Ахьыуардын
1.27K subscribers
1.19K photos
193 videos
1.46K links
Ахьыуардын — аԥсуа бызшәеи, аҭоурыхи, акультуреи ирызку апроект ҷыда. Напбзиа-шьапбзиа ахьыуардын дақәтәоуп. Шәҳацла: ахьы хәыҷуп, аха шәкы ицоит, аӡә дышәҩыкны дҳаԥхьаӡоит.
Download Telegram
Ахацәа еибашьцәа реилаҳәашьеи рабџьармаҭәеи бзиаӡаны изныԥшуа Гагарин исахьақәеи ашьха пеизажқәеи ашәҟәы рацәа иргәылалахьеит, амузеиқәа рҿы иуԥылоит, аинтернет аҿгьы алаҵәара ду рымоуп. Ихааныз аҟазарахәшьаҩцәа деицгәарҭеит, рырҽхәаԥхьыӡ даԥсахеит. Абасала, Г. Гагарин сахьаҭыхҩык иаҳасабала Кавказ ихьӡ ҭнагеит, иаргьы Кавказ ахԥша азирҳаит.

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
Forwarded from Sputnik Аԥсны
Media is too big
VIEW IN TELEGRAM
🔸Аԥсуа радио астудиа ҿыц аадыртит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә телерадиоеилахәыраҿы.

Амилаҭтә радио аира 93 шықәса ахыҵра иақәыршәаны имҩаԥгаз аусмҩаԥгатә далахәын атәыла аԥыза-министр Владимир Делба. Иара иазгәеиҭеит арадио ахаангьы акырзҵазкуа информациатә хыҵхырҭаны ишыҟоу.

"Ҳара аамҭа кьаҿк иалагӡаны FM дырраҭара адагьы онлаин-дырраҭарақәа рахь ҳцәырҵит. Аԥсуа радио асаит аашәыртыр, адунеи зегьы аҿы шәаҳзыӡырҩыр шәылшоит. Иара убасгьы аплатформақәа аԥаҳҵеит, астримқәа мҩаԥаҳгоит, Telegram-канал аҿы ишиашоу ицо адырраҭара азыӡырҩразы алшара ыҟоуп", — иҳәеит Аԥсуа радио аиҳабы Адгәыр Гәынба.


Аԥсуа телерадиоеилахәыра анапхгаҩы Ирина Агрԥҳа инаҵшьны иазгәалҭеит, арадиодырраҭарақәа актуалра рыҭара — рус хадақәа ишыруаку.

“Уажәы Аԥсуа радиоҿы имҩаԥысуа ауснагӡатәқәа зегьы — иахьатәи аамҭа ашьашәалара иазку шьаҿақәоуп ҳәа ахысҳәаауеит",, — лҳәеит Агрԥҳа.

🖇 Аԥсуа радио раԥхьаӡакәны аефир ахь иҭыҵит 1932 шықәса мшаԥы 30 рзы.
Апоет, апрозаик Қьаазым Агәмаа диижьҭеи 110 шықәса ҵуеит иахьа. Збаҩхатәреи здырреи еицназгоз аҵеи, зҩымҭақәа ухамшҭуа автор. Акьыԥхь аҿы дцәырҵит дышқәыԥшыз, 1930-тәи ашықәсқәа рзы еиҵагылоз апоетцәа ҿарацәа даарылукаауа. Аҵара иҵон Аҟәа, Москва (ажурналистикатә институт), Калининград (арҵаҩратә институт аҭоурыхтә факультет). Аус иуан Тҟәарчал ашкол арҵаҩыс, агазеҭ "Аԥсны ҟаԥшь" аредакциаҿы.

Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аламҭалаз аррахь иԥхьеит, аибашьра амцашыра далагылан. Зны дсолдаҭын, нас дпартизанын. Игәабзиара ҵызшәааз ахәра цәгьа иоуит. 1944 шықәсазы Аԥсныҟа дааит, аусура дазыгьежьит, икалам шикыц икын. Аха иашәеи иԥсҭазаареи заа иҿахҵәарц иҟан, ихәрақәа рымшала дықәрахьымӡаны дымҩасит.

35 шықәса роуп иниҵыз аԥсуа литература аҿиараҿы злагала дуу, зышьҭа ԥшӡоу Қьаазым Агәмаа. Дахьӡеит ихадоу алитературатә жанрқәа зегьы рҟны иажәа аҳәара! Абиԥарала аԥхьаҩцәа ирдыруеит, бзиагьы ирбоит аԥсҭазааратә ҵабырг иагәылиааз ирҿиара: ажәеинраалақәа "Асолдаҭ иҳаҭгәын", "Асалам Аҟәаҟа", абаллада "Аҿырпын", аповест "Абаандаҩы", ажәабжьқәа "Ан лыбзиабара", "Икамшәаз алаӷырӡ", апиеса "Адгьыл ду" уҳәа егьырҭгьы. Аԥсшәахь еиҭеигон аклассикцәа ражәеинраалақәа, аерман фырхаҵаратә епос "Давид Сасунтәи" ацыԥҵәахақәа. Иҩит акымкәа-ҩбамкәа амилаҭтә литературеи аҟазареи ирызку астатиақәеи арецензиақәеи.

Қьаазым Агәмаа (1915 - 1950) иԥсҭазаареи ирҿиаратә мҩеи ирызкуп Руслан Қапба раԥхьаӡатәи имонографиа.

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
🧩 Ааԥынтәи ажәахырҿиаара

Араԥса́, араса́ԥса, а́лԥса (сережки грецкого ореха; лещины; ольхи)

Ҩ-шьаҭак реилаларала ишьақәгылаз ажәақәоуп: аҵла ахьӡ + ԥса.

Ажәахырҿиааратә елемент -ԥса араҟа ахатә семантика амаӡам, аха иаанарԥшуеит арацәареи аԥшӡакреи, еиҳа инҭкааны иуҳәозар, "акы иарганы аҩычара". Иара ус ҳажәаҳәаҿы суффиксны иаҳԥылоит, иаҳҳәап:

▫️ Имаҟа ҟәынаԥсараха, ихҭарԥа чыхәԥсараха, лыҵкы џьоуҳарԥсараха, лнацәақәа мацәазԥсараха.

Араԥса, араԥса-қәа — арацәа хыԥхьаӡара шьҭнахуеит, аизгаратә ҵакы амаӡам, иаҳҳәап "ашьаҟьар" еиԥш. Аха раԥсакгьы абыбыц зырҳауа ашәҭ ссақәа рацәаӡаны иаҿоуп, аԥшлапҟьа абларҭақәа реиԥш еиваӷӷа иҟоуп.

▫️ Асуффикс -ԥса "ахә" ахьаанаго аҿырԥштәқәа еизаҳгеит абра>>

#ажәахырҿиаара

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
Дасу иашҭа, иҩны-игәара,
Дасу иқыҭа, ихы-ихшара,
Дасу имца, ихәышҭаара –
Гәашьамхс иаҵоуп ҳ-Аԥсынра!

Витали Амаршьан

* * *


◊ Зыӷьӷьара дуу ҩнаҭоуп
– иаанагои?

👇
"
Рыӷьӷьара дууп" ҳәа рзырҳәоит ибзанхацәоу, кыр иалаҟоу, знеи-ааи рацәоу, зчеиџьыка ҭбаау аҭаацәа. "Ачуан ду аӷьӷьарагь дууп" – в богатом доме всегда есть, чем поживиться.

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
Кыр иалаҟан инхо ишԥаизырҳәо?
(живет богато; в достатке; ни в чем не нуждается)

• Иԥсы илоуп;
• Иԥсы еивыган дыҟоуп;
• Акрыикуп;
• Акы дазрыцҳам;
• Акы дахашшаауам;
• Аԥара-ашьара игӡам;
• Иизымхо ҳәа егьыҟам;
• Инхара-нҵыра еихачаԥоуп;
• Зегь рыла деиқәшәоуп.

Уаанӡа иҵегь ишԥарҳәоз?

• Хəшала дчоит // цха-хәшала дчоит;
• Ахш аӡы амҭакәа ижәуеит;
• Ҳәызбеи кәаци еиқәихуам;
Аҿеи ажəи еиқәиԥсоит;
• Ишьхымзагəара аҽыуаҩ дзакəшом;
• Икәты ҩыԥса иашҭа иазкуам;
• Иԥсасеи ишьамаҟеи уаҩы изыԥхьаӡом;
• Ирахә-ишәахә рзеихцом;
• Зқьы ааӡаны шәкы абна илеиҵоит;
• Иӷьӷьара дууп // иҭбаауп;
• Еиҭаҳәаны дыҟоуп // еиҭаҳәара имоуп;
• Аныҳəаҩ ихы идиныҳəалартә дыҟоуп.
• Дыбзанхаҩуп.

🏠 Абзанхара — иреиҳаӡоу малуп.

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
Ашәҟәҩыра адунеи амаа амазар, иара икын ҩ-напык рыла. Аԥсуа литература узалацәажәаӡом ихьӡ мҳәакәа. Аԥсшәа амҽхак уздырӡом иҩымҭакәа урмыԥхьацкәа. Дымԥсӡеит, идунеи иԥсахит Жәлар рышәҟәыҩҩы Алықьса Гогәуа. Игәылыршәаны иаазырԥшыз ҳмилаҭ хаҿра, ҳмилаҭ ҟазшьа (национальная идентичность). Иаззырҳаз ҳахдырра. Блаҵарыла, гәеицҳарыла, зеиԥш ыҟам баҩхатәра ссирла, имеицакуа. Ирҿиара нацәақәкра амамкәа, инысымҩа быбыцк хыршәламкәа. Дцоит, ҩымҭацыԥхьаӡа Ҩаӡамакьаҭ аҳаԥшьа иҭигазшәа, нҵәара зқәым адоуҳатә мал ҳазныжьны. Ҳара ҳанхон Гогәуа ихаан, иара даанхоит ахаан. Ҳабызшәа агәы зыреисхьоу адуӡӡақәа рыбжьара иалкаау ихатә ҭыԥ иманы.

Алықьса Гогәуа — ҳахьӡ-ҳаԥша! Ижәлар ргәы дшабылуаз инарцәымҩа дықәлеит. Иԥсаҭа лашахааит!

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
Аиааира Ду амш шәадныҳәалазааит, акыр иаԥсоу аԥхьаҩцәа! 🏵

80 шықәса ҵит уи аибашьра хлымӡаах аҟны аҵыхәтәантәи ахысбжьқәа еиқәтәеижьҭеи, афашизм ашьапы аҵхны, иҵҟьашәҟьа иқәҵеижьҭеи. Миллионҩыла ауаа рразҟы иаҿҳәаран ари амш, миллионҩыла ауаа ҭахеит ишааргоз, ишазԥшыз, ргәыӷра ишалаз. Аԥсуа ишьеи иԥхӡи ахькамҭәаз дгьыл хьӡык нымхаӡеит Кавказ ашьхақәа инадыркны Берлинынӡа. Қыҭа-қыҭала иҟоуп зышә акыз аҩнаҭақәа. Иҟоуп ҩыџьа, хҩык, ԥшьҩык зыԥхақәаз. Ргәалашәара ԥшьазааит наӡаӡа! Хашҭра рықәмыз аиаша иазықәԥоз зегьы! Иҟалааит адунеиаҿ аҭынчра!

🎗 🎗 🎗

...Уа солдаҭк игәыӷырҭа ашәа
Зегьы иаҳгәыӷырҭан,
Уа солдаҭк иԥсымра хьшәашәа
Зегьы ҳзы хьҭышьран.
Уа иҭахозгьы, еибгала инхозгьы –
Зегьы акы иазкын,
Аиааира амш! Аиааира амш!
Зегь абри ҳҭахын.

О, сгәалашәара, сыргәаҭеиуа,
Афронт ахь сагауеит.
Сҩызцәа рыбжаҩык збомаз,
Солдаҭҵас сгәы ԥшаауеит.
Аха аӡәымзар-аӡәы хашҭра иқәым,
Зегь ҳгәаҿы иҩуп,
Акымзарак хашҭра ҳәа ақәым.
Аҭоурых иануп.

Алықьса Џьонуа

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
Ақалақь-фырхаҵа Гәдоуҭа агәҭа игылоу Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҿы иҭахаз рбаҟа амонументалтә ҟазара иреиӷьӡоу аҿырԥштәқәа иреиуоуп. Аскульптор нага Марина Ешԥҳаи архитектор Ҭамара Лакрԥҳаи иаԥырҵаз ари абаҟа аиԥш зеиԥшу даҽак ыҟамызт адунеи аҿы. Аԥхьаӡа инаргыланы, акомпозициатә еиҿкаашьала. Иара иаанарԥшуеит ҳажәлар ари Аиааира ишахҭнырҵаз ирымоу иреиӷьыз — иреиӷьыз рҵеицәа зықьҩыла.

Хадара зуа Ан-аԥсадгьыл лхаҿсахьа арыӷьарахьала иаҳбоит Аҽықәыргылара асиужет — ԥсыуала аџьабара, ԥсыуала афырхаҵа имҩаԥгара. Иҳәатәуп, Ешԥҳа абаҟа аидеиа даназхәыцуаз аамҭақәа рзы аԥсуаа хаз милаҭны ҳшыҟоу, ҳхатә ҵас-қьабзқәа шҳамоу атәы иаахтны аҳәара ус иагьшымариамыз. Аха лыгәҭакы налыгӡеит, аԥсуа цәа зху абаҟа лчаԥеит. Уавсцыԥхьаӡа улаԥш адхало, ицырцыруа игылоуп иахьагьы. Иҿымцәаауа амца аҭыԥ аханатә иазгәаҭаны.

Абаҟа аартын 1980-тәи ашықәсқәа ралагамҭазы. Ауаа иргәаԥхеит даара, лхаа уи аҩызак дара рқыҭангьы иҟаларц аҳәара ҟарҵеит, аԥара еизыргеит. (Лыхнытәи абаҟагьы авторс дамоуп Марина Ешԥҳа).

***
Аԥсы дандәылыргалак иҽы ықәдыргылон ашәы ахьыссы — абӷақәы́ршә еиқәаҵәа ахаршәны, убригьы аҭарчеи ҳәа иашьҭан, иара ахаҭа аҽы́қәгыла ахьӡын. Аҭарчеи аҵакы хада (поминальные скачки) — хьӡи-ԥшеи зырҳаз ахаҵа иԥсхәраан имҩаԥыргоз ҽырхәмарроуп. Уи алахәра зылшашаз аҽы аҽӷы́жәаа ҳәа иашьҭан.

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
This media is not supported in your browser
VIEW IN TELEGRAM
АҼЫҚӘЫРГЫЛАРА

Аҽыз кәадырны ашҭа иҭагылоуп,
Аҽыҩ иадырит, алахь еиқәуп.
Ҽазных иубар, аҽхыцәгьа узынкылом,
Уажә аӷәра иахом, ҷкәынак икуп.

Аҽыз кәадырны ашҭа иҭагылоуп,
Аҽыҩ ааԥсом, шәыла иҭаҳәҳәоуп.
Аҽгьы гәырҩоит – ианыруеит гәыла,
Аҽыбӷаҟаза дҽыжәым дкахәхәа.

Иахьа лахьеиқәроуп ашҭа ҭзырҭәаазгьы,
Аџьынџь иаԥхаз дшаԥсаҵәҟьазгьы рбоит.
Игәеилгароуп игәеисра еиқәзыртәазгьы,
Аҽыбӷаҟаза иҽызгьы џьабоит.

Иқә-иҵас азарҳәацәа агым,
Аԥсҭбара иацу қьабзны иаԥҵоу.
Абар, шьҭа абла нҭаауеит амырхәага,
Ргәы ҿызкааз хьаауп ахәра ианҵоу.

Вахтанг Аԥҳазоу, 2009

🔺NB:
Иацтәи анҵамҭа инашьҭарххны — Гәдоуҭатәи абаҟа иаанарԥшуеит аҽыбӷаҟаза инышәаҭараан имҩаԥыргоз аҽы́қәыргылара асиужет. Аҽыбӷақәыршә даҽакала "аҭарче́и" ҳәагьы иашьҭан. Ус анакәха, ари ажәа х-ҵакык шьҭнахуеит: 1 абираҟ; 2 аԥсхәраантәи аҽырхәмарра; 3 абӷақәыршә. Бзыԥтәи адиалект аҿы иуԥылоит авариант "аҽарҭе́и".

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
♾️ НАУНАГӠА ВЛАДИСЛАВ ♾️

Зыжәлар ахьыԥшымра рзаазгаз, зыԥсадгьыл ахы иақәиҭны ахԥатәи азқьышықәса иҭазгалаз, аԥсуаа ҳанаҟанаҵ ҳҿы зырцәажәо, Аԥсны рҳәонаҵы — зыхьӡ камшәо!

Ҳмилаҭ ирылиааз аԥыза, ахыбаҩ, афырхаҵа Владислав Арӡынба диижьҭеи иахьа 80 шықәса ҵуеит.

🏔 🏔 🏔

Нас аԥсроума шәарҭас иҟоу?
Мап, зынӡак уи башами,
Акрынужьзар дызхьыԥшыша адә иқәымлац асаби!
Иулшазар ҳа ҳабацәа рыламыс анацҵара,
Еиқәырхазар рхәышҭаарамца, рашәақәа, рфырхаҵара!

Рушьбеи Смыр


🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
ЖӘЛАР РԤЫЗА
Владислав Арӡынба изкны

Ԥызада изныҟәом ашәарахқәа,
Аԥсаатә ԥызада иԥырӡом!
Ахрақәагь иргәылҳәҳәоит ахра,
Руак хра-гәаԥшьымхар ауӡом!

Ҳзықәшәаз гәаҭан, имҳәа-мырза,
Ҿыц даҳзылԥха, ҳагәцаракны,
Анцәа дҳаиҭеит ҳара аԥыза,
Ҳҿахәы иҳәарцаз инагӡаны!

Изгәаӷьхьада иигәаӷьызгьы,
Агәылшьап асаса еихырҟаны,
Иҭахуп иацәигарц иафахьазгьы,
Иҭахуп ирхынҳәырц ҳ-Аԥсны!

Аҳаҳаи, амарџьа, шәеиҵамхан,
Аӡә ухьамҵын ушәаны!
Зџьынџь аҵеира уажә иаԥсамхаз,
Ахаан дҟалашам даԥсаны!

Ас афрауаҩ данҳаԥыза,
Анцәа данҳаиҭа уи дразҟны,
Џьарак ҳаилаҵәап ҳаиԥшны ахызаҵә,
Ҳнеилымшәо ҳнеилап ҳаихьыԥшны!

Витали Амаршьан, 1992

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
Forwarded from Sputnik Аԥсны
Владислав Арӡынба ԥсыуак иаҳасабала иныҟәигоз адоуҳамч ҳнырыр — аԥсуаа ҳаиқәхоит, абас иҳәеит Аԥсны Жәлар рартист Кьасоу Ҳагба.

"Арӡынба дзакәыз аҳәара цәгьоуп, аҳәара мариам. Иара ихылҵуаз аԥхарра, илакҭа, иԥшышьа иаҳәо, иччашьа иаҳәо — зегьы рыԥсы ҭан. Ҩнуҵҟала даара дҵаулан, дҭышәынтәалан, иаагатәу-иахьаагатәу здыруаз иакәын. Ԥсыуак иаҳасабала аԥсуа жәлар ирыдҳәалаз азҵаарақәа зегьы дырзааигәан, иара ҩнуҵҟала амч ду иман, агәи-агәаҵәеи иӷран ", — иҳәеит Ҳагба.

Ҳагба иажәақәа рыла, Владислав Арӡынбеи иареи реиԥыларақәеи реицәажәарақәеи гәыблыла ауп ишигәалашәо.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр ҟалоит Sputnik асаит аҟны.