Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
❤18🙏2
Абызшәадырҩы, апрофессор Виачеслав Чрыгба иқәгылара аҟынтә:
🟠 Аԥсны иахьа 45-50 қыҭа ыҟазар, ҭырқәтәылатәи апровинциа Сақариа мацара 80 аԥсуа қыҭа ыҟоуп. Ҳашьцәа аҭырқәа провинциақәа зегьы рҿы инхоит. Ҳдиаспора рхыԥхьаӡара инҭкааны аҳәара уадаҩуп, аха 300-500 нызқьҩык рҟынӡа инаӡоит. (Ара иҟоу шә-нызқьҩык ҳнархыҳәҳәоит).
🟠 Ҵабалаа 15 қыҭа ыҟоуп Ҭырқәтәыла, асаӡқәа – 20 қыҭа, абжьыуаа ф-қыҭак, бзыԥаа даара ирацәоуп, гәымаа - зегь уахь иҟоуп. Аибӷаа нымхаӡеит. Ԥсҳәы-аҳҷыԥсаа 800-ҩык раҟара, ҵабалаа 500-ҩык инарзынаԥшуа Нхыҵҟа ихҵәеит, ашәуа-ашьхарыуаа ирыланхеит, егьырҭ зегь Ҭырқәтәыла иҟоуп.
🟠 Аԥсны аԥсуаа жәларык раҳасабала рышьҭа анымҵыртә еиқәзырхаз амҳаџьырра аҟынтә ихынҳәқәаз роуп, егьа рундазгьы иааз рацәаҩуп. Рыҩны, рқыҭақәа ирхылар руамызт, аха зегь акоуп рыԥсадгьыл аҿы иааит, ҿыц анхара ашьапы ркит.
🖇 Асаӡуа диалект монографиала иҭызҵаауа Виачеслав Чрыгба 1992 шықәса инаркны 2010 шықәсанӡа инеиԥынкыланы ҭырқәтәылатәи аԥсуаа, ашәуаа, аубыхцәа рбызшәа ҭиҵаауан. Хәы змаӡам аусумҭақәа шьарда инапы иҵыҵхьеит. Асаӡуа диалект аграмматика еиқәиршәеит, ажәари афольклортә текстқәеи ацны, хара имгакәа иҭыҵраны иҟоуп.
Асахьаҿы: Самсун ақалақь иаԥну аԥсуа қыҭа © Саида Жьиԥҳа
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
🖇 Асаӡуа диалект монографиала иҭызҵаауа Виачеслав Чрыгба 1992 шықәса инаркны 2010 шықәсанӡа инеиԥынкыланы ҭырқәтәылатәи аԥсуаа, ашәуаа, аубыхцәа рбызшәа ҭиҵаауан. Хәы змаӡам аусумҭақәа шьарда инапы иҵыҵхьеит. Асаӡуа диалект аграмматика еиқәиршәеит, ажәари афольклортә текстқәеи ацны, хара имгакәа иҭыҵраны иҟоуп.
Асахьаҿы: Самсун ақалақь иаԥну аԥсуа қыҭа © Саида Жьиԥҳа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍16🙏2
Уахыкала 400-ҩык аԥсуаа ахьықәынҵәаз Қьефқьен агаҿа ахҵәацәа ргәалашәара иазку абаҟа ӷьазӷьазуа идыргылеит ҳдиаспора ахаҭарнакцәа (аҳаракыра 10 метрак инаӡоит). Аартра рхы аладырхәит Аԥснынтә илеиз ауаажәлар рацәаны.
Ари аԥҳәызба – Елыф Қьецԥҳа лоуп. Лҭоурых раԥхьаӡа акәны арахь иаадырит Омар Беигәаа ила, иара иани иабигьы уи ауха иԥсқәаз ирылан. Ианиҵаз шаниҵаз имԥсахӡакәа:
Аԥсны мчыла иахырцаз аԥсыуаа Ҭырқутәылан аӡхыҵырҭақуа рҿы иеиқунҵәаон. Керкен аӡхыҵырҭангьы уыс иеиқунҵәаоз аԥсыуаа рнышәынҭрақуа рыла адә дыу хырҟьеит. Ааигуанӡа уа "Аԥсуа нышәынҭра" ҳәа ахьӡын. Зыԥсы еиқухаз ауаа хыхумыхук ирбаз анхарҭақуа рахьы ианеиха, Қьеца-ԥҳа Елыф аԥсыуа нышәынҭрақуа кажьны дрыцымцеит. Ачамгуыр алырҳәаон, лыбжьы бзиан, лчамгуыри лылақмари еицырцәажәо, иасымша аԥсыуа нышәынҭрақуа дрылан...
Асулҭан диаҳан, игуы ԥшааит. Уаҩы дылзышьҭны, "Хьаа рхашҭгас ибмоура акы ыҟам, арахь бааи!" — хәа лзыицҳаит. Лара аиҭаҳәаҩ арс цҳәаҭԥ (аҭак) илҭеит: "Асулҭан исзыихуыцыз абзиарақуа сыҭабууп. Упату схы иқууп, аха аччара зхашҭыз изы аҵәыуара хьынӡахау ҳанцәа ҳазшаз асулҭан иыимырдырааит! Шьҭа сынзымччахо аҵәыуара сахьақуиҭыу сыҟазааит, шәысҟуаҵ гушьа. Арҭ сыбаҩқуагьы сырҟугамхааит, сыԥсыргьы, дара снарыварҵап. Сашьцәа, сыҷкунцәа рыцҳақуа ирмауыз бзиаракгьы сара исҭахым..."
Ацҳаражәҳәаҩгьы: "Уыс накуха, сара Османлы исымҭаны ламҵымзар (лаӷырӡымзар) иаанхази. Сақуиҭыбтәуазар, саргьы сыламҵ нышәынҭрақуак инарықуҭәаны снабыдҵгуышьап. Аллаҳ дыбыхушәхааит!.." — иҳәеит.
Омар Беигәаа. Асҭампылтәи аԥсыуа бжьы. Ажәеинраалақәа, 1990
Асахьа: Сҭампыл иҟоу аԥсуа культуратә хеидкыла

🙏13❤3😢3
Ахьыуардын
Уахыкала 400-ҩык аԥсуаа ахьықәынҵәаз Қьефқьен агаҿа ахҵәацәа ргәалашәара иазку абаҟа ӷьазӷьазуа идыргылеит ҳдиаспора ахаҭарнакцәа (аҳаракыра 10 метрак инаӡоит). Аартра рхы аладырхәит Аԥснынтә илеиз ауаажәлар рацәаны. Ари аԥҳәызба – Елыф Қьецԥҳа лоуп. Лҭоурых…
Даара аинтерес аҵоуп зашьцәа зҵәыуоз Елыф Қьецԥҳа ллахьынҵагьы.
Лара шәышықәса инареиҳаны ақәра налгеит. Аҵарауаҩ, аиҭагаҩ Маҳинур Папааԥҳа ишылыҩуа ала, Елыф лызқәаҭыԥ ыҟоуп Македониа. Аԥснынтә дара ықәызгаз аӷба зны Варна иӡхыҵзаап, уаҟа Балкан адгьылбжьахабжа 12 шықәса инхон, насоуп Ҭырқәтәылаҟа иандәықәырҵа. Ауха Қьефқьен иахькыдгылаз абас амықәшәатә рыхьит аԥсуаа. Иаанхаз гәаҟрыла Адаԥазар итәеит, Абжьаҟәа ақыҭа еиҿыркааит (Уарҳан Шамба дахьиз).
Дук мырҵыкәа аҭырқәа сулҭан дахҳәан, аԥсуаа рҟәыҵәак иара идгылан ҳәа ҩаԥхьа Македониаҟа иқәырцеит. Убра лыдунеи лыԥсахгәышьеит Елыф рыцҳагьы. Абжьаҟәаа алшара анроу рҽааибаркны Ҭырқәтәыла зшьапы ркхьаз рқыҭахь игьежьит. Абасала, ԥшьынтә ахҵәара рхыргеит.
Абри аҭоурых ануп 2012 шықәсазы аҭоурыхҭҵааҩ Денис Чачхалиа еиқәиршәаз "Асаӡ ҭоурыхқәа реизга" (Джигетский сборник).

😢11🙏4
"Абра, Аԥсынтәыла агәаҿы,
Симон Канантә, Иоанн Ахьҿы,
Каман, Ԥсырӡха, аԥсабара шанаҿ,
Аӡиасқәа, аӡҭаҽҽақәа ртәылаҿ –
Ажәытә аахыс иаԥуп рдамрақәа,
Ҳадгьыл иазыԥхон ршәахәақәа..."
(Мушьни Лашәриа "Ашаеҵәа")
Қьырса ибзарӡы Аԥсныҟа иаазгаз ҳәа иԥхьаӡоу Ацқьа Симон Канатәи игәалашәара амш сынтәа жәашықәсоуп ԥсшьарамшны ҳтәылаҿ иаԥуижьҭеи. Иацакәызшәа ақәҵара анышьҭырхуаз.
◽️ Аԥсны зышьҭамҭа нханы иҟоу, иахьанӡагьы игылоу ақьырсиан ныхабаақәа зегьы ааидкыланы 150 инареиҳауп, шамахамзар қыҭацыԥхьаӡа иуԥылоит. Пицунда (Лӡаа) иахьаҵанакуа мацара ажәытәӡатәиқәа быжьба ыҟоуп⛪
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Симон Канантә, Иоанн Ахьҿы,
Каман, Ԥсырӡха, аԥсабара шанаҿ,
Аӡиасқәа, аӡҭаҽҽақәа ртәылаҿ –
Ажәытә аахыс иаԥуп рдамрақәа,
Ҳадгьыл иазыԥхон ршәахәақәа..."
(Мушьни Лашәриа "Ашаеҵәа")
Қьырса ибзарӡы Аԥсныҟа иаазгаз ҳәа иԥхьаӡоу Ацқьа Симон Канатәи игәалашәара амш сынтәа жәашықәсоуп ԥсшьарамшны ҳтәылаҿ иаԥуижьҭеи. Иацакәызшәа ақәҵара анышьҭырхуаз.
◽️ Аԥсны зышьҭамҭа нханы иҟоу, иахьанӡагьы игылоу ақьырсиан ныхабаақәа зегьы ааидкыланы 150 инареиҳауп, шамахамзар қыҭацыԥхьаӡа иуԥылоит. Пицунда (Лӡаа) иахьаҵанакуа мацара ажәытәӡатәиқәа быжьба ыҟоуп
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍11
Ԥсырӡха аԥшьаҭыԥқәа рҿы уанынеиааиуа доуҳарак, цәалашәара лашак уоуеит, уқьырсианӡамзаргьы. Еиҳарак уажәааны, ашәаԥыџьаԥ еинылан ианыҟоу, аккареи аӡыхьи рышьҭыбжь цқьаӡа, ахәхәа-хәхәаҳәа рбызшәала иуацәажәошәа угәы иабоит, ус ауми?☘️
Арҭ ахаҳәқәа Симон Канатәи ишьаӡа рыхьшуп ҳәа агәра уга-иумга ихадароу даҽакуп: адунеи аҿы Аԥсни иареи рыхьӡқәа еидкыланы ирҳәоит, ақьырсиан жәла раԥхьаӡа иахькашәаз дгьылк аҳасабала. Ус иагьыҟаҵәҟьан.
Иҟоуп агәаанагара, Қьырса иҵаҩцәа 70-ҩык ируаӡәку ацҳаражәҳәаҩ Матфигьы Аԥсны дааны дыҟан, Себастополис дыршьит ҳәа.
Ашьра атәы анаҳҳәа, шәахәаԥш ажәа ашьа́нҵа шышьақәгылоу (кремень, букв.: "окрашенный кровью", мамзаргьы "отпечаток ноги"). Ашьанҵа ахкқәа шәкыла иҟоуп, аха ҳара ҳҿы иуԥыло аиҳарак аҟаԥшь ҩазақәа рнуп, ма ихәаԥштәылоуп.
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Арҭ ахаҳәқәа Симон Канатәи ишьаӡа рыхьшуп ҳәа агәра уга-иумга ихадароу даҽакуп: адунеи аҿы Аԥсни иареи рыхьӡқәа еидкыланы ирҳәоит, ақьырсиан жәла раԥхьаӡа иахькашәаз дгьылк аҳасабала. Ус иагьыҟаҵәҟьан.
Иҟоуп агәаанагара, Қьырса иҵаҩцәа 70-ҩык ируаӡәку ацҳаражәҳәаҩ Матфигьы Аԥсны дааны дыҟан, Себастополис дыршьит ҳәа.
Ашьра атәы анаҳҳәа, шәахәаԥш ажәа ашьа́нҵа шышьақәгылоу (кремень, букв.: "окрашенный кровью", мамзаргьы "отпечаток ноги"). Ашьанҵа ахкқәа шәкыла иҟоуп, аха ҳара ҳҿы иуԥыло аиҳарак аҟаԥшь ҩазақәа рнуп, ма ихәаԥштәылоуп.
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍13🙏2
Аԥсуаа аџьар рыман ақьырсианра ҟалаанӡагьы.
Аџьар ҳәа иашьҭан хԥаны еимҿаԥоу аџь амахәҭа. Ажәытәуаа аџьҵла ишазыҟаз жәдыруеит, афы асуеит ҳәа иагьацәшәон, иагьамҵаныҳәон. Аџьра ахьеилагылоу ԥшьаҭыԥны иԥхьаӡоуп иахьа уажәраанӡагьы аԥсуаа-адыгаа ҳҟны. Аџь уанықә, ажьира уанықә – ак акәын.
Аџь (ма ахьаца, араса, ашә, ал, ахьа – аҵла мышьҭабзиақәа) амаҵәақәа ҩба еихыршьны иалҵуаз аџьар уахьчоит ҳәа агәра ргон ҳабдуцәа, уи зхарсу изакәызаалак уакьысыр ҟалаӡомызт. Ас еиԥш аџьарқәа аихагьы иалырхуан, ахархьуаа реиԥш ахәаахәҭцәагьы иныҟәыргон, рмазара аларыхьчарц, уи аԥхьакра рылымшакәа иадымҵыр ада ԥсыхәа аныҟамыз.
Наԥра-ныхаҿ (ахҿа ахьықәу) зқьыхкыла ахҿақәа иҭаз ирылан аихатә џьарқәа жәабаҟа, ршьапы ҵарны, иауны (ахарсразы). Иҟалап, абри ашьхала игазҭгьы ажәытәӡатәи ахәаахәҭцәа Нхыҵҟа излацоз мҩакы, иҳәоит аҭоурыхҭҵааҩ Руслан Барцыц.
V–VI ашәышықәсазы Аԥсны ақьырсианра аналаҵәа уаанӡа ишьақәгылахьаз атермин "аџьар" ари адин асимвол хадахьы ииасит. Ас зҳәахьоу аҵарауаа иреиуоуп Мирра Хотелашвили - Инал-Иԥа, Раиса Гәыблиа.
Иҳәатәуп, "аџьар" ажәа ақырҭшәахьтә иаланагалеит ҳәа зыԥхьаӡогьы шыҟоу (jvari).
Асахьа © CCO

👍12❤3
Ахьыуардын
Аԥсуаа аџьар рыман ақьырсианра ҟалаанӡагьы. Аџьар ҳәа иашьҭан хԥаны еимҿаԥоу аџь амахәҭа. Ажәытәуаа аџьҵла ишазыҟаз жәдыруеит, афы асуеит ҳәа иагьацәшәон, иагьамҵаныҳәон. Аџьра ахьеилагылоу ԥшьаҭыԥны иԥхьаӡоуп иахьа уажәраанӡагьы аԥсуаа-адыгаа ҳҟны. Аџь…
"Аџьар" иамоу аҩбатәи аҵакы – "ажәлар" (толпа, скопление людей) аҿиаразы иҟоуп абас еиԥш агәаанагара:
Ааамҭаказы ақьырсианра убас иҳалаҵәеит, зегьы аџьарқәа ныҟәырго аҟынӡа, "ажәлар" иасинонимхеит "аџьар" ҳәа. Аџьар еилагылоуп = аџьар зыхәда ихшьу ауаа еилагылоуп.
🟠 Ҳгәанала, "аџьар" ауаа рацәа аҵакы анамоу, ашьаҭаҿы иҟоу аџьоуп: аџьа (труд) + -р(а) (устаревший суффикс мн. ч.): аџьар, аџьажәлар (трудовой народ).
Ашьаҭа -џьа арацәа хыԥхьаӡаратә суффиксны иахьаҳԥыло "ҩы-џьа" аҟны, аԥсабара еилкаам. Аха ирҳәоны ишәаҳахьеит: аӡә дзаҵәуп, ҩыџьа – жәларуп ҳәа.
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Ааамҭаказы ақьырсианра убас иҳалаҵәеит, зегьы аџьарқәа ныҟәырго аҟынӡа, "ажәлар" иасинонимхеит "аџьар" ҳәа. Аџьар еилагылоуп = аџьар зыхәда ихшьу ауаа еилагылоуп.
Ашьаҭа -џьа арацәа хыԥхьаӡаратә суффиксны иахьаҳԥыло "ҩы-џьа" аҟны, аԥсабара еилкаам. Аха ирҳәоны ишәаҳахьеит: аӡә дзаҵәуп, ҩыџьа – жәларуп ҳәа.
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍8🙏3
Аҟәатәи Ашьхарыуаа рышкол 160 шықәса ахыҵра ныҳәа дуны иазгәарҭеит иахьа. Уаҵәы Аԥсны ашколқәа зегьы рҿы ари аҵарашықәс азы иҵыхәтәантәиу аҵәҵәабжьы гоит. Мшы шәҭазааит аҵара аус иазааԥсо зегьы!
Иахьа шьҭа усгьы абызшәа атема ҳҽаҳҭеит. Ажәа "аҵара" ҿыцӡам аԥсшәаҿы, излоу ажәаԥҟақәа ҳамоуп. "Аҩреи" "аԥхьареи" инарываргыланы ажәытәӡан зны ҳхатә ҩыра шҳамаз аҳәозар ауеит.
Аҵара иазку ажәаԥҟақәа:
🟠 Аҵара жәра ақәӡам.
🟠 Аҵара сасуп, ахшыҩ аԥшәымоуп.
🟠 Аҵара лашароуп, аҵарадара лашьцароуп.
Ари аҵыхәтәантәи аурысшәахьтә еиҭагоуп, аха егьырҭ анкьа-бынкьа ҳажәлар ишдырҿиаз ҩашьом.
Ишәышәуа-ишышуа аффриката ҵ’ злоу ашьагәыҭ -ҵа ҳԥылоит иара убас ажәақәа "аҵабырг", "азҵаара" рҟынгьы.
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Иахьа шьҭа усгьы абызшәа атема ҳҽаҳҭеит. Ажәа "аҵара" ҿыцӡам аԥсшәаҿы, излоу ажәаԥҟақәа ҳамоуп. "Аҩреи" "аԥхьареи" инарываргыланы ажәытәӡан зны ҳхатә ҩыра шҳамаз аҳәозар ауеит.
Аҵара иазку ажәаԥҟақәа:
Ари аҵыхәтәантәи аурысшәахьтә еиҭагоуп, аха егьырҭ анкьа-бынкьа ҳажәлар ишдырҿиаз ҩашьом.
Ишәышәуа-ишышуа аффриката ҵ’ злоу ашьагәыҭ -ҵа ҳԥылоит иара убас ажәақәа "аҵабырг", "азҵаара" рҟынгьы.
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
🎉9👍2🙏2
Имҩашьо абаҩхатәра ду злаз ашәҟәыҩҩы, "ҳаамҭазтәи аепос" аԥҵаҩы Даур Занҭариа иахьа иԥсы ҭаны дҳалагылазҭгьы 70 шықәса ихыҵуан.
Адунеи аҿы иреиҳаӡоу алитературатә премиақәа рырҭоит уаанӡа ирымҳәац зҳәаз, ауаатәыҩса зегьы еицырзеиԥшу азҵаарақәа ҿыц блала уазырхәаԥшыз аҟазацәа. Даур Занҭариа уи илшахьан. Иҵаулареи илафи рыла ҽаӡәы диеиԥшмызт. Иааишьа злаҟаз ала, Нобель итәгьы даԥсахон, ҳәарада, иаџьал ихымццакызҭгьы.
Апрозаҿы ажанр ҿыц аԥиҵеит – афольклор, аҭоурых, аепос, амиф еилаӡҩаны. Ипоезиагьы ӷәӷәан, ицқьан. Ҩ-бызшәак рбеиара, рыхаара ақьаад аҿы аԥсы ахаҵо, ихатәы мҩа данын. 48 шықәса изыԥҵәаз рыла дзыхьӡаз маҷым. Имҽхак, ирҿиара ицәырнаго атемақәа шықәсырацәала иҭырҵаалоит ҳаԥхьаҟагьы.
Иҩызцәа дыздыруаз иахьа гәыблыла дыргәалашәоит, есышықәса аԥхьаҩцәа ҿыцқәа иоуеит Аԥсны, уи анҭыҵ, иҩымҭақәа ажәуам, ашәҟәыҩҩы изы абарҭқәа иреиҳау иҟоузеи?

👍10❤5🙏2
Даур Занҭариа ироман лыԥшаах "Ахьтәы барбал" анҭыҵ, Фолкнери Маркеси драҟараны ихьӡ рҳәо иалагеит Аҟәа, Москва. Иара ус еиԥш арҽхәаԥхьыӡқәа дагьрышьҭамызт, аӡәы сиеиԥшны сыҩуашәа анаӡарак схы иадызбалар, уи сацәцарц сҽазыскуеит иҳәон. Абас иҳаракын, иагьыуадаҩын арҿиараҿы ихазы иалихыз ашьхацамҩа! Аха дласӡа дазцон ихықәкы. Уи ауп иалкаау иҩымҭақәа уеиҭарыԥхьаларц зуҭаххо.
Даур Занҭариа ииубилеи ааигәахо ианалага, иара иҩыза, апублицист Елеонора Коӷониаԥҳа ирҿиамҭақәа деиҭарыԥхьан, хаз-хазы дрыхцәажәеит. Уажәшьҭа иара дыҟамижьҭеи 20 шықәса инареиҳангьы аамҭа бжьалахьеит, акыр дшылхьааугьы, уи лҽамҭакәа, инҭкааны ибаҩхатәра аҷыдарақәа ралкаара лылшеит, азеиԥш ажәақәа дрыцәхьаҵны. Иара игәаԥхарын.
Амза ҳанҭала инаркны Sputnik Аԥсны асаит аҟны икьыԥхьуа ҳаауеит, аха издыруада ишәцәыбжьахаз ыҟазар, абра еизаҳгеит:
"Енџьы-Ҳаным, зынасыԥ зцымныҟәаз" иазкны»
ДЗ ифантастикатә проза иазкны»
ДЗ илирика иазкны»
ДЗ исахьаркыратә бызшәа иазкны»
Ажәабжь "Ашамҭаз" иазкны»
Аҟазараҭҵааҩ Светлана Қәарсаииаԥҳа лгәалашәарақәа»
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Даур Занҭариа ииубилеи ааигәахо ианалага, иара иҩыза, апублицист Елеонора Коӷониаԥҳа ирҿиамҭақәа деиҭарыԥхьан, хаз-хазы дрыхцәажәеит. Уажәшьҭа иара дыҟамижьҭеи 20 шықәса инареиҳангьы аамҭа бжьалахьеит, акыр дшылхьааугьы, уи лҽамҭакәа, инҭкааны ибаҩхатәра аҷыдарақәа ралкаара лылшеит, азеиԥш ажәақәа дрыцәхьаҵны. Иара игәаԥхарын.
Амза ҳанҭала инаркны Sputnik Аԥсны асаит аҟны икьыԥхьуа ҳаауеит, аха издыруада ишәцәыбжьахаз ыҟазар, абра еизаҳгеит:
"Енџьы-Ҳаным, зынасыԥ зцымныҟәаз" иазкны»
ДЗ ифантастикатә проза иазкны»
ДЗ илирика иазкны»
ДЗ исахьаркыратә бызшәа иазкны»
Ажәабжь "Ашамҭаз" иазкны»
Аҟазараҭҵааҩ Светлана Қәарсаииаԥҳа лгәалашәарақәа»
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍10❤2🙏2
Аԥсуа литератураҿы иреиӷьӡоу алирикатә жәеинраалақәа ирхыԥхьаӡалоуп "Сышә аӡә дасит…" Ишԥеихышәшәо уҳәарауеи! Цәаҳәацыԥхьаӡа "аԥшӡареи ашәеи еицныҟәоит".
Сышә аӡә дасит сыцәамҭаз.
Сгәылак иакәхап гәаагӡан:
"Дарбан ҭаха сызымҭаз?" –
Сыбжьы нҭысцеит сгәааӡан.
Ашә ааимысԥаан аҟыԥҳәа,
Уа сааҭгылеит аҽыҩҳәа –
Абҳәашәҭ еиԥш длаша-лашо
Дгылан ассир иалашоу.
Сыгачамкшьа џьабымшьан,
Ас сақәгәыӷуаз џьыбымшьан...
Уа, саԥсам быҩналара,
Исылшома бнаалара?
Скәымраҿ даарагь ԥхараӡам,
Амала акгьы схараӡам.
Ҵәымӷҵас сгәы балаҵан,
Сгәы бышҭыхац бҭыхаӡон,
Сыԥхыӡ бшалац балаӡан,
Исаҭәамыз сбырҟаҵон.
Шәахәаҵас бнасыхәаԥшит,
Уаҟа схы насыкәаҽит.
Ҩ-ӡиак реиԥш быблақәа
Рыеҵәара сахәаҽит.
Аԥсеивгаха сымҭакәа
Баасацәажәеит аҭмақәа, –
Уа, еицрабҵеит аԥырҳәа
Кәиц хәыҷык, имыцәацкәа
Сгәаҵа иҭаршәыз аарлаҳәа.
Даур Занҭариа
📖
Акәы́мра - коморка
А́ҭмақәа - бойко
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Сышә аӡә дасит сыцәамҭаз.
Сгәылак иакәхап гәаагӡан:
"Дарбан ҭаха сызымҭаз?" –
Сыбжьы нҭысцеит сгәааӡан.
Ашә ааимысԥаан аҟыԥҳәа,
Уа сааҭгылеит аҽыҩҳәа –
Абҳәашәҭ еиԥш длаша-лашо
Дгылан ассир иалашоу.
Сыгачамкшьа џьабымшьан,
Ас сақәгәыӷуаз џьыбымшьан...
Уа, саԥсам быҩналара,
Исылшома бнаалара?
Скәымраҿ даарагь ԥхараӡам,
Амала акгьы схараӡам.
Ҵәымӷҵас сгәы балаҵан,
Сгәы бышҭыхац бҭыхаӡон,
Сыԥхыӡ бшалац балаӡан,
Исаҭәамыз сбырҟаҵон.
Шәахәаҵас бнасыхәаԥшит,
Уаҟа схы насыкәаҽит.
Ҩ-ӡиак реиԥш быблақәа
Рыеҵәара сахәаҽит.
Аԥсеивгаха сымҭакәа
Баасацәажәеит аҭмақәа, –
Уа, еицрабҵеит аԥырҳәа
Кәиц хәыҷык, имыцәацкәа
Сгәаҵа иҭаршәыз аарлаҳәа.
Даур Занҭариа
Акәы́мра - коморка
А́ҭмақәа - бойко
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
❤17👍2
Агәы ԥшқа зызҭаз алирик, агәы мшәа зызҭаз асатирик, Аԥсуа поет, арҵаҩы Кьыршьал Чачхалиа диижьҭеи 105 шықәса ҵит.
Дырмит Гәлиеи Леонти Лабахәуеи раамышьҭахь асатира ажанр ҽаԥарак ԥхьаҟа изгаз, еснагь зыжәлар рыгәҭыха зыгәҭыхаз апоет аԥхьаҩцәа даара дырҭахын, иқәгыларацыԥхьаӡа акыраамҭа еихымсыӷьуаз напеинҟьабжьыла иԥылон, днаскьаргон. Асовет аамҭа ацензура ӷәӷәа шацызгьы, уи аҽанраалара иара иҟазшьамызт. Аԥсуара – иашаҳәароуп ҳәа иҳәатәыз иҳәон, ауаа змырӷьацоз ацәаҩа бааԥсқәа здибалоз ҵәылихуан ҟазара дула. Еиҳаракгьы аҭыԥқәа иреишәарыцоз ачынуаа. Иагьхысуан исатира ӷәӷәалашәа.
Иара иԥсҭазаара шьшьылаҳа иҟамызт, амшын аҽанарцәгьо еиԥш ицәқәырԥалон уажәи-уажәи, аха ацәқәырԥқәа ԥырссо днеиуан дышнеиц диашаӡа, имҩа дацәхьамҵит дыҟанаҵ. Нас бзиа дзаҳбо убри азами Кьыршьал! Иахьагьы-уаҵәгьы даҳгәалашәоит.
Кьыршьал Чачхалиа апоезиа аизгақәа 15 дравторуп, ашколтә программа иалоуп иҩымҭақәа жәпакы. Абар уажәшьҭа хԥа-ԥшьба абиԥара бзиа еицырбо ашәа "Исхароузеи" злыху иара иажәеинраалоуп.
Ааԥын ааит! Иԥшӡарахеит,
Амш шаҟа иԥхарроузеи!
Бысзалымхуа сгәы балахеит,
Ишԥазури, исхароузеи?..

👏12❤5👍3
📌 Ажәа бзиоуп
Ар рхы – главнокомандующий
"Ар рхы ҭызго", "ар рҵыхәа ҭызго" ҳәа ҳбызшәа иалоу афразеологизмқәа агәымшәа, ахаҵа ӷәӷәа изы иҳәоуп, аҩбагьы аибашьратә стратегиа иахылҿиааит.
Ар рхы ҭызго – авангард; начальник авангарда (аԥхьагылара зуа);
Ар рҵыхәа ҭызго – арьергард; начальник арьергарда (даҽакала: аҵы́хәахьча).
"Ар рхы-рҵыхәа ҭызго" ҳәа еилангьы иахьаҳԥыло машәырӡам. Аибашьраан аусқәа еснагь еиқәышәшәа изцомызт, ахьаҵра анаҭаххо аамҭазы авангард – арьергардхоит. Усҟан рус иаҳагьы ишәарҭоуп, агәаӷьра дуӡӡа аҭахуп. Арҭ атерминқәа ишнеиуаз агәымшәара ду злоу ауаа ирҟазшьарбагахеит.
#ажәа_бзиоуп

👍12🔥3❤2
Ахьыуардын
📌 Ажәа бзиоуп Ар рхы – главнокомандующий "Ар рхы ҭызго", "ар рҵыхәа ҭызго" ҳәа ҳбызшәа иалоу афразеологизмқәа агәымшәа, ахаҵа ӷәӷәа изы иҳәоуп, аҩбагьы аибашьратә стратегиа иахылҿиааит. Ар рхы ҭызго – авангард; начальник авангарда (аԥхьагылара зуа); Ар…
Арԥыза – предводитель армии;
Иреиҳаӡоу ар рԥыза (рхы; рхада) – Верховный Главнокомандующий
Ар рымца – армейский костер (идуны еиқәуп);
Ар рычуан – армейский котёл (уаа-шәҩык зҭачаша)
Ар рқәаб – плоскодонный медный котёл;
Ар рхәы – армейское питание (провизия);
Ар рымҩа (армҩа) – армейская дорога (иҟьаҟьаӡа иҟоуп).
Ашьаҟар – пехота;
Ашхәар – военно-морской отряд;
Ашхәар рашәа – песня морского десанта;
Аҽар – конница;
Азар* рашәа – песня всадников (кавалеристов)
Аамсҭар – рыцарская дружина;
Аамсҭа – рыцарь, дворянин.
Жәаҩы рхы – командир отделения;
Ашәҩы рхы – командир сотни;
Зқьы рхы – командующий тысячным отрядом.
🔸 Ар ирнымиац дхаҵа ӷәӷәоуп. – Все герои, пока не столкнулись с армией (противника).
*Азар – "аҽар рашәа" аҟынтә иаауазар ҟалап ҳәа агәаанагара имоуп абызшәадырҩы Валери Кәарҷиа.
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍12
Арбаика шәымдыруеи, Гагра иреиҳаӡоу аҳаракырақәа ируаку? Убри ахьӡ аҟынгьы иҳамоу "ар" ауп. Арбаа ика иаанагоит - гребень горы Арбаа. Иҟоуп Арбаикахәҷы, Арбаикаду. Ари ашьхаҭыԥ акырынтә еицакны ахсаалақәа рҿы иадырбахьан "Арабика" инамаркны, аха иахьазы ахьӡ риашоуп, аҵакгьы ҳдыруеит.
Арбаа аҩбатәи ахәҭа "албаара" аҟынтә иаауеит ҳәа ҳаԥхьоит Валери Кәарҷиа иҩуаны. Арбаа ашьха инацәыхарамкәа иҟоуп Арԥхьара зыхьӡу ашьхагьы "там где армия остановилась на ночевку".
Асахьа: Ашьхатәыла Аԥсны
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Арбаа аҩбатәи ахәҭа "албаара" аҟынтә иаауеит ҳәа ҳаԥхьоит Валери Кәарҷиа иҩуаны. Арбаа ашьха инацәыхарамкәа иҟоуп Арԥхьара зыхьӡу ашьхагьы "там где армия остановилась на ночевку".
Асахьа: Ашьхатәыла Аԥсны
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍14
Ахьыуардын
Имҩашьо абаҩхатәра ду злаз ашәҟәыҩҩы, "ҳаамҭазтәи аепос" аԥҵаҩы Даур Занҭариа иахьа иԥсы ҭаны дҳалагылазҭгьы 70 шықәса ихыҵуан. Адунеи аҿы иреиҳаӡоу алитературатә премиақәа рырҭоит уаанӡа ирымҳәац зҳәаз, ауаатәыҩса зегьы еицырзеиԥшу азҵаарақәа ҿыц блала…
This media is not supported in your browser
VIEW IN TELEGRAM
"Иахьазы Даур Занҭариа адунеиҿы иреиӷьӡоу ашәҟәыҩҩцәа жәаҩык дыруаӡәкуп. Аамҭа цацыԥхьаӡа уи еиҳагьы иккаӡа иааԥшуеит".
Абас уи ирҿиаратә ҭынха игәыҭгагоу ахәшьара ҳаракы аиҭоит аурыс литератор Леонид Бахнов.
Даур Занҭариа ихьӡ анаунагӡатәра иазааԥсо Циза Гәымԥҳа лааԥхьарала, иара ииубилеи иазкыз апресс-конференциа рхы аладырхәит аҳәаанырцәтәи асасцәа дахьқәагьы. Иахьа арадио Sputnik иаҭааны иҟан, гәахәарыла ибаҩхатәра иалацәажәеит. Ирҳәаз шәазыӡырҩырц шәылшоит абра»
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Абас уи ирҿиаратә ҭынха игәыҭгагоу ахәшьара ҳаракы аиҭоит аурыс литератор Леонид Бахнов.
Даур Занҭариа ихьӡ анаунагӡатәра иазааԥсо Циза Гәымԥҳа лааԥхьарала, иара ииубилеи иазкыз апресс-конференциа рхы аладырхәит аҳәаанырцәтәи асасцәа дахьқәагьы. Иахьа арадио Sputnik иаҭааны иҟан, гәахәарыла ибаҩхатәра иалацәажәеит. Ирҳәаз шәазыӡырҩырц шәылшоит абра»
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍18🔥3
This media is not supported in your browser
VIEW IN TELEGRAM
Таташь хазына ҽырбаҩык рзануп Гәдоуҭа "Жьиаа рашҭаҿ".
Ауаа зынӡа ирцәымшәоу, ма агәалаҟара бзиахә ҳақәшәоу уара идыр, аха ҳаназааигәаха аҽааизнаршәшәан, ҳабла хнакит аԥшӡара😍
Авидео ҭылхит Вика Жьиԥҳа
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Ауаа зынӡа ирцәымшәоу, ма агәалаҟара бзиахә ҳақәшәоу уара идыр, аха ҳаназааигәаха аҽааизнаршәшәан, ҳабла хнакит аԥшӡара
Авидео ҭылхит Вика Жьиԥҳа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍13❤3
Ахьыуардын
Таташь хазына ҽырбаҩык рзануп Гәдоуҭа "Жьиаа рашҭаҿ". Ауаа зынӡа ирцәымшәоу, ма агәалаҟара бзиахә ҳақәшәоу уара идыр, аха ҳаназааигәаха аҽааизнаршәшәан, ҳабла хнакит аԥшӡара😍 Авидео ҭылхит Вика Жьиԥҳа 🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Ашкәакәа ԥшшәы ацқьара, аԥшқара, анасыԥ, адоуҳа реиԥш иҟоу аилкаарақәа ирыдҳәалоуп аԥсуаа ҳдунеихәаԥшышьаҿы. Аԥсны абираҟи агерби рҟынгьы ашкәакәа аҭыԥ амоуп.
Ашкәакәеи аиқәаҵәеи ирыдҳәалоу ажәаԥҟақәеи аҵасқәеи дырзааҭгылеит афольклорист Сусанна Ҭаниаԥҳа. Шәаԥхьарц шәылшоит абра»
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Ашкәакәеи аиқәаҵәеи ирыдҳәалоу ажәаԥҟақәеи аҵасқәеи дырзааҭгылеит афольклорист Сусанна Ҭаниаԥҳа. Шәаԥхьарц шәылшоит абра»
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
Sputnik Аҧсны
"Зегь реиҳа еиқәаҵәоу": аԥштәқәа рдунеи ҳмилаҭтә культураҿы
Аԥштәқәа ирызку аматериал азлырхиеит Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа.
👍7❤2
Шәача налс иуԥыло атыԥхьыӡқәа Дагомыс, Магри аԥсышәала иурцәажәар ауеит.
Дагомы́с – иагьҭыԥхьӡуп, иагьӡиасхьӡуп, Адагәа-иԥацәа рыхьӡ ахызар ауеит. Адагәа-иԥацәа аубых аамысҭа жәла Бырзықьаа роуп (рабиԥара хьӡуп, Џыраа реиԥш). Аурыс хыҵхырҭақәа рҟны Дагомуковы ма Догумоку ҳәа иарбоуп. "Ацынҵәарах" аҟынтә ишәгәалашәоит, аҵыхәтәанӡа зыжәлар ԥызара рзызуаз Ҳаџьы Кьарантыхә – Адагәа-иԥа шиакәыз.
Ма́гри – аригьы ҭыԥхьӡуп, иагьӡиасхьӡуп, Шәача уаалҵны Тҟәаԥс уахьалало иҟоуп. Аԥсуа аамысҭацәа Магьраа рыжәла ахуп (Вардане – Ҩарданаа шаанаго еиԥш). Иара абри ажәла акәхап ашаԥсыӷцәа рҿы Магуэ ҳәа иуԥыло, аӡиас Шахе аҩадахьала иҟоуп Магуэха́бль, ҳаамҭазы инхарҭаҭыԥым, аха ахьӡ ишаҳәо ала – ажәытәан иҳаблан. Аԥсны иҟоуп Магьшьха.
Амҳаџьырқәа рхылҵшьҭрақәа ишеиҭарҳәо ала, Магьааи, Аублааи, Ачааи Аԥснынтә Ҭырқәтәылаҟа еицыхҵәеит. Магьаа Аҷандара ирацәаҩны инхон.
Ахыҵхырҭа: Денис Чачхалиа "Историческая топонимика Большого Сочи середины XIX в."
Асахьа: sochi.ru

👍15❤9