Ахьыуардын
Аԥсуаа ирдыруаз амаӡа бызшәақәа🤫 • Абна бызшәа • Ашьха бызшәа • Амшә бызшәа • Аҵла бызшәа • Алабашьа бызшәа • Амаана бызшәа • Арбаӷь бызшәа • Амаҭ бызшәа • Аҵыс бызшәа • Аӡы бызшәа • Аҳәса рыбызшәа (специальный тайный язык женщин) • Аӷьыч бызшәа…
Урашаназ ацха ҿкыкуп.
Акыр шәзеилкаазар? Иџьашәымшьан, мшәыбызшәала иаҳҳәеит. Иаабац аԥсышәала – амшә азы ацха хаауп🐻 🍯 Абра еиқәаҳаԥхьаӡоз аԥсуаа рымаӡа бызшәақәа ирылан амшә бызшәагьы. Уи ажәак иадымхаргьы аӡәы ишԥанимҵац ҳәа ҳахьашьҭалаз, иаабеит ажәабжьҳәаҩ ду Сақаниа Маадан иҳәамҭа "Иарума". Ишеибгоу иааҳгоит:
Амшә ашьха зҭаз аҵла абан, иқәуп. Аԥацәа ҵаҟа иаҵатәоуп. Уажәы аҵла ааҿнаҟьан ацха хәыҷык амнахт.
Амшәа ан закәанла, амшә бызшәала "Урашан" ахьӡуп, ҳара ҳан "нан" ҳәа шлаҳҳәо еиԥш. Анҭ амшәҳәарақәа ҵаҟа иҟоу иазҵаауеит ран хыхь иахьықәу:
– Аа, урашан, какалума?
– Ааи, мана*, икакалуп! – аҳәахуеит ани аду.
– Аа, урашан, иҿкыкыума?
– Ааи, мана, иҿкыкуп.
– Аам, аам, иаҳзылашьҭ!
Асаранџь алхны ируааӡа иршәны амшәан иланашьҭит. Рызхара анырфа акәашара иалагоит ашәа ҳәа абас:
"Арумара, арумара,
Арумара, ҟәарҽарума?
Арумара, ҟәарҽарума?
Уаҵа, сыҵа ԥаҳ-саҳ!
Уаԥа-сыԥа, ԥаҳ-саҳ!"
*Мана – схәыҷқәа
Икакалума – ифатәума
Иҿкыкыума – ихааума
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Акыр шәзеилкаазар? Иџьашәымшьан, мшәыбызшәала иаҳҳәеит. Иаабац аԥсышәала – амшә азы ацха хаауп
Амшә ашьха зҭаз аҵла абан, иқәуп. Аԥацәа ҵаҟа иаҵатәоуп. Уажәы аҵла ааҿнаҟьан ацха хәыҷык амнахт.
Амшәа ан закәанла, амшә бызшәала "Урашан" ахьӡуп, ҳара ҳан "нан" ҳәа шлаҳҳәо еиԥш. Анҭ амшәҳәарақәа ҵаҟа иҟоу иазҵаауеит ран хыхь иахьықәу:
– Аа, урашан, какалума?
– Ааи, мана*, икакалуп! – аҳәахуеит ани аду.
– Аа, урашан, иҿкыкыума?
– Ааи, мана, иҿкыкуп.
– Аам, аам, иаҳзылашьҭ!
Асаранџь алхны ируааӡа иршәны амшәан иланашьҭит. Рызхара анырфа акәашара иалагоит ашәа ҳәа абас:
"Арумара, арумара,
Арумара, ҟәарҽарума?
Арумара, ҟәарҽарума?
Уаҵа, сыҵа ԥаҳ-саҳ!
Уаԥа-сыԥа, ԥаҳ-саҳ!"
*Мана – схәыҷқәа
Икакалума – ифатәума
Иҿкыкыума – ихааума
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
Telegram
Ахьыуардын
Аԥсуаа ирдыруаз амаӡа бызшәақәа🤫
• Абна бызшәа
• Ашьха бызшәа
• Амшә бызшәа
• Аҵла бызшәа
• Алабашьа бызшәа
• Амаана бызшәа
• Арбаӷь бызшәа
• Амаҭ бызшәа
• Аҵыс бызшәа
• Аӡы бызшәа
• Аҳәса рыбызшәа (специальный тайный язык женщин)
• Аӷьыч бызшәа…

👍13❤5
Ахԥатәи азқьышықәсазы аԥсҭазаара аҽрашь иақәтәоушәа иццакны иҿиоит, иахьа акы ыҟоуп, уаҵәы ҿыцк цәырҵуеит. Убас есыҽны. Уаанӡа аамҭа аныҟәашәа еиҳа иҭынчын, хәҭакахьала уигьы иабзоуроуп ҳжәытә қьабзқәак ахьеиқәхаз.
Ахаҿы аагара уадаҩуп, аха ХХ ашәышықәса азбжанӡа аԥсуа чарақәа рҿы хәмаршақә амшәкәашара нарыгӡон. Ажәытәӡатәи ашәарыцашьа иахылҿиааз ритуалуп иара, ашәарах ацәа рыкәыршаны итәырҿаҿо, аҟаҵашьақәа ҟаҵо ианазааигәахоз. Иаҳа инарҭбааны – Есма Ҭодуа лматериал аҟны>>
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Ахаҿы аагара уадаҩуп, аха ХХ ашәышықәса азбжанӡа аԥсуа чарақәа рҿы хәмаршақә амшәкәашара нарыгӡон. Ажәытәӡатәи ашәарыцашьа иахылҿиааз ритуалуп иара, ашәарах ацәа рыкәыршаны итәырҿаҿо, аҟаҵашьақәа ҟаҵо ианазааигәахоз. Иаҳа инарҭбааны – Есма Ҭодуа лматериал аҟны>>
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
Sputnik Аҧсны
"Амшәкәашара": аԥсуаа ржәытә ашәарыцаратә традициа еиуоу
Ашәарыцаҩ ашьха
👍9❤2⚡2
Ахьыуардын
Хаҭа дыура еиҳа хьӡы бзиа. Еидаҳкылеит "агәы" злоу аԥсуа хьӡы ԥшӡақәа. Иалаҳкааз рахьтә: Гәымца, Гәымшәа, Гәнаала, Гәакьа. Шәаргьы ишәгәаԥхаз анышәҵа. ❤️ Дара иҵегь ыҟоуп. #ахьӡқәа 🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
• Хьгәы – абас ихьӡын Гәында-ԥшӡа лҳәацәа руаӡәк;
• Ергәына – Нарҭаа рыешьара датәын;
• Гәыццак
• Гәырмацәыс
Абас иҟоу ахьӡқәа рыԥсы ҭазар ауеит ианамуӡах ҳаамҭазтәи алитератураҿы. Аҿар зыԥхьо, иахьа иҩуа авторцәа ҟазшьала изнаало рфырхацәа ирхырҵалозар. Ашәҵатәы-аҟәынҵатәы амода есышықәса ажәытәрақәа ырсаны ишыгьежьуа еиԥш, ахьӡқәа рҿгьы "амода" аԥшьгазар замуеи😉
#ахьӡқәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
Telegram
Ахьыуардын
Хаҭа дыура еиҳа хьӡы бзиа.
Еидаҳкылеит "агәы" злоу аԥсуа хьӡы ԥшӡақәа. Иалаҳкааз рахьтә: Гәымца, Гәымшәа, Гәнаала, Гәакьа. Шәаргьы ишәгәаԥхаз анышәҵа❤️
Дара иҵегь ыҟоуп.
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Еидаҳкылеит "агәы" злоу аԥсуа хьӡы ԥшӡақәа. Иалаҳкааз рахьтә: Гәымца, Гәымшәа, Гәнаала, Гәакьа. Шәаргьы ишәгәаԥхаз анышәҵа❤️
Дара иҵегь ыҟоуп.
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
👍8❤3❤🔥2
Амзашанхамҭа. Ишԥаԥшӡоу 🌕
Аҩ-сахьак ҭыхуп уаха, сааҭыбжак рыбжьаны, А́шхәаҵәахырҭа ҳәа иахьашьҭоу азааигәара – Мҷышь амшын иахьалало.
⛵️Аҵарауаҩ Шьалуа Инал-Иԥа ишиҩуаз ала, Ашхәацәырҭа, Ашхәаҵәахырҭа, Ашхәаныҟәарҭа, Аӷбаԥшыра реиԥш иҟоу аҭыԥхьыӡқәа жәытәӡатәиқәоуп, абырзенцәеи аурымцәеи ҳагаҿа иқәнагалаанӡа иҿиахьан.
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Аҩ-сахьак ҭыхуп уаха, сааҭыбжак рыбжьаны, А́шхәаҵәахырҭа ҳәа иахьашьҭоу азааигәара – Мҷышь амшын иахьалало.
⛵️Аҵарауаҩ Шьалуа Инал-Иԥа ишиҩуаз ала, Ашхәацәырҭа, Ашхәаҵәахырҭа, Ашхәаныҟәарҭа, Аӷбаԥшыра реиԥш иҟоу аҭыԥхьыӡқәа жәытәӡатәиқәоуп, абырзенцәеи аурымцәеи ҳагаҿа иқәнагалаанӡа иҿиахьан.
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
❤12👍5
Агәырҩа дугьы, агәырӷьара ду еиԥш, амцхә иӡыригом аԥсуа. Абиблиаҿы иаҳәоит уҩыза дуҵашьыцыртә умныҟәан ҳәа. Уи агәырӷьараҿы? Аԥсуа иҭоурых мҩаҿы убасҟак гәырҩа ихигахьеит, убасҟак аԥсреи аӡреи дрықәшәахьеит, аӡәи-аӡәи еихӡыӡаауа, рыгәқәа еибамшаҭар ада ԥсыхәа рымамызт. Сара сгәырҩагьы дзаҵасҵарызеи, ихатәы гәырҩақәа изымхошәа. Ҳрыцҳара агартә, шаҟантә рыдашшылара ҳақәшәахьоузеи зҵеицәа ҭахаз: "Иҭабуп, уххь згеит. Уԥсра акәым, ухыхьгьы сымбааит. Сабик изыҳәан ухы шԥаурааԥсоз. Ани изыҳәан аранӡа аара иаԥсазма", — иуаҳауеит аҭак.
Ажәлар рус ихы анақәиҵа инаркны, ихшара иара имацара дитәым, ажәлар зегьы дырҵеиуп:
Аҵәуара... О, мап, уи иаҭәам,
Лаӷырӡыла ахьӡ кәабатәӡам!
Џьума Аҳәба истатиа "Агәамч ахыҵхырҭа" аҟынтә
Асахьаҿы: Ҳабҩықә 1993 ш. ԥхынгәы 4 рзы иҭахаз Аԥсны ахьчаҩцәа рбаҟа, © Жәлар Реизара ателеграм-канал аҟынтә
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Ажәлар рус ихы анақәиҵа инаркны, ихшара иара имацара дитәым, ажәлар зегьы дырҵеиуп:
Аҵәуара... О, мап, уи иаҭәам,
Лаӷырӡыла ахьӡ кәабатәӡам!
Џьума Аҳәба истатиа "Агәамч ахыҵхырҭа" аҟынтә
Асахьаҿы: Ҳабҩықә 1993 ш. ԥхынгәы 4 рзы иҭахаз Аԥсны ахьчаҩцәа рбаҟа, © Жәлар Реизара ателеграм-канал аҟынтә
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
❤7🙏1
Ахьыуардын
Агәырҩа дугьы, агәырӷьара ду еиԥш, амцхә иӡыригом аԥсуа. Абиблиаҿы иаҳәоит уҩыза дуҵашьыцыртә умныҟәан ҳәа. Уи агәырӷьараҿы? Аԥсуа иҭоурых мҩаҿы убасҟак гәырҩа ихигахьеит, убасҟак аԥсреи аӡреи дрықәшәахьеит, аӡәи-аӡәи еихӡыӡаауа, рыгәқәа еибамшаҭар ада ԥсыхәа…
Ҳабҩы – Аԥсны ашьхараҿ ҩыџьара иаҳԥыло ҭыԥхьӡуп, уи мацарагьы ишьақәнарӷәӷәоит, ҳгәанала, иара шаԥсышәоу.
1. Ҳабҩы – Аҷандара аҩахыс уназлало ҳаблоуп, ақыҭа иатәуп;
2. Ҳабҩы // Ҳабҩықә – Гәыма ақыҭа иатәу ҳаблоуп. Урысшәала – Ахбюк.
Издыруада, арҭ аҭыԥқәа рҟны ажәытәӡан амаден ыҵырхуазҭгьы? Ҳа (камень) + абҩа (медь), Ҳабҩа ➡️ Ҳабҩы. Ауаа абҩа арҭәашьа иаразнак рнапаҿы ирзаамгеит, зназы ахаҳәи иареи еилаханы ишыҟаз рхы иадырхәон, нас ахаҳә ҭаԥҽҽны амхшьа рҵеит. Имыршӡакәа хаҳәла иасны еиҵырхуан, акәара́ захьӡугьы уи ауп.
Ҳабҩы Башкаԥсареиԥш ажәытәуаа амаден ахьыҵырхуаз аҵалашәкәарақәа ыҟаны иҳаздырӡом, аха ҳаԥсабара иҭаҵәахны иамоу амаӡақәа рацәоуп, иҭҵаатәуп. Уажә абраанӡа ҳазгазгьы абызшәоуп, аҭыԥ ахьӡ.
📖 Аҵалашәкәара - шахта, рудник
🔸Аҵалашәкәара иҭугаз жәлары ирыхьчагоуп (Ажәаԥҟа).
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
1. Ҳабҩы – Аҷандара аҩахыс уназлало ҳаблоуп, ақыҭа иатәуп;
2. Ҳабҩы // Ҳабҩықә – Гәыма ақыҭа иатәу ҳаблоуп. Урысшәала – Ахбюк.
Издыруада, арҭ аҭыԥқәа рҟны ажәытәӡан амаден ыҵырхуазҭгьы? Ҳа (камень) + абҩа (медь), Ҳабҩа ➡️ Ҳабҩы. Ауаа абҩа арҭәашьа иаразнак рнапаҿы ирзаамгеит, зназы ахаҳәи иареи еилаханы ишыҟаз рхы иадырхәон, нас ахаҳә ҭаԥҽҽны амхшьа рҵеит. Имыршӡакәа хаҳәла иасны еиҵырхуан, акәара́ захьӡугьы уи ауп.
Ҳабҩы Башкаԥсареиԥш ажәытәуаа амаден ахьыҵырхуаз аҵалашәкәарақәа ыҟаны иҳаздырӡом, аха ҳаԥсабара иҭаҵәахны иамоу амаӡақәа рацәоуп, иҭҵаатәуп. Уажә абраанӡа ҳазгазгьы абызшәоуп, аҭыԥ ахьӡ.
🔸Аҵалашәкәара иҭугаз жәлары ирыхьчагоуп (Ажәаԥҟа).
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍9
📌 Ажәа бзиоуп
Аԥа́џьа – еициз рҟынтә аԥхьа илкашәаз; даҽакала Аԥхьаира
Первенец (у двойни)
👶🏻 Аԥсны ахылҵ дзауз аҭаацәарақәа аҳәынҭқарра аҟынтә ирзыршәо аԥара иацлеит: аҩбатәи ахәыҷы ииразы – 50 нызқь мааҭ, ахԥатәи ииразы – 100 нызқь мааҭ, аԥшьбатәи инаиркны иацло изы – 200 нызқь мааҭ.
#ажәа_бзиоуп

👍13
Ахәышҭаараҿы иӡу амгьал🥧
Ҳаамҭазы иҭыху сахьақәоуп, Гәаланӡиаа рҭаацәараҿы Жәбаран ныҳәара анымҩаԥыргоз. Ижәбоит ахәажә абӷьы еивҵаԥсаны амажәа шақәырҵаз, нас иаралагьы ишхырҟьаз.
Аԥсуаа еиуеиԥшым амгьалқәа рыӡраан ахәажә адагьы рхы иадырхәон ашыра зычҳауаз егьырҭ аҵлабыӷьқәеи аҵиаақәеи: алаҳабӷьы, албӷьы, ауадаабӷьы. Аха амгьал ақьабз иазкызар, ахәажәи ауадаабӷьи ракәын иркуаз – абас анылҵахьан афольклорист Цира Габниа Џьырхәа ақыҭан 1982 шықәсазы дзыҿцәажәоз аинформант лҟынтә.
📖 Ауада́баа, ауада́абӷьы – крестовик плосколистный (ашьхахь изызҳауа ҵиаа хәшәуп)
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Ҳаамҭазы иҭыху сахьақәоуп, Гәаланӡиаа рҭаацәараҿы Жәбаран ныҳәара анымҩаԥыргоз. Ижәбоит ахәажә абӷьы еивҵаԥсаны амажәа шақәырҵаз, нас иаралагьы ишхырҟьаз.
Аԥсуаа еиуеиԥшым амгьалқәа рыӡраан ахәажә адагьы рхы иадырхәон ашыра зычҳауаз егьырҭ аҵлабыӷьқәеи аҵиаақәеи: алаҳабӷьы, албӷьы, ауадаабӷьы. Аха амгьал ақьабз иазкызар, ахәажәи ауадаабӷьи ракәын иркуаз – абас анылҵахьан афольклорист Цира Габниа Џьырхәа ақыҭан 1982 шықәсазы дзыҿцәажәоз аинформант лҟынтә.
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍10❤4
👥 Асинонимқәа
• Ацыӷҳара
• Ацыӷшәара
• Ацыӷкра
• Аԥсҭашәара
• Абнашәара
• Абназара
• Абнаныҟәцара
• Аныҟәара
Абарҭ атерминқәа зегь зызку аԥсуаа ирылаҵәаны иҟаз аӡынтәи шәарыцара хкын (охота на пушных зверей – куниц).
Ирацәоуп ацыӷкыгақәа рыхьӡқәагьы: арыԥҟьа, ашьҭаҳа, ақәҳа, абжьындаҳа, амаҭәахшьа // амаҭәа кнаҳа, ашыш, аиқәаҳа, арагәа, арысаҟә, ақыдра, аҟыра, амара.
Ахыҵхырҭа: Цира Габниа «Амифи аритуали»
Асахьа © Sputnik
#асинонимқәа

👍14❤2😍2
This media is not supported in your browser
VIEW IN TELEGRAM
Ишԥаласу ахәылбыҽхатәи аҳауа…
Ахаҳә ҟәараҿы амца еиқәылеит ахала.
Инӡаало амра зызхьаԥшуа закәи?
Наҟ-ааҟ ибылуеит амҿ ҩақәеи сара сгәи…
Аӡҭалара-хиаалара иаҳәоит сцәа-сжьы,
Цәқәырԥароуп сызтәу шьҭа, сгьежьы-сымгьежьы…
Амшын агәынхашьа збахьоу – дацәшәаӡом,
Амшын агәаԥхашьа збахьоу – дзацәцаӡом…
©
#алирика
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Ахаҳә ҟәараҿы амца еиқәылеит ахала.
Инӡаало амра зызхьаԥшуа закәи?
Наҟ-ааҟ ибылуеит амҿ ҩақәеи сара сгәи…
Аӡҭалара-хиаалара иаҳәоит сцәа-сжьы,
Цәқәырԥароуп сызтәу шьҭа, сгьежьы-сымгьежьы…
Амшын агәынхашьа збахьоу – дацәшәаӡом,
Амшын агәаԥхашьа збахьоу – дзацәцаӡом…
©
#алирика
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍15🔥3
УԤСАДГЬЫЛ УԤСЫ АДКЫЛ
Борис Амҷба иажәеинраалоу иафоризмқәа:
🟠 Аԥсадгьыл малуп, абзиабара уалуп.
🟠 Зыԥсадгьыл цқьа згәы ахым, иан дзыхшазгьы диҭахым.
🟠 Зыԥсадгьыл акы аҵзымԥаауа иоуп ауаагьы иахырымбаауа.
🟠 Иуҭииргьы ухатәы дгьыл, уаламхәаахәҭын уԥсадгьыл.
🟠 Уԥсадгьыл уананым, атәымдгьыл – џьаҳаным.
🟠 Зыԥсадгьыл абираҟ иаҵагыло иоуп аибашьраҿгьы аӷа иҿагыло.
🟠 Аԥсадгьыл – гароуп, ахьӡ аургароуп.
🟠 Уԥсадгьыл уалаҽырба, аха аԥхьа бзиа иба.
🟠 Ар зегьы рхы анҭахо, аӡәы иоуп урҭ еиқәзырхо.
🟠 Аҵысгьы аҭра – иара аҳҭынра.
🟠 Уԥсадгьыл ианаҭахха уиҿагыл аӷа хаха.
🟠 Аҟармаҵыс ҭоукыр аихац, ашәа заҳәашам ишаҳәац.
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Борис Амҷба иажәеинраалоу иафоризмқәа:
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍18❤3
Аханатә иҟан Аҟәа. Ахьӡгьы, аҭыԥгьы. Аханқәа гыламызт, аха ауаа нхон. Аԥсуаа ажәытәӡа ҳазхылҵыз ҳабдуцәа рабдуцәа. Аскифцәа раԥхьагьы аихаршы зкхьаз, аџыр арҭәашьеи аӡрыжәшьеи зҵахьаз аҭыԥантәи ауааԥсыра.
Инықәырԥшны 2600 шықәса раԥхьа мшынла арахь иааӡеит ажәытә бырзен ныҟәацәа, ашьапгьы ркит ақалақь Диоскуриада. Ахьтәы уасцәа иашьҭаланы Колхида иаахьаз аишьцәа Диоскураа рыхьӡала. Урҭ ркульт акырӡа иӷәӷәан усҟан Милет. Амиф ишаҳәо ала, рныҟәараан аӷбақәа ԥыҭк еицын, аха иҿықәгылаз дара зықәтәаз "Арго" заҵәык ауп. (Арго – аԥсуа ажәа а́рга (плавсредство) иаҿирԥшуан абызшәадырҩы Валери Кәарҷиа).
Абас, еибашьрада абырзенцәеи агениохцәеи акыраамҭа еиванхон, еиҿцаауан, ихәаахәҭуан, иҿион, аԥара рчаԥон, аӷбақәа дыргылон. Аҩыратә хыҵхырҭақәа шаҳаҭуп Аҟәа усҟантәи аамҭақәа рзы 70 инаркны 300 милаҭ рхаҭанакцәа шеизнагоз.
Хьӡи-ԥшеи аманы Диоскуриада ҳашықәсԥхьаӡара иҭалеит. Дук хара имгакәа аҭоурых адаҟьа ҿыцгьы аатит: аурымқәа раамҭа, аурым ҳәынҭқар Октавиан Август-Себастос ихьӡ иахаршалаз – Себастополис.
Цхәым ахьӡ цәырҵуеит абжьарашәышықәсазы, ахыҵхырҭақәа рҟны — XI ашәышықәса инакрны. 1331 шықәсазтәи хсаалак аҿы иарбоуп "Sakhum" ҳәа, абраҟа ухаҿы иааиуеит аԥсуаа рҿы ахархәара змаз ахаҵа хьӡы Саӷәым. Иара убас Гәыма иуԥыло аҭыԥхьыӡқәа Лықым, Лыцәым; ақыҭа Уақәым уҳәа рынҵәамҭақәа реиԥшзаара. Ажәакала, иҟалоит, ҳаҳҭнықалақь Аҟәа-Сухум ҳәа иахьа иаху аҩ-хьӡыкгьы аԥсышәазар.
Ишәҭыкакаҷлааит! 🌊🌇

👍19❤3🔥2🤯1
Ахьыуардын
Аханатә иҟан Аҟәа. Ахьӡгьы, аҭыԥгьы. Аханқәа гыламызт, аха ауаа нхон. Аԥсуаа ажәытәӡа ҳазхылҵыз ҳабдуцәа рабдуцәа. Аскифцәа раԥхьагьы аихаршы зкхьаз, аџыр арҭәашьеи аӡрыжәшьеи зҵахьаз аҭыԥантәи ауааԥсыра. Инықәырԥшны 2600 шықәса раԥхьа мшынла арахь иааӡеит…
Аишьцәа Диоскураа амши аҵхи, аиреи аԥсреи, аибашьреи аҭынчреи реиԥш иҟоу еиҿагыло аилкаарақәа ирсимволуп, дара аазырԥшуа дыргақәоуп ҩ-еҵәак: шарԥыеҵәеи хәылԥыеҵәеи. Ҩ-еҵәак зхагылоу Диоскураа рхылаԥақәа роуп асахьаҿы ижәбо Аҟәа агерб иану.
Аԥсны аҭоурых арҵага шәҟәы еиқәзыршәаз ҳҵарауаа (Бӷажәба, Лакәаба) игәарҭеит аԥсуа мифологиаҿгьы еициз аишьцәа рмотив шыҟоу, насгьы иара шжәытәӡоу. Аха зегь реиҳа иџьашьатәу дара аишьцәа рыхьӡқәа роуп: Шарԥыеҵәеи Хәылԥыеҵәеи!
Арҭгьы еиҳа зыхәҭада ҳәа аимакқәа рыман, ран еиллыргаанӡа: ианаашо зыҩны идәылҵуа ауаа инрыжьыз зегьы Шарԥыеҵәа иутәызааит, ианаахәло рыҩныҟа бзиарас иаарго зегьы Хәылԥыеҵәа иумазааит лҳәеит.
Аҳәамҭа ажәытәи аҿатәи реиканра анубаалоит. Иҟалап, ахаҵеи аԥҳәыси изҭаху ирыҿцаауа акәымкәа, ҭаацәарак еиԥш рхы ааидкыланы хазы анхара ианалагозтәи зааӡатәи аамҭақәа ирхылҿиаазар.
Диоскураа аишьцәа амшын ныҟәацәа ирхылаԥшхәуп ҳәа иԥхьаӡан, уигьы иаҳәоит аеҵәақәа рсимвол ацәырҵра шмашәырым, аӷбаныҟәареи ажәҩан аатреи еснагь еицын.

👍17❤5🔥2
Ахьыуардын
Ацҳа иацәаашьаз даҵнагеит рҳәоит аԥсуаа. Ус еиԥш ахҭысқәа ҟалозаарын, ҳаамҭазы ари ажәаԥҟа еиҭарсу аҵакы шьҭнаххьеит. Ацҳахҵара аԥсуа культура иахәҭакуп. Уи апрактикатә хәарҭара иацыз адагьы, аԥсуа хаҵа иуалԥшьақәа ируаку, Џьанаҭ инеира иацхраауа акакәны…
Ақәаршҩы шәпа иахьа икыдхаҽа илеиз, махәи-бӷьыци ирхьыҵәҵәа, ԥырхага дук шәнамҭазааит абааԥсы. Адгьыл аӡы ажәит азхара, иазымжәыз хәыҷы-хәыҷла ихбалалап. Аԥсабара амч ауаҩы дзахыԥаӡом, данышәалар акәхоит.
Ари ацҳа иху руа иарбан, шәгәанала? Ҳара ҳҿоуп иахьыҟоу, Тҟәарчал араион, Аҟармара аҳаблан.
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Ари ацҳа иху руа иарбан, шәгәанала? Ҳара ҳҿоуп иахьыҟоу, Тҟәарчал араион, Аҟармара аҳаблан.
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍16
Media is too big
VIEW IN TELEGRAM
Ахаҳәқәа, дара ҿырҭуам, аха аӡы дырцәажәоит. Аӡиасқәа – еснагь амшын ахь иццакуа.
Аԥсны аҵакырадгьыл шырацәамгьы, ҳаӡқәа ԥсҭаҵаганы Амшын Еиқәа иалалоит – есышықәса 14 км³ рҟынӡа аӡымшьа цқьа. Ауааԥсыра иаҳуалу абри аекологиатә система ахьчароуп, уаԥырхагахар шәарҭоуп – иужәлоит. Аӡышьҭрақәа рыҟьашьра шамуа еиԥш, абӷанҷи аҳархьи инамыцхәны рыҭгара ҟалаӡом, аӡымҩа уаԥыҩлар ауӡом.
Абри атема инарҭбааны даҳзалацәажәон аеколог Роман Дбар. Ииҳәаз шәаԥхьарц шәылшоит абра>>

👍12
Ҳпоетцәа аӡәырҩы рбызшәа ажәарқәа ҳәа хаз-хазы еиқәуршәаратәы иҟоуп, ҭынч уи мацара иаҿу ауаа еидгаланы. Иаҳнаҭо рацәахон. Иаагозар Омар Беигәаа, Мушьни Миқаиа, Рушьбеи Смыр ражәеинраалақәа уанрыԥхьо, дара рҿада уаҳа ҽаџьара иуԥымло ажәақәа убоит. Ажәаргьы ианӡам, аха аконтекст ала еилукаауеит.
Иаҳҳәап, Беигәаа имоуп абри аҩыза ажәа "сыхәлакы-лашьцакын" ҳәа (помрачнеть), "аибаи́ура" иҳәоит аибабара азы (увидеться, букв.: "обрести друг друга").
Уажәы шәахәаԥш Рушьбеи Смыр иҟынтә куплетк:
"Анкьаӡа инкарҟьон аҩы иаҵахоз ахқәа,
Уажә иаҵышьшь иржәуеит афаҷыхә иарганы.
Ацыхаӡқәа рҭыԥан ицәырҵыр аӡмахқәа,
Ҳнымҩасыргь алшоит ҳашӡышо ҳӷьызкны".
Ацы́хаӡы – ледяной горный родник;
Ах – винный осадок, винная гуща;
Афаҷы́хә – ажәар ианӡам, аха ҳгәанала, ах шьҭыҵны аҩы ианалалак иахьӡу ауп: "винный камень", "тартраты"
Ишәаҳахьазма ари ажәа?
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Иаҳҳәап, Беигәаа имоуп абри аҩыза ажәа "сыхәлакы-лашьцакын" ҳәа (помрачнеть), "аибаи́ура" иҳәоит аибабара азы (увидеться, букв.: "обрести друг друга").
Уажәы шәахәаԥш Рушьбеи Смыр иҟынтә куплетк:
"Анкьаӡа инкарҟьон аҩы иаҵахоз ахқәа,
Уажә иаҵышьшь иржәуеит афаҷыхә иарганы.
Ацыхаӡқәа рҭыԥан ицәырҵыр аӡмахқәа,
Ҳнымҩасыргь алшоит ҳашӡышо ҳӷьызкны".
Ацы́хаӡы – ледяной горный родник;
Ах – винный осадок, винная гуща;
Афаҷы́хә – ажәар ианӡам, аха ҳгәанала, ах шьҭыҵны аҩы ианалалак иахьӡу ауп: "винный камень", "тартраты"
Ишәаҳахьазма ари ажәа?
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍10🔥4❤2
Гәдоуҭа иҩахыкны ацәаҟәа кыдлеит, амш аилгарахь ахы архозар акәхап. Избаз шәыҟоума? Аз-ҵыхәак амшын ихгыланы "аӡы ажәуан"🌈
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍15😍5🔥3
Ахьыуардын
Ҳпоетцәа аӡәырҩы рбызшәа ажәарқәа ҳәа хаз-хазы еиқәуршәаратәы иҟоуп, ҭынч уи мацара иаҿу ауаа еидгаланы. Иаҳнаҭо рацәахон. Иаагозар Омар Беигәаа, Мушьни Миқаиа, Рушьбеи Смыр ражәеинраалақәа уанрыԥхьо, дара рҿада уаҳа ҽаџьара иуԥымло ажәақәа убоит. Ажәаргьы…
Ишдыру еиԥш, аҩы ауалыр, ма аҳаԥшьа ианҭоуҭәалак, ҩынтә ишуеит: зны ҭагалан, нас аԥхын аламҭалазгьы. Уажәааны изахьеит.
Аҩы зыршуа ах ауп. Ҩынтә ишны еиқәтәаз аҩы агьама еиҭанакуеит аҟынтә, ах шьҭыҵуа иалагаанӡа шьоукы еихыртоит (переливка), аха уи арыжәтә аџьбарара агоит. Агьамагьы аџьбарарагьы реиқәырхара иашьҭоу абри аҩыза "алаифхак" рдыруеит: арасаҵәы аанкыланы ауалыр аҵан арӷыз еихыршьқәа алдатәуп.
Аҳаԥшьа ҩы аҭаҭәараан, а́ца ацәа хзыршәлогьы ыҟоуп, уи иарҵәыҵәуам, агьама ҿышаны иҟанаҵоит (придает своеобразную терпкость).
🔸 Ах аҿы днеины дыҟоуп – он устал, обессилел; обнищал.
🔸Ах ижəызшəоуп дышцəажəо – он говорит сумбурно, несвязно.

👍8🔥5