭанагалеит: Бадра Гәынба, Адгәыр Арӡынба, Олег Барцыц, Роберт Аршба.

📎 Аҳәынҭқарра ахада заанаҵтәи иалхрақәа мҩаԥысуеит жәабранмза 15 рзы.
Аԥсны аҳәынҭқарра ахадарахьы акандидатцәа инарываргыланы Аԥсны Алхратә комиссиа хада аҳәынҭқарра ахада ихаҭыԥуаҩрахь акандидатцәа ашәҟәы иҭанагалеит.

Беслан Бигәаа Бадра Гәынба дицнеиуеит, Алхас Џьынџьал - Адгәыр Арӡынба, Дауҭ Агрба - Роберт Аршба, Адгәыр Какоба - Олег Барцыц.

Аԥсны аҳәынҭқарра ахадарахьы акандидатцәеи аҳәынҭқарра ахада ихаҭыԥуааи рзы аршаҳаҭгақәа ҩымш рыҩнуҵҟала ирыҭахоит.
Аԥсабаратә шәарҭарақәеи рхылаԥшреи иазкны имҩаԥгаз аусмҩаԥгатәқәа, аԥсаатәқәеи аҵиаақәеи ирызкны русура ишацырҵаз, иара убас ахәыҷқәа аԥсабара абзиабара рылааӡаразы еиҿыркаауа ауснагӡатәқәа уҳәа дырзааҭгылеит арадио Sputnik аинтервиу азҭаз Риҵатәи ареликттә милаҭ парк аҭҵаарадырратә ҟәша аиҳабы Инга Ҭаниаԥҳа.

"Даара гәахәала иаҳҳәаратәы ҳаҟоуп — Ауадҳара ишықәыргылоу аҳауатә станциа. Уи аус адиулоит Тәанба Ҭемыр. Ари аметеостанциа ҳарҭеит Урыстәылатәи аилахәра "Минимакс". Ари ашықәс азы аус шауа, аинформациа шҳанаҭо гәаҳҭоит. Анаҩс аԥхьаҟа уи аахәаразы ҳазхәыцуеит", — лҳәеит Ҭаниаԥҳа.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит абра.
This media is not supported in your browser
VIEW IN TELEGRAM
Аҟәа ақалақь аҿы анхарҭатә ҩны амца акит ашьыжь шаанӡа, ажьырныҳәа жәаба рзы.

Амцарцәаҩцәа ааиаанӡа, Март ааба амҩаду аҟны игылоу аҩны амцабз иамҽханакхьан ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аҟәеи Аҟәа араиони рҟны Амцацәыхьчаратә ҟәша аиҳабы Ҭемыр Кәыҵниа. Актәи аихагылаҿы иҟаз ауадақәа ахәҭак реиқәырхара алыршахеит, аҩбатәи аихагыла блит.

Аӡәгьы ааха имоуӡеит, абылра зыхҟьаз шьақәдыргылоит.

Авидео © Аԥсны АҶА
Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрраҿы анаркотик маҭәашьарқәа ршәарҭара, агәабзиареи, аҭаацәаратә қьабзқәеи рыларҵәареи ирызку иреиӷьу авидеосахьа азы аицлабра аихшьаалақәа ҟарҵеит.

Аицлабра мҩаԥысит асоциалтә проект "Ҳицхырааны аԥсҭазаара еиқәҳархап" аҳәаақәа ирҭагӡаны, 350-ҩык инареиҳаны ахәыҷқәеи, арҵаҩцәеи, ааӡаҩцәеи рхы аладырхәит ҳәа аанацҳауеит Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра. Уи адагьы, атәыла ашколқәа зегьы рҿы имҩаԥган алекциақәеи апрофилактикатә еицәажәарақәеи.

Актәи аҭыԥ ааныркылеит Гагратәи амедицинатә техникум астудентцәа, апроект аиҿкааҩ — Гәында Ҳаразиа.

Аҩбатәи аҭыԥ ааныркылеит Владлена Ҵәыџьԥҳа еиҿылкааз Аҟәатәи аҳәынҭқарратә коллеџь ахаҭарнакцәа.

Ахԥатәи аҭыԥ — Светлана Касланӡиаԥҳа еиҿылкааз Аҟәатәи амедицинатә коллеџь астудентцәа.

Ахәаԥшцәа иалыркааз аҳамҭа даԥсахеит Гәдоуҭатәи аҩбатәи ашкол арҵаҩы Алина Ҭаркьылԥҳа.
Алхраԥхьатәи акампаниа мҩаԥысуанаҵы Бадра Гәынба Аԥсны ахада инапынҵақәа рынагӡара аҟынтәи ихы дақәиҭтәуп.

Азакәанԥҵара инақәыршәаны аҳәынҭқарра ахада иуалԥшьақәа наигӡоит аԥыза-министр ин.н. Валери Бганба ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит АКХ алахәыла Алиас Бранӡиа.

Уаанӡа, Алхратә комиссиа хада Аԥсны ахадарахьы ԥшьҩык акандидатцәа ашәҟәы иҭанагалеит, уи инаркны дара агитациақәа рымҩаԥгара рылшоит.

Бранӡиа иажәақәа рыла, Адгәыр Хәырхәмал ишәҟәқәа акомиссиаҿы агәаҭара иаҿуп.

📎 Валери Бганба ҩынтә атәыла ахада инапынҵақәа наигӡахеит — 2014, 2020 шықәсқәа рзы.
Sputnik Аԥсны
Алхраԥхьатәи акампаниа мҩаԥысуанаҵы Бадра Гәынба Аԥсны ахада инапынҵақәа рынагӡара аҟынтәи ихы дақәиҭтәуп. Азакәанԥҵара инақәыршәаны аҳәынҭқарра ахада иуалԥшьақәа наигӡоит аԥыза-министр ин.н. Валери Бганба ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит АКХ алахәыла Алиас Бранӡиа.…
Аԥсны аҳәынҭқарра ахада ин.н. Бадра Гәынба аԥсшьара дцеит, атәыла ахадарахьы кандидатс дахьықәгылоу инамаданы.

Уи адагьы, аҳәынҭқарра ахада ихаҭыԥуаҩразы акандидатс иҽҭаҩра инамаданы, Очамчыра араион ахада Беслан Бигәаа аԥсшьара дцеит. Аҭакԥхықәрақәа идҵоуп актәи ихаҭыԥуаҩ Артимон Габелаиа ҳәа аанацҳауеит атәыла ахада ипресс-маҵзура.

📎 Иахьа, Алхратә комиссиа хада ашәҟәы иҭанагалеит аҳәынҭқарра ахадарахьы ԥшьҩык акандидатцәа – Бадра Гәынба, Роберт Аршба, Адгәыр Арӡынба, Олег Барцыц, иара убас аҳәынҭқарра ахада ихаҭыԥуаҩразы акандидатцәа.
Асезон иалагазар 36 нызқь тонна инареиҳаны амандарина Аԥснынтә Урыстәылаҟа идәықәырҵахьеит.

12,2 нызқь тонна рыла еиҳауп ҵыԥх абри аамҭаз ииаргахьаз аасҭа ҳәа Sputnik иазеиҭарҳәеит Аԥсны Аҳәынҭқарратә аҳазалхратә еилакы аҟны.
Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәа Аҟәа ақалақь аҟны ирыԥшааит амаининг-фермақәа ԥшьба.

Дара ԥшаан Уасил Лакәаба, Кьараз, Чалмаз рымҩадуқәа рҿы иҟоу аҩнеихагылақәа рҿы, иара убас Чалмаз имҩаду аҿы иҟоу ахыбра аӷәраҵан.

Иааидкыланы акриптовалиута арҳагатә хархәагақәа 18 рылгоуп. Афермақәа зтәу Геннади Чачхалиа, Геннади Кәыҵниа, Демур Џьынџьилаа, Анри Шәлымба рганахьала административтә ҧкаанҵақәа шьақәыргылоуп ҳәа аанацҳауеит Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра.
Урыстәылатәи Аҳауаҽацәыхьчаратә хархәагақәа уахык ала украинатәи адронқәа 85 карыжьит ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.   

▪️31 — Амшын еиқәа аӡымҽхак аҟны;
▪️16-16 — Воронежтәи аобласти Краснодартәи атәылаҿацәи рҿы;
14 — Азовтәи амшын,  
▪️4 — Белгородтәи аобласт аҿы;
▪️2 — Тамбовтәи;
▪️1-1 — Курсктәи аобласт аҿы, Ҟрым.
Ирҳәоит ауаҩы даниуа ициуеит иара иеҵәахәгьы ҳәа, убри аҟнытә аԥсуаа рдунеихәаԥшраҿы аеҵәа акыдшәара ауаҩы иԥсра иадыркылоит. Иаҳҳәозар, ауаҩы данырныҳәо, ражәа иалаҵаны ирҳәоит: "уеҵәахә камшәааит!" ҳәа.

Аеҵәақәа аҵак ду рыҭаны ирыхәаԥшуан, рынхашәа-нҵышәа иадырҳәалон. Ага иҟа, ашьха иҟа, аеҵәа ажәҩан ишкыду ала амҩақәа рхырхарҭақәа еилыркаауан, амш зеиԥшрахоз алагәарҭон.

Иахьагьы иҟоуп аиҳабацәа аеҵәақәа ирызку адыррақәа здыруа, урҭ ирыдҳәалоу азгәаҭарақәа азхазҵо.

Аԥсуа жәлар разгәаҭарақәа рҟны аеҵәақәа ҭыԥс иааныркыло шәаԥхьара шәылшоит абра.
Иаха зымчхара ӷәӷәамыз адгьылҵысрақәа ҟалеит Шәача.

Реиҳа иӷәӷәаз ҟалеит асааҭ 04:47 рзы, уи амчхара — 3,5 балл иҟан.

Адгьылҵысра ҟалеит 20 километр араион маҷ Быҭха инацәхыкны. Кавказтәи ашьха-ҿақәа реизҳара ауп адгьылҵысрақәа зыхҟьаз ҳәа РИА Новости иазеиҭалҳәеит асеисмологиатә станциа аиҳабы Елена Карпович.

Адгьылҵысрақәа ақалақь аҩнуҵҟа ԥырхага ҟарымҵеит, аӡәгьы ааха имоуит.
Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа Венесуела ахада Николас Мадуро иҭоубашьҭаҵара далахәын.

Каракас иҟоу Афедералтә закәанԥҵаратә хан аҟны имҩаԥысуаз аҭоубашьҭаҵара иалахәын 125 тәыла рхаҭарнакцәа, иара убас атәылаҟны аккредитациа змоу адипломатцәа, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны АдәАР.

🖇 Николас Мадуро атәыла дахагылеит 2013 шықәсазы. 2024 шықәса рашәарамзазы имҩаԥысуаз алхрақәа рылҵшәақәа рыла, иара хәышықәса ҳәа атәыла хадас деиҭалхын.

Венесуела Аԥсны Ахьыԥшымра азханаҵеит цәыббра 10 2009 шықәса рзы.

Афото © Аԥсны АдәАР
This media is not supported in your browser
VIEW IN TELEGRAM
⚡️🔸Аҟәа, ақаҳуажәырҭа "Бисквит" аҟны аиҿахысра ҟалеит.

Хҩык Аԥсны атәылауаа бџьармцалатәи ахәрақәа рыманы Ареспубликатә хәышәтәырҭахь инагоуп.

АҩАР апресс-маҵзура Sputnik ианаҭаз аинформациа ала, гәҩарас ирымаз даанкылоуп. Аҭыԥ аҟны аус руеит азинхьчаратә усбарҭақәа русзуҩцәа, иҟалаз зыхҟьаз ҭҵаахоит.
Sputnik Аԥсны
⚡️🔸Аҟәа, ақаҳуажәырҭа "Бисквит" аҟны аиҿахысра ҟалеит. Хҩык Аԥсны атәылауаа бџьармцалатәи ахәрақәа рыманы Ареспубликатә хәышәтәырҭахь инагоуп. АҩАР апресс-маҵзура Sputnik ианаҭаз аинформациа ала, гәҩарас ирымаз даанкылоуп. Аҭыԥ аҟны аус руеит азинхьчаратә…
Аԥсны ахада ин.н. Валери Бганба Аҟәа иҟалаз аиҿахысра инамаданы азинхьчаратә усбарҭақәа рхадацәа алархәны аизара мҩаԥигоит.

Аԥсны АҩАР, АшәМ, Ацентр Ҷыдеи русура рӷәӷәоуп, абри атәы аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.
This media is not supported in your browser
VIEW IN TELEGRAM
Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Дума ахантәаҩы Виачеслав Володин венесуелатәи ахада Николас Мадуро иҭоубашьҭаҵара далахәын.

Урыстәыла ахаҭарнак иаҳасабала Володин Каракасҟа днеит Владимир Путин инапынҵала ҳәа аанацҳауеит "Дума ТВ".

Аҭоубашьҭаҵара ашьҭахь Володини Мадурои еиԥылеит, урыстәылатәи ахада Мадуро ииааира шидиныҳәало иеиҳәеит. Иара иазгәеиҭеит "ЕАА ақәыӷәӷәара шыҟарҵозгьы, алхрақәа закәаншьаҭа аманы имҩаԥган" ҳәа.
This media is not supported in your browser
VIEW IN TELEGRAM
Аҟәатәи акаҳуажәырҭаҿы иҟалаз аиҿахысра амҩан иқәыргылоу авидеорбагақәа иҭырхит.

Хҩык ҭахеит. АҩАР апресс-маҵзура ишаанацҳауа ала, гәҩарас ирымаз даанкылоуп. Иҟалаз зыхҟьаз аилкааразы аусҭҵаара иаҿуп.
⚡️Аҟәа апрокуратура ашьаус хацнаркит акаҳуажәырҭа "Бисквит" аҿы иҟалаз аиҿахысра инамаданы.

Гәҩарас ирымоу — 41 шықәса зхыҵуа Аслан Дочиа даанкылоуп, ацәгьоура злаиуз абџьар имхуп ҳәа аанацҳауеит Аҧсны апрокуратура хада апресс-маҵзура.

Аиҿахысраан иҭахеит хҩык атәылауаа: 38 шықәса зхыҵуаз Нарсоу Жьиба, 36 шықәса зхыҵуаз Ешсоу Жьиба, 43 шықәса зхыҵуаз Лашарела Кәыҵниа.