Sputnik Аԥсны
372 subscribers
981 photos
1.86K videos
2.53K links
Ажәабжьқәа – аԥсышәала!

Шәнапы аҵажәҩы, шәазҿлымҳаз ҳхатәы бызшәала раԥхьаӡа акәны ицәажәо аканал
Download Telegram
Аԥсны аиҳабыра 2025 шықәсазтәи Амҩатә фонд абиуџьет шьақәдырӷәӷәеит.

Ахашәалахәқәеи ахарџьқәеи рымҽхак 160 миллион мааҭ артәоит ҳәа иҳәеит Афонд ахантәаҩ ихаҭыԥуаҩ Витали Ҵәыџьба, Аминистрцәа реилазаара аилатәараҿы иқәгылараан.

Ахашәалахәы атранспорт зхатәу рҟынтәи абылтәы-хьшьтәы материалқәа рзы ашәахтәқәа рыла ишьақәгылоит. Иааиуа ашықәс азы уи 23% рыла аизҳара азгәаҭоуп.
Аминистрцәа реилазаара аилатәараҿы Арепатриациа афонд абиуџьет шьақәдырӷәӷәеит.

Иааизакны афонд ахашәалахәы 385,13 миллион мааҭ ҟалоит, уи ахарџьқәа ираҟарахоит.

Афонд анагӡаратә директор ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Џьынџьал иажәақәа рыла, абиуџьет ахашәалахәы 2024 шықәса иаҿырԥшны 73 миллион мааҭ ала еизҳауеит, ахарџь 42 миллион мааҭ ала еиҵахоит.

Иара убас, аилатәараҿы 2024 шықәсазтәи абиуџьет аҿы аиҭакрақәа аларгалеит, ахарџьқәа 92,8 миллион мааҭ рыцҵаны.
Аԥсны ауааԥсыра Урыстәыла даара ибзианы иазыҟоуп ҳәа иҳәеит Аԥсны КСОРС ахантәаҩы Олег Иурченко Москва имҩаԥысуаз VIII Адунеизегьтәи аџьынџьуаа рконгресс аҿы.

Иара инаҵшьны иазгәеиҭеит, арратә операциа ҷыда ахьымҩаԥысуа ишҭахахьоу 50-ҩык инареиҳаны ареспублика ауааԥсыра, Аԥсны ари иааидкыланы аурыс дунеи адгылара азҭо тәылоуп ҳәа.

📎 Аҳәаанырцә инхо аџьынџьуаа VIII Адунеизегьтәи Рконгресс "Вместе с Россией" алозунг иаҵагыланы имҩаԥысуеит. Аконгресс аусура рхы аладырхәуеит 103 тәылақәа рҟынтәи 400-ҩык рҟынӡа аурыс уаԥшьқәа рхаҭарнакцәа.
Аԥсны Аминистрцәа реилазаара Асоциал ԥгаԥсатә фонд 2024 шықәсазтәи абиуџьет ахь аиҭакрақәа аланагалеит.

Асоциалтә еиқәыршәара аминистр Руслан Аџьба иажәақәа рыла, уи зыхҟьаз аусуҩцәа иалкаау ркатегориақәак рзы ауалафахәы ашьҭыхра хшыҩзышьҭра ахьаҭамыз ауп. Ари аҭагылазаашьа асоциалтә ԥгаԥсеи аамҭалатәи ахымхәарақәеи рганахь ала ашәарацҵақәа рыԥхьаӡараан афонд ахарџь аизҳарахь икылнагеит. Уи адагьы, атәылауаа рзы асанатор-курорттә хәышәтәра ахәԥса иазҳаит.

Абиуџьет ахарџьтә хәҭа 44 миллион мааҭ рыла ишьҭыхын, афонд аԥарақәа рхархәарала.

Уи адагьы, аилатәараҿы афонд 2025 шықәсазтәи абиуџьет шьақәдырӷәӷәеит. Ахашәалахәи ахарџьи рымҽхак сынтәатәи ашықәс иаҿырԥшны 20% еизҳаит, 232,4 миллион мааҭ рҟынӡа.
Адунеизегьтәи аџьынџьуаа рконгресс аиԥш иҟоу аусмҩаԥгатәқәа рылахәхара даара акраҵанакуеит ҳәа иазгәеиҭеит Аԥсны КСОРС ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Геннади Кожухар.

Егьырҭ атәылақәа рҿы инхо ҳџьынџьуааи ҳареи ҳԥышәеимдара аҿиара иацхраауеит, уи аԥснытәи аҭагылазаашьақәа рҿы ахархәара ауеит ҳәа азгәеиҭеит иара.

🖇 Аҳәаанырцә инхо аџьынџьуаа VIII Адунеизегьтәи рконгресс "Вместе с Россией" алозунг иаҵагыланы имҩаԥысуеит. Аконгресс аусура рхы аладырхәуеит 103 тәыла рҟынтәи 400-ҩык рҟынӡа аурыс уаԥшьқәа рхаҭарнакцәа.
Аԥсни Урыстәылеи урыстәылатәи аиуристтә хаҿқәа ареспубликаҿы аинвестициатә проектқәа рынагӡара азин рызҭо Аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит.

Адокумент рнапы аҵарҩит Аԥсны аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган, аекономикатә ҿиара Аминистрра анапхгаҩы Максим Решетников.

Решетников игәаанагарала аиқәшаҳаҭра Аԥсныҟа урыстәылатәи аинвестициацҵақәа аднагалоит, урҭ атуризми, ақыҭанхамҩеи, ааглыхреи рыҿиара мацара акәымкәа, аинфраструктурагьы аҿиара иацхраалоит.

Анапы зҵаҩу адокумент Аԥсны Жәлар Реизара ишьақәнарӷәӷәароуп ҳәа аанацҳауеит аекономика Аминистрра.

Афото © Аԥсны аекономика аминистрра
Sputnik Аԥсны
Аԥсни Урыстәылеи урыстәылатәи аиуристтә хаҿқәа ареспубликаҿы аинвестициатә проектқәа рынагӡара азин рызҭо Аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит. Адокумент рнапы аҵарҩит Аԥсны аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган, аекономикатә ҿиара Аминистрра анапхгаҩы…
Аԥсны аекономикатә ҭагылазаашьа аҭышәынтәалараҿы аинвестициақәа ароль хада нарыгӡоит ҳәа агәра ганы дыҟоуп аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган.

Ԥшьышықәса рыҩнуҵҟа аинвестициақәа рхыԥхьаӡара 2,5 инареиҳаны иазҳаит, 11 миллиард мааҭ иреиҳахеит ҳәа азгәалҭеит лара аинвестициатә еиқәшаҳаҭра анапаҵыҩра ахҳәаа аҭо.

"Хаҭабзиарала иҿыцу азнеишьа ааҳарԥшыртә еиԥш аҭагылазаашьа ахьҳамоу акырӡа аҵанакуеит – аҳәынҭқарратә инвестициақәа рыҩаӡара еиҵатәны, ахаҭалатә инвестициақәа рыҩаӡара шьҭаҳхуеит. Ари аҳәынҭқаррабжьаратә еиқәшаҳаҭра абзоурала иҟало хаҭабзиаратә еиҭакроуп, избанзар ҳазлацәажәо даараӡа идуу аинвистициақәа роуп. Ас еиԥш иҟоу аинвестициатә проектқәа ареспубликаҿы аусурамазааратә ҭагылазаашьа шьаҭанкыла иаԥсахуеит " — лҳәеит лара.
Аԥсны Аминистрцәа реилазаара аилатәараҿы Ихымԥадатәиу амедицинатә ԥгаԥсатә фонд 2025 шықәсазтәи абиуџьет шьақәдырӷәӷәеит — 90,57 миллион мааҭ артәоит.

Афонд ахашәалахәы ҩ-программа хадак рыбжьара еихшоуп — ахшараиурацхыраареи акьыбачымазара змоу ахәшәқәа рыла реиқәыршәареи ҳәа лҳәеит афонд анапхгаҩы Валентина Жьиԥҳа.

Иааиуа ашықәс азы аҩбатәи апрограмма 10 миллион мааҭ рыла еиҳаны иазоужьхоит. Апрограмма инақәыршәаны есымза 500-ҩык инареиҳаны ахимиотерапиаз ахәшәқәа роуеит.
This media is not supported in your browser
VIEW IN TELEGRAM
Киев Мраҭашәаратәи атәылақәа рыцхыраарала, ЕАР Аԥҟаԥҵәаҿы иарбоу Донбасси Новороссиеи рҟны инхо аурыс жәлар рзинқәа ркәаҳаит ҳәа иҳәеит Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров VIII Адунеизегьтәи аџьынџьуаа рконгресс аҿы.

Аминистр иҳәеит, Урыстәыла ашәарҭадара аганахь ала иамоу азакәантә интересқәа рыхьчаразы шакәу иҷыдоу аоперациа ҷыда зымҩаԥнаго, уи зегьы рынагӡара шалыршахо.

"Урыстәыла ашәарҭадара, ҳтәылауааи ҳџьынџьуааи рыԥсҭазаара, рыхьӡ-рыԥша, раҳаҭыр, рабацәа рыдгьыл аҿы анхара, рхатәы бызшәала ацәажәа, рҭоурых, рдоуҳатә-моралтә беиарақәа рыхьчараз рзин хымԥада иалыршахоит",
— ҳәа азгәеиҭеит иара.
Аҳәынҭавтоинспекциа аусзуҩцәа Аԥсны амҩадуқәа рҿы арыжәтә ыжәны иҟаз амашьынаныҟәцаҩцәа 12-ҩык ааныркылеит.

Аӡәы амедицинатә гәаҭара мап ацәикит.

Азинеилагаҩцәа рфотосахьақәа акьыԥхьит Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра апресс-маҵзура жьҭаарамза 30 рзы.
Аԥсны иаатит Урыстәылатәи аҭоурыхтә еилазаара аҿартә клуб ҳәа аанацҳауеит Аԥсны ахада Иинформациатә центр.

Уи хықәкыс иамоуп аҭоурыхҭҵааҩцәа ҿарацәа рыбжьара аинырра адгылара аҭара ҳәа азгәеиҭеит аклуб аҳәаақәҵаҩ Иван Кулаков. Ари аҭоурыхтә еилазаара Урыстәыла аҿартә еиҿкаарақәа 15 аанартхьеит, ари аформат егьырҭ атәылақәа рҿгьы арҭбаара хымԥадатәиуп.

Иазгәаҭоуп, аклуб адгылара шрынаҭо азанааҭдырҩцәа ҿарацәа усурҭа ҭыԥла реиқәыршәара, аԥышәахысрақәеи апрактикақәеи реиҿкаара, аҭҵаарадырратәи апрактикатәи конференциақәеи егьырҭ аусмҩаԥгатәқәеи рҿы ацхыраара шыҟарҵо.

Аҿар рыклуб анапхгаҩыс дҟалеит Даур Хьыбба.
Евразиатәи аусеицура аҿиара афонд Аԥсны асоциалтә зҵаараҭҵаара мҩаԥнагеит.

Аҭҵаара алҵшәақәа рыла еилкаахеит:

▫️ 93% ареспондентцәа Урыстәыла Аԥсны иаҩыза хаданы ирыԥхьаӡоит.

▫️76% Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Урыстәылеи Аԥсни русеицура аформатқәа рырҭбаара иадҳәалоу икурс иадгылоит.

▫️86% агәра ганы иҟоуп Аԥсны анаҩстәи аҿиара аинвестициақәа радԥхьалара ада ишзалымшо.

Азҵаараҭҵаара рхы аладырхәит 1200 инареиҳаны ауаа.
Аԥсны абжьаҟазартә аоперациа 30 шықәса ахыҵра иазку афотоцәыргақәҵа "Голубые каски!" мҩаԥгахоит Аҟәа, Гал, ареспублика егьырҭ ақалақьқәа рҟны, иара убас ашколқәа рҟны, ашықәс анҵәамҭазы Урыстәылагьы еиҿкаахоит, абри атәы иҳәеит ажурналистцәа Реидгыла ахада Руслан Ҳашыг, арадио Sputnik аинтервиу аҭо.

Ацәыргақәҵа Аԥсны ажурналистцәа Реидгыла еиҿнакааит. Апроект авторцәас иамоуп ажурналист Руслан Ҳашыги афоторепортиор Владимир Попови.

"Абжьаҟазацәа ртема хәышықәса ихадаз теман усҟантәи аамҭазы. Сусураҿы есыҽны нҵамҭак рызкны иҟасҵон. Владимир Попов иакәзар, хаҭала раԥхьатәи амш инаркны аҵыхәтәынтәи амш аҿынӡа аус рыциуон. Иаргьы саргьы архив ду ҳамоуп. Иҭахаз аҷкәынцәа ргәалашәара аҳаҭыраз еиҿаҳкааит, ҩнуҵҟала дара ирхыргаз, дара рџьабаа ҳала иабон", — иҳәеит иара.

🖇 Абжьаҟазаратә мчқәа Аԥсны рус анагӡара иалагеит рашәара 21 1994 шықәсазы "Аибашьра аанкылареи амчқәа реиҟәыҭхареи рзы" Москватәи Аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны. Ари аамҭа иалагӡаны иҭахеит 117-ҩык урыстәылатәи аруаа. Урыстәыла Аԥсны ахьыԥшымра аназханаҵа ашьҭахь абжьаҟазаратә мчқәа рус хыркәшахеит.
This media is not supported in your browser
VIEW IN TELEGRAM
🔸 "Нарҭ" ашьапылампыл азы Аԥсны иачемпионхеит.

Аҟәатәи аклуб ари ахьӡ жәохәынтә иаԥсахахьеит.

Ашьапылампыласыҩцәа ахраҿа ранаршьеит "Динамо" астадион аҿы цандрыԥшьтәи акоманда "Саӡ" рыхәмарра аламҭалазы.

📎 "Нарҭ" ачемпионра иаԥсахеит атурнир хыркәшахарц ҩ-турк шагыз, жьҭаара 22 рзы Гагратәи акомандеи дареи рецхәмарраан 3:4 ҳәа риааирала.
Дадын Чачхалиа Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура иатәу Аҷыдазыҟаҵаратә центр аиҳабыс даҭоуп, абри атәы аанацҳауеит Атәыла ахада ипресс-маҵзура.

Уажәаԥхьа Аҷыдазыҟаҵаратә центр аиҳабыс иҟаз Џьон Аҭәмаа Аҳәынҭқарратә ахьчаратә маҵзура аиҳабы актәи ихаҭыԥуаҩс дҟаҵоуп.

🖇 Чачхалиа еиуеиԥшым ашықәсқәа рзы азинхьчаратә усбарҭақәа рҟны аус иуан — АҩАР, АШәМ, АҳәАМ. 2022 шықәса раахыс Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра иатәу Иаарласны анырра ҟазҵо агәыԥ ҷыда (СОБР) командирс дыҟан.

Афото © "Аԥсны.Иахьа"
Аҟәа ақалақь Коӷониа имҩаду арҽеиратә усурақәа мышқәак рыла ихыркәшахоит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны ахада ипресс-маҵзура.

Аусурақәа ирылагеит жәабранмзазы. Аҟазацәа аӡымҩангага ҿыцқәа шьақәдаргылеит, аканализациа рыԥсахит, ацәхыԥқәеи ԥшь-нызқь ԥшьаркца ахаҳә ҟьаԥси шьҭарҵеит, иара убас акаҭран ықәырҵеит.

Имҩаԥгаз аусурақәа иааидкыланы 10 700 метра ԥшьаркца инаӡеит, уи азы Аинвестпрограмма аҟынтәи 96 миллион мааҭ рҟынӡа иазоужьҭын. Аусурақәа рхыркәшара азгәаҭан ԥхынҷкәынмзазы, аха заа ихыркәшахоит.

Афото © Атәыла ахада ипресс-маҵзура
This media is not supported in your browser
VIEW IN TELEGRAM
🔸 Аԥсуа ҵарауаа ҿарацәа Аԥсны анҭыҵ имҩаԥысуа аҭҵаарадырратә конференциақәа, асеминарқәа рҽалархәразы алшара рымоуп лҳәеит афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Мадонна Ԥлиаԥҳа, арадио Sputnik аинтервиу аҭо.

"Ҳара иҳамоуп алшара урыстәылатәи аҵарауаа рлекциақәа азыӡырҩра. Аԥсны анҭыҵ имҩаԥысуа аҭҵаарадырратә конференциақәа рахь ҳзымцаргьы ҳажәахәқәа ҳашьҭыр ҟалоит, зыҩаӡара ҳараку аизгақәа рҿы ҳастатиақәа ҭрыжьуеит", — лҳәеит Ԥлиаԥҳа.

🖇 Жьҭаарамза 30 аҽны иазгәарҭоит Аԥсны аҭҵаарадыррақәа рымш. Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа аилазаараҿ иҟоуп: Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институти, Аекономикеи азини ринститути, Аҟәатәи иаарту афизико-техникатә институт, Агидрофизикатә институт, Аекологиа аинститут, Аексперименталтә чымазареи атерапиеи ринститут, Аботаника аинститут, Ақыҭанхамҩатә институт, А. Кәыџба ихьӡ зху Акурортологиеи итрадициатәым амедицинеи рцентр.
Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа аҟны агәырӷьаратә еилатәара мҩаԥысит.

Аҳәынҭқарра ахада ихьӡала адныҳәалара даԥхьеит атәыла ахада иусбарҭа анаԥхгаҩы Абесалом Кәарҷиа ҳәа аанацҳауеит ААР апресс-маҵзура.

"Ҳҵарауаа русумҭақәа ареспублика аҩнуҵҟеи анҭыҵи ахә ҳаракны иршьоит. Зегь реиҳа ихадоу аҿар аҭҵаарадырра иахьазҿлымҳау ауп. Аҳәынҭқарра иахьынӡалшо аҵарауаа ҿарацәа адгылара рынаҭоит", — ҳәа азгәаҭоуп адныҳәалараҟны.

Аиԥылараҿы аҭҵаарадырратә еилазаара аусура аихшьаалақәа ҟаҵан. Убас, 2024 шықәсазы хҩык рдоктортә диссертациақәа рыхьчеит, даҽа хҩык аҭҵаарадыррақәа иакандидатцәахеит. Уи адагьы, икьыԥхьын имаҷымкәа аҭҵаарадырратә усумҭақәа, аԥсуа ҵарауаа Аԥсни анҭыҵи имҩаԥысуаз аусмҩаԥгатәқәа рхы рыладырхәит.

📎 "Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа аԥҵаразы" Ақәҵара анапаҵыҩын ԥхынҷкәынмза 12 1993 шықәсазы, аха атәылаҿы иҟаз аекономикатәи аполитикатәи аҭагылазаашьа хьанҭақәа ирыхҟьаны шықәсқәак рышьҭахь, жьҭаара 30 1997 шықәсазы ауп анагӡара аналыршахаз.

Афото © Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа
This media is not supported in your browser
VIEW IN TELEGRAM
🔸Аԥсны аҿар ишаҳҭаху еиԥш аҭҵаарадырра рхы азыркӡом, аха иахьа агәаҳәара змоу зегьы рхырхарҭала аҵара рҵартә еиԥш аҭагылазаашьақәа ыҟоуп, абри атәы иҳәеит ақыҭанхамҩа Аҭҵаарадырратә институт аспециалист хада Дмитри Сабекьиа.

Аԥсны аҭҵаарадыррақәа рымш аҽны афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Мадонна Ԥлиаԥҳаи ақыҭанхамҩа Аҭҵаарадырратә институт аспециалист хада Дмитри Сабекьиеи арадио Sputnik иарҭаз аинтервиу шәазыӡырҩыр ҟалоит абра.
Аԥсны Аҳәынҭавтоинспекциа ашәарҭадаратә маҟақәа рхархәара ахылаԥшра арӷәӷәоит.

Аԥсны Аҳәынҭқарратә автоинспекциа анаԥхгаҩы инапынҵақәа назыгӡо Дамеи Аҩӡба иажәақәа рыла, атәылауаа рӷьырак ақалақь аҩнуҵаҟа амашьына аныҟәцараан ашәарҭадаратә маҟақәа рхархәара маншәалаӡам ҳәа агәаанагара рымоуп, аха убри аан амҩаду хада иананылалак уи ахархәара рхашҭуеит.

Раԥхьа амашьынаныҟәцаҩцәа ргәырҽанҵахоит, уи ашьҭахь административтә пкаанҵақәа реиқәыршәара иалагоит. Атәылауаа рҽадыршьцылароуп ашәарҭадаратә маҟақәа рхархәара ҳәа азгәеиҭеит Аҩӡба.
Урыстәылазегьтәи ахәыҷтәы центр "Артек" акомандеи Аԥсны ашколхәыҷқәеи астудентцәеи рзы аусмҩаԥгатәқәа жәпакы еиҿкаахоит Аҟәа, аҟазаратә-ҭыԥ "Гәыма" аҿы жьҭаара 31 - абҵара 1 рзы. Абри атәы арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит ауаажәларра рымадаразы Аԥсны аҵара аминистрра аҟәша аиҳабы Аслан Қәҭелиа.
Қәҭелиа иажәақәа рыла, аҽазыҟаҵарақәа ирҿуп.

"Ауснагӡатә алахәылацәа рзы алагерь аиҳабы алекциа даԥхьоит, еиуеиԥшым амастер-классқәа мҩаԥгахоит. Аҵара министрреи "Артеки" аимадара рыбжьоужьҭеи шықәсык ҵуеит, ари аамҭа иалагӡаны аихьӡара змоу ауснагӡатәқәа мҩаԥаҳгахьеит, уажәы Аҟәа имҩаԥгахо ашьҭахь еиҳагьы ҳаимадарақәа ӷәӷәахап ҳәа ҳгәыӷуеит", — иҳәеит иара.

🖇 Аԥсны аҵара аминистрреи Урыстәылазегьтәи ахәыҷтәы центр "Артеки" аусеицуразы Амеморандум рнапы аҵарҩит Сириус, Адунеизегьтәи аҿар рфестиваль аҟны хәажәкыра 6 рзы. Иазԥхьагәаҭоу ауснагӡатәқәа иреиуоуп арҵаратә программақәа, жәларбжьаратәи аҵаратә, аҭҵаарадырратә, аҭҵаарадырра-техникатә проектқәа, аинновациатә усурақәа аусеицрыдулареи реицынагӡареи.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит Sputnik Аԥсны асаит аҟны.