Ахьыуардын
1.23K subscribers
1.53K photos
238 videos
1.8K links
Ахьыуардын — аԥсуа бызшәеи, аҭоурыхи, акультуреи ирызку апроект ҷыда. Напбзиа-шьапбзиа ахьыуардын дақәтәоуп. Шәҳацла: ахьы хәыҷуп, аха шәкы ицоит, аӡә дышәҩыкны дҳаԥхьаӡоит.
Download Telegram
Аԥсадгьыл ахьчара, Аԥсадгьыл азы ақәԥара — абригьы насыԥуп, аиаша уара ианутәу, Аиааира угаанӡа уанхьамҵуа! Шықәсык инацны ауаӷеимшхара иҭагылаз Аԥсны аиааира агеит. Аиааира адыргеит зхы иамеигӡоз аҵеицәа.

Аԥсуа дыззеибашьуаз идыруан — даҽа ԥсадгьылк имаӡам. Аԥсадгьыл зцәыӡыз зегьы ицәыӡит. Аиааира, ма аԥсра.

Ҳтәыла хәыҷ, ҳшьамдгьыл, ҳ-Аԥсны жәлар 413 мши-ҵхи адунеи ыршанхо афырхаҵаамҭа иҭагылан. Бџьарла ианыхьчатәыз ирыхьчеит, хшыҩла ианыхьчатәу — уи иахьоуп, уаҵәоуп, еснагь доусы ҳамчала инаҳгалаша усуп. Бџьарсгьы иҳамоу — аҵарадырра, акәалеимадара, аҳәоуеиқәшәара, аидгылара, абарҭ роуп. Нас Аԥсны ҩызас изшьо егьырҭ аҳәынҭқаррақәагьы ҳхақәиҭра иазыгәдузаауеит, еиҳагьы пату ақәырҵоит.

🗡 Шәадныҳәалазааит иахьатәи амш! Нагӡара ақәзааит Аиааира! Нагӡара ақәзааит Ахьыԥшымра! Шьардаамҭа Аԥсны!

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
21👍1
This media is not supported in your browser
VIEW IN TELEGRAM
Шықәс дуӡӡак инахысуа
Абра шьакаҭәаран.
Ауаӷеимшхара ахҭысуан, –
Аԥсынра – Ԥсынран!..
Арӡынбагь д-Арӡынбан,
Дхьаҵуамызт шьаҿак.
Иаԥын Аиааира анбан –
Шьаҿак, даҽа шьаҿак…

Убас шьаҿа-шьаҿала,
Убас напхыц-напхыц,
Ршьа тауа кәапеила –
Ҳаруаа цон ихьамҵ,
Геи-шьхеи ирҿаҩуан
"Шәнеибац!" –
Аԥсны аиааира агарц...

Иагеит! Агәра згауадаз –
Уажәшьҭа агәра умган!
Иагеит! Заҟаҩ азхьуадаз,
Уи ҳақын, иқәнаган!
Иаҳхылаԥшу Анцәа ду иоуп
Абас аиԥшгьы зҭаххаз,
Иихьчазгьы – иҳаиҭаз,
Иныҳәаԥхьыӡ зхьыршаз...

Мушьни Лашәриа ипоема "Ажәа" аҟынтә

Асахьаныҟәа: абрантә>>

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍237
🏔️ Афырхаҵара иазку аԥсуа жәаԥҟақәа

• Афырхаҵа иҿырԥшы аиааира арҿиоит.

• Ахаҵара Нарҭаа ирхылҵит, ашәаргәындара – ҩысҭаа цырҟьоуп.

• Афырхаҵа ишьҭа ихылаз афырхаҵа игәы иоуеит.

• Ахаҵа ус дааиуеит – амца ахьгыло амца ахаргыло.

• Афырхаҵа знык ауп данԥсуа, ашәаргәында зқьынтә дыԥсуеит.

• Ахаҵа хьӡи-ԥшеи изырго аибашьраҿы – иаҳәа, аизараҿы – иажәа.

• Ауаа зегь зфырхаҵахом, аха ауаҩра руалуп.

• Аидгылашьа здырыз аиааира рзыԥшуп.

• Ахаҵара ауаҩы ициуеит.

• Хьӡы игарцоуп ахаҵа дзиуа.

Ар ҭызго аӡә иоуп.

• Ар маҷ хьӡы ргеит!

Афото: Марина Барцыц

#ажәаԥҟақәа

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍225
Ҭагалан ҳазнысуа-ҳазҭысуа аамҭацқәа 15 🍁🍂

🟠 Раԥарбаа́(га)мз "пора высыхания наружной скорлупы грецкого ореха"

🟠 Раҟәы́бан"пора сбора грецкого ореха"

🟠 Жьҭаара́мз"пора сбора винограда"

🟠 Ҿараблы́мз "пора увядания природы"

🟠 Быӷькаԥса́н"листопадная пора"

🟠 Хьача́н"пора созревания каштана"

🟠 Тамача́н"пора созревания персика"

🟠 Мҟаҟача́н"активная пора с/х работ"

🟠 Цәбыбы́н"время оленьего зова"

🟠 Ҭыӷьлаҵа́н"период случки овец с бараном"

🟠 Бҵан"пора жатвы и обмолачивания злаков (хлеба, проса)"

🟠 Лаҳəа́н"пора лущения проса"

🟠 Чалаҵа́н"время сева озимого хлеба"

🟠 Хкаарача́н // Хкаарашьҭы́н "период выпаса стада после уборки урожая", "время подножного корма"

🟠 Рахəча́н"время подножного корма"

Абра зегь раасҭа аинтерес ҳзаҵоуп Чалаҵа́н. Иахьазы Ҭырқәтәыла инхо ҵабалаа рҿы ианиҵеит абызшәадырҩы, апрофессор Виачеслав Чрыгба.

Ишаабо еиԥш, жәытә-натә аахыс ача аазрыхуаз аԥсуаа ашықәсан ҩынтә ианылаҵозгьы ыҟан. Дара ҵабалаа рыԥсадгьыл аҿы аџьықәреи акультурагьы рыхьӡеит, уи аҟынтә алаҵара аамҭақәа хаз-хазы ахьӡқәа рырҭеит: ԥшлаҵа́н — май, чалаҵа́н — октябрь (часть месяца).

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
17👍6😍3
Зыхьӡ нагоу аԥсуа ҵарауаҩ, абиолог, антрополог Пиотр Кәыҵниа имшироуп иахьа, 80 шықәса дырҭагылеит.

Пиотр Кәыҵниа икандидаттә диссертациа Аԥсны ашьагәыҭ жәлар рморфологиатә ҷыдарақәа ирызкын, қәҿиарала ихьчеит Москватәи аҳәынҭқарратә университет иатәу Антропологиа аинститут аҟны 1983 шықәсазы. Аԥсуаа рҟны ақәра ду назгаз рыҭҵааразы жәларбжьаратәи амедико-биологиатә експедициақәа дрылахәын. 40 шықәса инареиҳаны Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аҟны аус иуеит.

Илшамҭа дуқәа рахь иԥхьаӡатәуп абиологиа амаҭәар иманшәаланы, игәылҭәааны аԥсышәала иахьирцәажәаз, аҵиаақәа ртәы хазы, аԥстәқәа ртәы хазы. Ааигәа иҭыҵит 20 шықәса инареиҳаны аус здиулоз, даара аинтерес зҵоу аԥсуа жәлақәа рхылҵшьҭреи ажьрацәарақәеи ирызку ишәҟәы. Жәлацыԥхьаӡа 150 хсаала еиқәиршәеит зынӡа! Аԥсышәала иҩит, аԥсуаа ҳзы.

"Аԥсуаа рхатәы ҭоурыхқәа рыҩратәы азҿлымҳара арҭарц — абри сҭахуп сара. Аҷкәынцәа, аӡӷабцәа уажә, Анцәа иџьшьаны, зегьы аҵара рымоуп, рандуцәа, рабдуцәа зыԥсы ҭоугьы, иҭамгьы, ирдыруа, ираҳахьоу анырҵаларц. Ҳара ҳархивқәа зегьы рблит, ҳашьаҭа ыҵырхырц азы. Иаадыруа ҳазхоит ҳәа убри аҿы ҳаангылар, иаҳцәыӡуа рацәахоит", — абас иҳәеит уи аҭыжьымҭа данахцәажәоз.

Пиотр Кәыҵниа аԥсуаа рмилаҭ-хақәиҭратә қәԥара далагылан, "60-ҩык рышәҟәы" ҳәа аҭоурых иадыруа знапы аҵазҩыз дреиуоуп. Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра далахәын, аамҭала Кавказ Нхыҵ Аԥсны Иреиҳаӡоу Ахеилак апресс-маҵзура аусура ҳәаақәиҵон.

Аҭҵаарадырраҿы иҟаиҵаз илагала хатәразы "Ахьӡ-Аԥша" аорден III аҩаӡара ианашьоуп. Иааԥсарақәа рацәоуп. Агәабзиара имазааит!

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍176
This media is not supported in your browser
VIEW IN TELEGRAM
Аԥсны анҭыҵ зыхьӡ рҳәаз даҽа ԥсыуа баҩхатәрак лықәҿиара бзиа ҳаигәырӷьап иахьа! 🌟

Арежиссиор қәыԥш Амра Наҷҟьебиаԥҳа зметр кьаҿу лфильм иреиӷьу арежиссуразы иалыркааит Москва имҩаԥысуаз аицлабра ArtMasters-2024 аҟны. Сынтәа хәынтәуп иара мҩаԥысуеижьҭеи, асахьаркыратә ҟазара ԥхьаҟа изгаша, еихазҳаша ралԥшаара хықәкыс иамоуп.

Шә-тәылак рҟынтә 40 нызқь инареиҳаны азыҳәақәа ахьынарышьҭыз, аҵыхәтәан иреиӷьӡоу ҳәа 10 роуп иалырхыз. Аӡбаҩцәа Амра лусумҭа ахә ҳаракны иршьеит, изхәаԥшыз зегь раасҭа угәаҵанӡа инеиуа, уагьзырхәыцуа акәны.

Аицлабра аԥҟарақәа злаҟаз ала, акоманда еидкыланы афильм аҭыхразы алахәцәа мызки-бжаки ракәын ирырҭоз. Аха лара аҽазыҟаҵаразы зынӡа мышқәак роуп илымаз. Абри аамҭа иалагӡаны асценаригьы лхала илҩит, уи моу, егьырҭ акомандақәа ирыгыз ауаагьы рзылԥшааит.

Лара лфильм иахьӡуп "Бсацәажәа". Зеизҳара ахылаԥшра ҷыда аҭаху, макьана згәы иҭоу ззымҳәо аӡӷаб хәыҷы лдунеи аарԥшра иазкуп. Ихыҭхәыцаам ҭоурыхуп.

Ахәаԥшцәа иаҳбар ҳалшоит инықәырԥшны шықәсыки-бжаки рнаҩс, ишаԥу еиԥш, акинофестивальқәа ианырхыслак аамышьҭахь. Ааишьа злаҟоу ала, агәра ҳгоит, иҵегь аҳамҭа дуқәа ишрыԥсахо. Мҩамш амазааит! 🎬

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍26🤬1
Ахәыҷы иааӡараҿы қәнагас иҟоу зегьы ирыцкуп алеишәеи адырреи. Абарҭ аҩба аҩнаҭа анҭыҵ иахьышьҭикаауа ҭыԥс иҟоу ашкол ауп, зыҟнытә ишьҭикаауагьы арҵаҩы иоуп.

Жьҭаара 5 рзы Арҵаҩы имш азгәарҭоит. Ашколқәа рҿы иацы ирыдырныҳәалеит, аха ҳара алшара ҳамоуп арыцхә иақәыршәаны даҽазныкгьы арҵаҩцәа зегьы иҭабуп ҳәа раҳәара!

Шәара шәџьабаа бзабааны ирԥылоит ажәлар. Уаҵәтәи ҳԥеиԥш знапы ианылаша, ҵәатәы шьаҟас аҳәынҭқарра иаҵагылаша аҿар шәааӡоит, рыԥсадгьыл абзиабара дыркны, рыуаҩра ауасхыр азышьҭаҵаны. Абиԥарақәа реизҳара шәашаҳаҭуп: аҵара дшәырҵоит, шәдырра рымажәдоит, амҩақәҵага ажәа рашәҳәоит.

Зыдҵақәа аҷҷаҳәа изҵо, шәызлаҽхәо аҵаҩцәа шәыгымзааит, аԥсҭазаараҿы шәзыргәырӷьо рацәазааит! Арҵаҩы дангәырӷьо ихы-иҿы есааира иқәыԥшхоит, гәыла усгьы дажәуам. Шәгәы бзиазааит! 💐

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍184🤨1
АХЫ ИАҚӘИҬХЕИТ ГАГРА

...Мамзышьхоуп раԥхьаӡа Аԥсны иҿырхыз шьхас,
Уа рбаҟақәа гылоуп Гьерзмаа Алхас,
Кануков Нургали, Науржанов Ибрагим,
Дыҟам фырхаҵак зымца еиқәым.
Валера Смыр, Бганба Сафер,
Ишьа кашуп уа Тәанба Завер.
Гагра – Гагрыԥшь – 118-ҩык ршьацқьа ахҭнуп,
Ақырҭуара иахәаҽхьаз ҳҭыԥхьыӡқәа хтуп.
Чрыгрыԥшь, Мқьалрыԥшь, Лакаа рхәы, Лаԥсы,
Ҟарҟарашвили ишьҭақәа еимаԥсоуп Ҳашԥсы.
55-мшы дакәыршан изтәхоз џьызшьоз ҳаӷа,
Напҭацәоуп иабџьарқәа шихырԥааз хаха.
Раԥхьатәи ахымҭа зшьаҽыз Иура Қаԥшь,
Амшын дхыԥшыло ахаҳә даласоуп Цандрышь.
Роберт Кәарҷиа иркәашеит ирцәигаз атанк,
Ддырҳәацәон Шершелиа, аха иҿымшәеит ажәак.
Асҭамыр Агрба игәы ишықәжьызгьы атанк,
Дрыҳәон иҩызцәа: шәыхнамхын даҽа малк.
Ӡаԥшьиԥацәа х-гәараҭак неикәабл иргеит,
Ҩыџьа-ҩыџьала рҵеицәагьы Аԥсназын иҭахеит.
Гагрыԥшь аиҩхааҿ умшәарыцан, иԥсроуп.
Ақырҭааи Ԥасаниеи рыццышәқәа бжьаԥсоуп.
Ацаҟьа иаламӡоз ҳашьцәа ирычҳаит,
Рфырхаҵара саркьалҵас адунеи зегь иаҳаит.
Қырҭтәыла хәыҷ ҳәа изышьҭаз Гагра
амҵәыжәҩақәа ԥнартит,
Нхыҵ-аахыҵ ҳдаракәацқәа арахь иԥрит.
Ҳуазра рлабашьаха хақәиҭраны икашит,
Анра ныҟәызгоз Анацәа рԥацәа рыла иааԥшит.

Белла Барцыц

🏔️ 32 шықәса раԥхьа абри аҽны Гагра араион ахы иақәиҭтәын, Аԥсны абираҟ Ԥсоу ишьҭыхын. Жьҭаара 6, 1992 шықәса — шьала икәабаз, аха игәышьҭыхгаз раԥхьатәи Аиааира!

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
15🙏8👍2
1992 шықәса, жьҭаара 7 рзы иԥсҭазаара далҵит Тевфик Есенч (Заишәа) — зхатәы бызшәала зҿахәы зҳәоз аҵыхәтәантәи аубых. Иара диит Ҭырқәтәыла, Ҳаџьы-Осман ақыҭан, 1904 шықәсазы, имшира аныкәу ҳаздырӡом, аха диижьҭеи сынтәа 120 шықәса ҵуеит.

Тевфик Есенч аубых бызшәа абаҟа аззыргылаз уаҩуп, зыхшыҩ ҵарыз, згәынкылара џьашьатәыз, акрыздыруаз хаҵан. Шықәсырацәала алингвистцәа дуқәа (Диумезиль, Фогт, Кумахов, Чрыгба уҳәа егьырҭ) информантс дрыман. Абызшәа адагьы, аубых жәлар рҵас-қьабзқәа, рҿаԥыц ҳәамҭақәа, рашәақәа, ркультура бзиаӡаны идыруан, ҵҩа змам адоуҳатә мал ҳзынижьит.

Тевфик Есенч абызшәа зҿиҵааз иара дхәыҷны дзааӡоз анрыла иабду Кәыкәышь иакәын, уи иоуп 1864 шықәсазы Кавказ ахҵәара зықәшәаз. Тевфик ихаҭагьы даара дбыргхахьаны иҭоурыхтә ԥсадгьыл ишьапы ықәиргылеит 1990 шықәсазы: Гәбаадәы дхалеит, Шәача дықәԥшит, Нальчик дыҟан. "Уажәшьҭа сгәы рҭынчны сыԥсыр ҟалоит, ҳабацәа рыдгьыл сылала избеит, ишырҳәоз еиԥшҵәҟьа иблахкыгоуп", — иҳәеит усҟан.

Инышәынҭра ахаҳә аҿы ихьӡ аҵаҟа иануп абас: "Зхатәы бызшәала ицәажәоз, иҩуаз аҵыхәтәантәи аубых, аубых бызшәа ахаан ԥсра-ӡра ақәымкәа адунеи иазырҳаз" ҳәа.

(Аубыхцәа рцынҵәарах ҳәа изырҳәо иалагахьан иԥсы шҭазгьы, еиҳарак Шьынқәба ироман алашара анаба аамышьҭахь. Амала иҳәатәуп, Тевфик Есенч ихаҿсахьа прототипс ишьҭихит мацароуп, ароман афырхаҵа хада Заурҟан Золаки иареи рнысымҩақәа еиқәшәаӡом, еиқәшәашьагьы рымамызт. Уи иҿала автор ииҳәо зегьы — иара ихатәы ҭҵаарақәеи ибаҩхатәреи иарҿиаз ауп).

Аб игәараҭа цқьашәқьаӡа иҟоуп, ихылҵ ахылаԥшуеит. Уаҟа аҵла иқәланы иазҳауеит аӡахәа шьап — зыԥсадгьыл иахырцоз амҳаџьырқәа махәқәак рыкәа иҭаршәны иааргазаарын, иахьадырсыз иакит. Аубых бызшәагьы убас еиҭеиуа Анцәа иҳәааит! Иахьазы официалла иԥсхьоу абызшәақәа ирхыԥхьаӡалоуп, аха шәҟәыла-быӷьшәыла изҵо аҿар ыҟоуп, убрагьы ажәарқәа рнаҩс Тевфик Есенч ианҵоу ибжьы даара ирыхәарҭоуп. Иԥсаҭа лашазааит!

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍196❤‍🔥2🙏1
Зымҩа нҵәода, ас изцода,
Зынӡа хьаас иҟамҵа?
Ас анышәара зылшода
Абри аҩыза алахьынҵа?
..

Таиф Аџьба иажәеинраала "Амра ссируп аҭашәамҭаз" аҟынтә

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
23👍2🙏2😐1
Forwarded from Ахьыуардын
1992 шықәса, жьҭаара 9 рзы Аҟәа иҩны ддәылганы дыргеит Таиф Аџьба — зҭәымҭа иҭагылаз апоет, зыуаҩреи зҟазареи ҳаракӡаз арҿиаҩы, агуманист. Аӷа импыҵаихалаз Аԥсны аҳҭнықалақь далымҵкәа дыҟан, шаҳаҭс дызмаз ахҭысқәа еидхәыцланы, аҭоурых иаҿахәҳәаганы амшынҵа ианиҵон, "Бзиала иаҳзырша!" ҳәа есыуаха дныҳәа-ныԥхьаны.

Аибашьра анцоз Таиф Аџьба ихьӡала аԥсуа интеллигенциа Гәдоуҭа амитингқәа еиҿыркааит, ашьац иаӷрамгылоз алирик илахьынҵахаз аилкааразы ақырҭқәа рахь ашәҟәқәа рышьҭит, аха урҭ ҽырдагәа ҟарҵеит. Иахьа уажәраанӡагьы дара рганахьала апоет иҭархара иақәыӡбаз уаҩ дыҟам, иӡбахәала зегьы ираҳаратәы ажәак зҿыҵшәаз ҳәагьы уаҩ дҳаздыруам. Женеватәи аиҿцәажәарақәа раан ари азҵаара ашьҭыхра лҵшәа дук амоуит... Ҳанзырҵәарц иҳақәлаз аӷа ихаҿра ккаӡа иааԥшуеит ҳпоет ишизныҟәаз ала мацарагьы.

Абар уажәшьҭа 30 шықәса инареиҳауп ихабар ҳәа акгьы ҳаздырӡом.

Аха Таиф Аџьба дыҟам узҳәом, ес-еиҵагыло аҿар ихьӡ рыцгылоит, иажәеинраалақәа бзиа ибаны ҿырҳәала ирҵоит, аинтернет аҿы иркьыԥхьуеит. Ихьӡала апремиа аԥҵоуп. Аԥхьарала иугозар, ҳаамҭазы зегь раасҭа зыԥсы ҭоу апоетцәа дыруаӡәкуп, ҳәарада. Иара дзыхнымҳәит, аха ҳара уажәи-уажәи ҳазыхынҳәуеит ирҿиара, аԥсшәа ыҟанаҵ ицәаҳәақәа гәхьааганы ҳрыԥхьоит, ԥсра зқәым поетны даанхоит.

"Анышә сара сцәа-сжьы
Зфалак – зегь еиԥшуп,
Сыԥсы цқьеи сылша цқьеи
Сыԥсадгьыл иатәуп…"

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
19
Раԥхьатәи аԥсуа дирижиор, Аԥсны Жәлар рартист Лев Џьергьениа диижьҭеи 95 шықәса ҵуеит иахьа.

Ари ауаҩ диит Лыхны ақыҭан, анхаҩы иҭаацәараҿы, иара иани Нестор Лакоба иани еиҳәшьцәан. Дшыхәыҷыз аҟыбаҩ шилаз ааԥшит, амузыкатә школ дҭарҵеит, илымҳаҭыҩ уамакала ибзиан. Аҵара иҵон Аҟәа, анаҩс Қарҭ аконсерваториаҿы, иреиӷьыз аҟазацәа рԥышәеи рдырреи рҿиҵаауан.

Лев Џьергьениа апрофессионалтә ҵара ду змаз иналукааша музыкантын, иара ихьӡ иадҳхәалоуп Аԥсны асимфониатә оркестр аиҭашьақәыргылара. Уи сахьаркыратә напхгаҩысгьы, дирижиор хадасгьы дыҟан. Аԥхьа еиҿикааит аус ахьиуаз Аҟәатәи амузыкатә техникум аушьҭымҭацәеи арҵаҩцәеи рыла. Нас иазымхоз амузыкантцәа аҳәаанырцәынтә иаарыԥхьеит, зегь рыла ихатәроу ҳәынҭқарратә оркестрны иҟалеит. Аколлектив ду арепертуар хадаратәла аԥсуа композиторцәа раԥҵамҭақәа рыла еибыҭан.

Напхгаҩык иаҳасабала акыр злеишәа џьбараз, аха астудентцәа рзы згәы былуаз, еснагь ззанааҭдырра аизырҳара иашьҭаз, ахара иԥшуаз иакәны дыргәаладыршәоит идырцәа.

Лев Џьергьениа иоуп раԥхьаӡатәи аԥсуа опера ақәыргылара аидеиа зызцәырҵыз. Даҽаӡәызар изымгәаӷьрыз ахыдҵа иара инаӡартә еиԥш аусқәа еиҿикааит. (Аопера "Аламыс" қәҿиарала иқәыргылан 1984 шықәсазы).

Имаҵурамҩа хиркәшеит К. Ковач ихьӡ зху Аҟәатәи амузыкатә школ адиректорс. Ҳмузыкатә культура аҭоурых аҿы аҭыԥ ду аанызкыло дыруаӡәкуп, илагала макьанагьы иҭҵаатәны иҟоуп.

Ирҿиареи инысымҩеи ирызку аочерк лыҩхьан Арифа Қапԥҳа, шәаԥхьар ҟалоит абра>>

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍215
Жьҭаара 11 рзы Аԥсны Арбџьармчқәа рымш азгәарҭоит. Ари акрызҵазкуа рыцхәуп иҿыцӡоу ҳҭоурых аҟны. Аԥсуа ар аибашьра амца иалиааит, уи иаӡрыжәит. Арԥыза игәра ганы, гәышԥыла аӷа иҿагылаз аԥсадгьыл ахьчаҩцәа роуп Аԥсны ахақәиҭра азаазгаз, иахьа иҳамоу аҳәынҭқарра ауасхыр азышьҭазҵаз...

Уи ҳақын ҭоурыхла ахаҵарамҩа ду ианысхьоу ажәлар рзы. Избанзар ҳара ҳархылҵшьҭроуп иаартны, иаҵаҽырбаны абџьар ныҟәызгоз, ар рымаҭәа зшәыз, аҽыццышәқәа ирықәтәаз, еснагь ақәылаҩ иҭархара иазхиаз, аибашьра аԥҟарақәа здыруаз, аиҳабра-аиҵбра иацныҟәоз ахацәа.

🗡😍

Сгәеисыбжь аныруеит сыхҿа,
Ашьха ирҿаҩуеит схыԥша,
Саԥсыуоуп, сабазоуп сара,
Сынхоит иара абра, Аԥсынра,
Хақәиҭроуп сзызгылаз қәԥара!

Иламысмҩан сабацәа рымҩа,
Ламысла сымҩасроуп саргьы.
Саагылазар сымҩа шьхацамҩан,
Уи амҩа данылоит сԥагьы.

Ихьеҩуеит ажьи ижьаҳәа,
Икәоит мыц зымҳәо ахҿақәа.
Ҳԥыза иԥхьарца ианаҳәа,
Хақәиҭроуп ҳзызгыло қәԥара,
Ҳхақәиҭра ҳазгылоит ҩаԥхьа.

Сымҩақәа рымҩа хароуп,
Ашьамҩа сызну — исуахҭоуп.
Сҽеиқәа марқаԥа џьбароуп,
Гәышԥыла ианжәыла, цәгьароуп.
Сабахә* ахьыҟоу ароуп,
Исыхьчо стәылоуп, Аԥсноуп...

Слава Бганба, Аԥсны Афырхаҵа

📖 А́бахә — араҟа: наследие отцов

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍1911
Forwarded from Sputnik Аԥсны
This media is not supported in your browser
VIEW IN TELEGRAM
🔸Ажәеинраалақәа реизга "Абрыскьыл иоуп рашьла инеиуа" аӡыргара мҩаԥысит Аԥснытәи амилаҭтә библиотекаҿы.

Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла ахантәаҩы Вахтанг Абҳазоу ишазгәеиҭаз ала, аизга аҭыҵра Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы Аиааира агара 30 шықәса ахыҵра иадҳәалоуп.

"Ашәҟәы ахьӡ аагоуп Аԥсны Жәлар рпоет Баграт Шьынқәба иажәеинраалақәа руак ахьӡ аҟнытә. Иазгәаҭатәуп, аԥшьгара аныҟаҳҵа, ҳҩызцәа, ҳколлегацәа Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа рассоциациа анапхгара ианрыдаагала, иаразнак ирыдыркылеит. Даргьы ҳаргьы ҳахьӡ ахны иҭҳажьит",
— иҳәеит Абҳазоу.

Аизга еиднакылеит аԥсуа поетцәа Баграт Шьынқәба инаиркны иахьатәи аамҭа иаҵанакуа аԥҵаҩцәа рҟынӡа — иааидкыланы 43-ҩык арҿиаҩцәа.
👍113🤨1
Ахьыуардын
Аҽы ауаҩы ишьа алоуп рҳәоит аԥсуаа. Ари ажәаԥҟа иаршаҳаҭуеит аҽы – ауаҩы инапаҿы иааигаз аԥстәқәа зегь реиҳа ишизааигәаз. Иахьазы анхара-бзазара, аарыхраҿы аҽы иаанакылоз аҭыԥ зынӡа имаҷхазаргьы, уеигәырӷьартә иҟоуп аҽыбӷаҟазара атрадициақәа камыршәкәа иахьааҳго🐎
🐎 "Арашь" хԥаны еиҭоугар ауеит аурысшәахь, аконтекст зеиԥшроу еиԥш:

▫️ Абраскьыл изку аҳәамҭаҿы — амҵәыжәҩа змоу аҽыџьбара (мифический крылатый конь).

▫️ Нарҭ Сасрыҟәа ицииз арашь акәзар, уигьы ԥыруеит, аха уи адагьы амцеиԥш узбылуа афақь аҿыҵҟьоит, амца иаҩызоуп, ааигәара инеилак зегь ашьуан иара ида (неуязвимый огнеподобный конь).

▫️ Алакәқәа ирыдҳәаламкәа "арашь" ажәаҳәаҿы ҳхы иаҳархәозар, уи аибашьраан изықәтәоз ажәылаҽ ауп — (бесстрашный боевой конь).

Арашь — Аԥсны аҳәынҭқарратә символикаҿы иаарԥшуп, ҳгерб иануп Сасрыҟәа ирашь дақәтәаны аеҵәа шкыдиԥаауа.

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍19❤‍🔥421🏆1
Иахьа ицқьаны шәышықәса ҵуеит зыхьӡ нагоу, зыхьӡ ӡыргоу аԥсуа ҵарауаҩ Арвелод Кәыпраа диижьҭеи.

Аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор, академик, 65 шықәса инареиҳаны аҭҵаарадырра иазааԥсаз, зқьыбжак инарзынаԥшуа аусумҭа ҭзыжьыз (макьанагьы иҭыжьым рацәоуп), "Ахьӡ-Аԥша" аорден II аҩаӡара занашьоу.

Диит Река ақыҭан жьҭаара 14, 1924 шықәсазы унеишь-уааишь ҳәа зарҳәоз, ажәлар рҿы пату зқәыз ажәа азҟаза Ерасҭа Кәыпраа иҭаацәараҿы. Уи I Адунеизегьтәи аибашьра далахәын, ашьҭахь Аԥсны змырӷьацоз ақырҭуа меншевикцәа дырҿагылан. Арвелод Кәыпраа ихаҭагьы дышқәыԥшыз Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду ихьӡеит, уи аибашьра даветеранын, аџьшьаратә ҳамҭақәа ианашьоуп, "Кавказ ахьчаразы" амедал уахь иналаҵаны.

Аҭҵаарадырраҿы иџьабаа зларацәоу ала, ихадароу ҩ-етапкны еихыршоит: 1980-тәи ашықәсқәа рҟынӡа асовет аамҭазтәи Аԥсны аҭоурых ҭиҵаауан (асоциалтә-економикатә ҿиашьа, аграртә политика), анаҩс хықәкыла аԥсуа милаҭ культура азҵаарақәа дрызхьаԥшуа далагеит, аԥсуара, аҵасқәа, ажәлақәа ирызкны еиуеиԥшым аусумҭақәа аԥиҵеит. Аԥсуара азҵаарақәа ирызку имонографиа 2009 шықәсазы Гьаргь Ӡиӡариа ихьӡ зху аҳәынҭқарратә премиа иаԥсахеит.

Арвелод Кәыпраа иусумҭақәа рҵакы анаҩсгьы рыхә ҳаракны изыршьо уи ауп, иара ихы иаирхәоз архивқәа реиҳарак аибашьраан иблит, уиижьҭеи уаҩы иԥыхьашәаӡом. Иара ианакәызаалак хәыц-хәыц архивқәа аус рыдиулон — хыԥхьаӡара рацәала акрызҵазкуа аматериалқәа ԥшааны аԥхьаҩцәа ирыдигалеит, наунагӡа аҭоурых иазынижьит.

Даара акыр илшеит аҭҵаарыдарратә биографистика ахырхарҭа аҟынгьы. Аҵарауаа дуқәа, арккаҩцәа, амилаҭ-хақәиҭратә қәԥара алахәцәа, иналукааша аҳәынҭқарратә, ауаажәларратә усзуҩцәа аӡәырҩы рнысымҩақәа ҭҵааны ашәҟәы ианиҵеит.

Шықәсырацәала анаукеи арҵаҩреи еилаигӡон, Аԥсуа университет аҟны Аҭоурыхи, археологиеи, аетнологиеи ркафедра деиҳабын. Иааӡамҭацәа 20-ҩык инареиҳаны акандидаттә диссертациақәа дирхьчеит. Аԥсны аҭоурых арҵага шәҟәқәа реиқәыршәаҩцәа дыруаӡәкуп.

Арвелод Кәыпраа 95 шықәса ниҵит. Иԥсы ахьынӡаҭаз зус иазиашаз ҵарауаҩын, хырхарҭас ишьҭихлакгьы ажәлар рҿахәы зҳәо, рыхдырра аззырҳауа аҵабырг аарԥшра дашьҭан. Ҳҭоурых егьырҭ ажәларқәа рҭоурых иаламҩашьартә еиԥш азнагашьа дақәшәон, еснагь ахьчара дазхиан. Ибзоура рацәоуп ҳзакәу, ҳзызку адунеи иабартә аҟаҵараҿы. Илагала ԥсра-ӡра ақәым. Иԥсаҭа лашазааит!

🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍174🎉1