Аԥсуаа ражәа иалоуп "сдаӷьхаргьы-смаҭхаргьы" ҳәа (сделать во что бы то ни стало). Иабантәаауеи ари ажәеицааира, избан адаӷьи амаҭи залыркаарыз? Иҟалап, абас ихаҳәханы абызшәа иалоу ажәытәӡа зны аԥсуа лакәқәеи амифқәеи ирхылҿиаазар. Иаагозар, аҵанаа амца анрыжәла, рхы ацәыргарц шьоукы аӡы иҭаԥалеит, егьырҭ аҵла агәаҩақәа ирҭатәеит. Аӡы зыҽҭазыԥсақәаз даӷьхеит, аҵла иҭалақәаз маҭхеит. "Адаӷьи амаҭи аҵан ирхылҵит" рҳәон уи аҟынтә.
Аурыс жәлар рлакә "Царевна-лягушка" аиԥш зеиԥшу, адаӷь ацәа зхарԥоу аԥҳәызба илыхҳәаау анашанатә лакәқәа уԥылоит ҳара ҳфольклор аҿы, ашәуаа рҳәамҭақәагьы налаҵаны. Иааџьоушьаратәы аԥсуа цәа рхоуп асиужетқәа. Руак аниҵеит аҵарауаҩ ду Сергеи Зыхәба, изеиҭазҳәаз шьҭрала д-Арасаӡыхьтәын, Гагра дынхон. "Адаӷь ԥҳәысс изгаз илакә" ҳәа ахьӡны раԥхьаӡа акәны акьыԥхь абеит 2005 шықәсазы – Аԥсуа жәлар рҿаԥыц рҿиамҭа IV атом иагәылоуп.
🐸 Адаӷьгьы аӡы изҭоу зегьы иреиҳазар аҭахуп. Адаӷь аӡы ианаанахәа, усгьы агаҟа сцон аҳәеит. (Ажәаԥҟақәа)
📖 Квакать – аҩаҿҩа́ҿра, аҟәаҿҟәа́ҿра
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа

Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍14
Ашьхарахь асы ықәнаршәшәеит, Ауадҳара иагьышьҭагылт, уажәыҵәҟьа аа-сантиметрк ыҟоуп. Иааиуа амшқәа рзы уаҟа асҿыц иазыԥшуп, уахынла иҵаарҷҷо иалагоит рҳәоит аҳауагәаҭаҩцәа. Аӡынра ашьшьыҳәа иҳазлыбаауеит шьхала, сынтәа акыргьы амҩа иқәын. Ауаџьаҟ амца аныхаахо аамҭа... Шәазыԥшума, мҿыла шәеиқәшәоума? 😉
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍16❤7😍4
This media is not supported in your browser
VIEW IN TELEGRAM
Ҳара ҳназлоу аҟәаа аӡәырҩы абҵарамза иаҵоу аҿыхьҭара рхазыршҭыз хҭысхеит "Амра ашәахәақәа" захьӡу асахьаҭыхҩы Борис Ашәба ицәыргақәҵа аартра. Занааҭла иекономисту аҟаза, шәыга лашала иаԥиҵаз адунеи уатәнатәуеит, уарзҩыдоит, доуҳак узыннажьуеит, иҿыханҵа абызшәа уаҩы еиликаартә иҟоуп. Ирҿиамҭақәа рҵакы, рсиужет, ирыҵоу аидеиа хада уҳәа, аҵыхәтәантәи аҵәаӷәаҷ аҟынӡа аԥсышәала иуацәажәоит. Аԥсабара асахьа акәзаргьы, убас аԥшшәқәа рҟәынкаашьак дақәшәоит, акраамҭа убла ихымҵуа.
Борис Ашәба арадио Sputnik Аԥсны астудиахь ааԥхьара иаҳҭеит. Ҳасасцәа зегь бзиа рыхьӡуп шәҳәаргьы имцхом, аха араҟа абаҩхатәреи, аламыси, ақьиареи бжьыцқьала ҿык еицҭацәажәеит. Аиҿцәажәара мҩаԥылгон Лана Аԥшьлааԥҳа, шәазыӡырҩыр шәылшоит абра>>
Ацәыргақәҵа аартуп ҳазҭоу амчыбжь нҵәаанӡа.
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Борис Ашәба арадио Sputnik Аԥсны астудиахь ааԥхьара иаҳҭеит. Ҳасасцәа зегь бзиа рыхьӡуп шәҳәаргьы имцхом, аха араҟа абаҩхатәреи, аламыси, ақьиареи бжьыцқьала ҿык еицҭацәажәеит. Аиҿцәажәара мҩаԥылгон Лана Аԥшьлааԥҳа, шәазыӡырҩыр шәылшоит абра>>
Ацәыргақәҵа аартуп ҳазҭоу амчыбжь нҵәаанӡа.
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍15❤7🔥2
Апоет, адраматург, Аԥсны зҽаԥсазтәыз акультура аусзуҩ Валери Касланӡиа 80 шықәса ихыҵит.
Валери Касланӡиа деицырдыруеит ахәыҷтәы жәеинраала ссирқәа равторк иаҳасабала, Таиф Аџьба ихьӡ зху алитературатә премиа раԥхьаӡа изанашьаз иара иоуп. Ихаҭа дшысабииз иаб диԥхеит (Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҿы дҭахеит), иаб иашьа, аԥсуа актиор ду Леуа Касланӡиа диааӡон. Дшыхәыҷыз атеатр ахь дигон, акультуратә ԥсҭазаара дагәылаихалон. Апоет абри аамҭа игәалаиршәон абас:
"Отелло" даныхәмаруаз, аспектакль алагара 2-3 сааҭ шагыз атеатр ахь днеиуан. Ихала агрим ҟаиҵон, сара сидтәаланы сихәаԥшуан. Отелло ишәҵатәқәа рыла иҽеилаҳәаны асценахь ацәырҵырҭаҿы днеиуан, нас длеиҩеиуа ироль иҽалаирхалон. Избон саб иашьа уажәраанӡа исацәажәоз шиакәмыз, уантәи ахԥатәи аиарус ахь сишьҭуан: "Ԥшьаала утәаны аспектакль уахәаԥшла" ҳәа насаҳәаны".
Валери Касланӡиа акьыԥхь аҿы дцәырҵит 1960-тәи ашықәсқәа рзы, уиижьҭеи иахьанӡа аԥхьаҩ дызмоу шәҟәыҩҩуп. Ажәеинраалақәа рнаҩс иҩуеит апиесақәа, аповестқәа, апоемақәа, атеатрқәа рҿы дықәдыргылахьеит. Хаҭашьала зынӡа ахӡыргара иашьҭам рҿиаҩуп, гәата-бӷата иус иациҵоит. Ҳазшаз абзиарақәа иаҭәеишьалааит, аԥсуақәра нагӡа ниҵааит, агәабзиара-ахабзиара иманы!

👍15
Иахьатәи аамҭазы иалукааша, иԥшӡоу аԥсуа хьыӡқәа шәразҵаауан. Еизаҳаҟәшәеит 150, ԥшьба-хәба нызқь рҟынтә. Реиҳарак ԥсыуа хьыӡқәаҵәҟьоуп, аха иаланагалазгьы аԥсшәа иарсахьеит, иаднакылеит. Хыҵхырҭас иҳахәеит Шьалуа Инал-иԥа, Адгәыр Инал-иԥа, Екатерина Шьаҟрыл, Валентина Амҷԥҳа рышәҟәқәа.
Асиа иаҳарбеит, ҳгәанала, иахьа имаҷны ахархәара змоу, имчым, еинаалоу ахьӡқәа. Изыхәо аӡәыр дҟалар — абзиаӡа!
#ахьӡқәа
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Асиа иаҳарбеит, ҳгәанала, иахьа имаҷны ахархәара змоу, имчым, еинаалоу ахьӡқәа. Изыхәо аӡәыр дҟалар — абзиаӡа!
#ахьӡқәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍42😍3💯2
Ахьыуардын
🍐 Уажә ааигәа ашәыр еихаҳара, абаҳчааӡара иазҟазоу аӡәы ҳиҿцәажәон. Аҳа ахкыжәлақәа жәохә еиқәиԥхьаӡеит. Иџьаҳшьеит. Шәҟәыла ишьҭаҳхзар — 25 инареиҳазаап. Аберҳа, аӡынҳа, акырпыжәҳа, акәапеиҳа, акьафырҳа, ақәышьарҳа, ақәыԥсҳа, алацанҳа, алагәанҳа, алуҳа,…
🍎 Аԥсны изызҳауа аҵәа ахкыжәлақәа
• А́ӷбаҵәа
• Абамбаҵәа́
• Аӡынҵәа́
• Аихаҵәа́
• Апарчанда́
• Аҵәагәа́ҩа
• Аҵәажьа́кца
• Аҵәа́ҟаԥшь (аҵәа́ԥшь)
• Ашьақа́рҵәа
• Аҳәырҵәа́
• Ацига́нҵәа
• Аҵәа́хәа
• А́ԥсуаҵәа
• Мҵа́ратәи аҵәа
• Ашампа́нҵәа
• Апо́рт
• Аҵәасса,́ аҵәа́ша (дикие яблони) — хыхь еиқәыԥхьаӡоу ахкыжәлақәа реиҳарак зхылҿиааз, абнаҿ изызҳауа, зхала аԥсабара ианылаз ҵиаақәоуп, аԥсуаа рҿы иҵламшқәоуп ҳәа ԥхьаӡан. Аҳаҷҷеиԥш аҵәассагьы ахьыҟоу алаԥшцәгьа мчы амамызт, уи аҟынтә агара иҭаз ашыц гәабан аҵәассамахә аҵарҵон, ауардын аӷьатамагьы аҵәассамахә иалырхуан.
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
• А́ӷбаҵәа
• Абамбаҵәа́
• Аӡынҵәа́
• Аихаҵәа́
• Апарчанда́
• Аҵәагәа́ҩа
• Аҵәажьа́кца
• Аҵәа́ҟаԥшь (аҵәа́ԥшь)
• Ашьақа́рҵәа
• Аҳәырҵәа́
• Ацига́нҵәа
• Аҵәа́хәа
• А́ԥсуаҵәа
• Мҵа́ратәи аҵәа
• Ашампа́нҵәа
• Апо́рт
• Аҵәасса,́ аҵәа́ша (дикие яблони) — хыхь еиқәыԥхьаӡоу ахкыжәлақәа реиҳарак зхылҿиааз, абнаҿ изызҳауа, зхала аԥсабара ианылаз ҵиаақәоуп, аԥсуаа рҿы иҵламшқәоуп ҳәа ԥхьаӡан. Аҳаҷҷеиԥш аҵәассагьы ахьыҟоу алаԥшцәгьа мчы амамызт, уи аҟынтә агара иҭаз ашыц гәабан аҵәассамахә аҵарҵон, ауардын аӷьатамагьы аҵәассамахә иалырхуан.
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍20❤9
Ахьыуардын
🍎 Аԥсны изызҳауа аҵәа ахкыжәлақәа • А́ӷбаҵәа • Абамбаҵәа́ • Аӡынҵәа́ • Аихаҵәа́ • Апарчанда́ • Аҵәагәа́ҩа • Аҵәажьа́кца • Аҵәа́ҟаԥшь (аҵәа́ԥшь) • Ашьақа́рҵәа • Аҳәырҵәа́ • Ацига́нҵәа • Аҵәа́хәа • А́ԥсуаҵәа • Мҵа́ратәи аҵәа • Ашампа́нҵәа • Апо́рт • Аҵәасса…
"Иҟоуп, иудыруеит, аԥсуа ҵәак "аӡынҵәа" ҳәа иашьҭоуп... Адгьыл рацәаны иаҵанакуеит азыҳәан, имаҷны еиҭарҳауеит уи аҵәа. Аумаамҭа иазҳауеит, аха знык ианазҳа, аԥсуаа иаҳҩызоуп, ақәра ду ннаҵуеит. Умаҭацәагьы иҿыхны ирфалоит... Убри аҵәа, нан, ахәмарга здырбо ахәыҷы иеиԥш, амахәқәа рхаха, ажәҩан ахь иԥшуанаҵы, иҿало ссоуп, агьамагьы, ҽеим. Ашықәсқәа нақәыӷәӷәаны, амахәқәа анылаҟәлак, ажәҩан мацара акәымкәа, адгьылгьы шыҟоу анабалак, урҭ аҩбагьы анеицылалак, иҿалогьы ҟәазхоит, агьамагьы бзиахоит…"
Џьума Аҳәба иажәабжь "Аԥхыӡ" аҟынтә
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Џьума Аҳәба иажәабжь "Аԥхыӡ" аҟынтә
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍17❤6🤯1
Ахьыуардын
Ауаҩы раԥхьаӡа идикылаз, инапы иаиршьцылаз, ԥсабарала иҟәышу ала́ наџьнатә аахыс ицхырааҩ дууп аҩны-агәара, арахә-ашәахә рыхьчараҿы, ашәарыцараҿы. "Ала уаҩы ишьа алоуп", "анхаҩ бзиа илақәа рыла дудыруеит" рҳәоит. Арахәааӡареи ашәарыцареи хныҟәгагас ианыҟаз…
Ала ауаҩы ишьа алоуп рҳәоит, уи агәра згахьоугьы маҷым. Асахьаркыратә фильм "Хатико" адунеи ахьынӡанаӡааӡо миллионла ахәаԥшцәа аиуит, згәы амырԥшааз дыҟам, ихаҳәымзар. Аиԥш зеиԥшу аҭоурыхқәа егьараан, егьаџьара иҟалахьеит. Аԥсынгьы ирацәан амҳаџьырра аамҭақәа раан, ала рыцҳақәа ақьаԥҭақәа ианырҭынхоз.
Иахьа ԥсшьарамшуп, шәаԥхьарц ишәыдаагалоит Жьужьа Ақаҩба ииҩыз, иҟалахьоу ажәабжьк. Акинематограф иазааигәоу аҟазауаа азхьаԥшны ишахәҭоу иҭыхзар, Аԥсны анҭыҵгьы инаугаша, ихазыноу ҭоурыхуп. Ԥсыуала аламыс аныҟәгара закәу аанарԥшуеит, излаҩу абызшәа ссируп. Аԥхьара ишәцәагоит хәбаҟа минуҭ, ишәнаҭоит агәахәа дуӡӡа. Шәымҩахыҵ абранӡа>>
Анҵәамҭа бзиоуп, уарҵәыуаргьы – гәырӷьа лаӷырӡыла.
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Иахьа ԥсшьарамшуп, шәаԥхьарц ишәыдаагалоит Жьужьа Ақаҩба ииҩыз, иҟалахьоу ажәабжьк. Акинематограф иазааигәоу аҟазауаа азхьаԥшны ишахәҭоу иҭыхзар, Аԥсны анҭыҵгьы инаугаша, ихазыноу ҭоурыхуп. Ԥсыуала аламыс аныҟәгара закәу аанарԥшуеит, излаҩу абызшәа ссируп. Аԥхьара ишәцәагоит хәбаҟа минуҭ, ишәнаҭоит агәахәа дуӡӡа. Шәымҩахыҵ абранӡа>>
Анҵәамҭа бзиоуп, уарҵәыуаргьы – гәырӷьа лаӷырӡыла.
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
Telegraph
Амҳаџьыр Муса ила
Аамҭала Қаҩ Муса ҳәа аӡәы Абӷархықә дынхон. Ирахә-ишәахә, инхамҩа уҳәа бзанхаҩык дшыҟаз дыҟан. Аха иазаауеи, амҳаџьырра аамҭазы ҭаацәала дыхҵәаны, иԥсадгьыл ныжьны Ҭырқәтәылаҟа дымцар амуит. Ирахә еибарҟаауа, инаԥшы-ааԥшуа агәашә иаадхалт. Иахьеи-уахеи аџьықәреи…
❤🔥9👍8❤3🤯1
Ашьыжь аныҳәаҩ дгәарлоит. (Ажәаԥҟа) Аԥсуаа рныҳәаԥхьыӡқәак:
• Адунеи уақәлахааит.
• Ажәлар рныҳәа угымхааит.
• Анцәа абзиара уирбааит.
• Гәырӷьачара умазааит.
• Еиҳа зымчу духылаԥшааит.
• Жәҩан гәашәԥхьара узыԥшызааит.
• Ныҳәаԥхьыӡс иҟоу угымхааит.
• Уҵәҩаншьап мыӡааит.
• Уҵеира иазҳааит.
• Уажәымҭа шкәакәахааит.
• Уашҭа абзиара ҭалааит.
• Ҳазшаз еиҭаҳәара уиҭааит.
• Уахьца уаалааит.
• Уиаҵәахә кыдымшәааит.
• Умца мыцәааит.
• Ухәаша мблааит.
• Хы-хшарала умашшааит.
• Хыхь-гәыхь умоуааит.
• Хьымӡӷ уқәымзааит.
• Чарала умҩасааит.
• Шьарда аамҭа нуҵааит.
• Ушьҭамҭа мыӡааит.
Ахыҵхырҭа: Гиви Ҵнариа "Аҵеира"
Асахьа © Ашьхатәыла Аԥсны
Ажәа амч амоуп, шәаргьы иацышәҵа.
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
• Адунеи уақәлахааит.
• Ажәлар рныҳәа угымхааит.
• Анцәа абзиара уирбааит.
• Гәырӷьачара умазааит.
• Еиҳа зымчу духылаԥшааит.
• Жәҩан гәашәԥхьара узыԥшызааит.
• Ныҳәаԥхьыӡс иҟоу угымхааит.
• Уҵәҩаншьап мыӡааит.
• Уҵеира иазҳааит.
• Уажәымҭа шкәакәахааит.
• Уашҭа абзиара ҭалааит.
• Ҳазшаз еиҭаҳәара уиҭааит.
• Уахьца уаалааит.
• Уиаҵәахә кыдымшәааит.
• Умца мыцәааит.
• Ухәаша мблааит.
• Хы-хшарала умашшааит.
• Хыхь-гәыхь умоуааит.
• Хьымӡӷ уқәымзааит.
• Чарала умҩасааит.
• Шьарда аамҭа нуҵааит.
• Ушьҭамҭа мыӡааит.
Ахыҵхырҭа: Гиви Ҵнариа "Аҵеира"
Асахьа © Ашьхатәыла Аԥсны
Ажәа амч амоуп, шәаргьы иацышәҵа.
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍26❤7
Аԥсны Аконституциа 29 шықәса ахыҵит. Аҳәынҭқарра ҵәатәышьаҟас иаҵагылоу, уи аҿиара ҳәаақәызҵо, ауааԥсыра зегьы еицырзеиԥшу, иагьеидызкыло Ашәҟәы шьҭыхын 1994 шықәсазы абри аҽны, иара убасҟан Владислав Арӡынба ихьӡ ҳәан Аԥсны раԥхьатәи ахадас. Абҵара 26 — агәадуреи агәырӷьареи зцу, акрызҵазкуа мшуп.
Ари аҭоурыхтә хҭыс алзыршаз ируаӡәку, Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет адепутатс иҟаз Олег Дамениа усҟантәи аҭагылазаашьа игәалаиршәоит абас:
"Аконституциа адкылара мариаӡамызт. Иаахтны иаҳҳәозар, ҳаргьы ишахәҭоу еиԥш ҳазыҟаҵаӡамызт. Аха аамҭа иҳаднаҵон, аҭоурыхтә аамҭа ҳарццакуан. Убри аҟынтә иҳадаҳкылеит. Егьа ҟрыҵәрыла иҳадаҳкылазаргьы, ицәгьам ҳәа уаҩы иҳәаратәы иҟоуп. Хадара злоу апринципқәа — аҳәынҭқарра аиҿкаара, ажәлар реиқәырхара, ажәлар рыҿиара, абарҭқәа зегьы арбоуп. Ҳәарада, аус адулатәуп, аԥсахрақәа алагалатәуп. Аха аус злоу Аконституциа иагу акәӡам, иара ҳақәныҟәалароуп, убри ауп зегьы ирыцку. Зегь реиҳа ҳахьыцыркьуа — Аконституциа иарбоу азакәанқәа азгәамҭакәа ҳшьаҿақәа ахьеихаҳго ауп".
☑️ Аԥсны ахадарахьы инеиуа зегьы рнапы зықәҵаны ҭоуба руа 1994 шықәсазтәи Аконституциа ԥшьаҩырак иаҳзаҩызоуп, избанзар ишьақәнарӷәӷәоит шьала иаагаз аԥсуа ҳәынҭқарра аҳәаақәа, уи ахьыԥшымра, арҭқәа ахаан ԥсахра рықәымкәа закәанла иахьчоуп.
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Ари аҭоурыхтә хҭыс алзыршаз ируаӡәку, Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет адепутатс иҟаз Олег Дамениа усҟантәи аҭагылазаашьа игәалаиршәоит абас:
"Аконституциа адкылара мариаӡамызт. Иаахтны иаҳҳәозар, ҳаргьы ишахәҭоу еиԥш ҳазыҟаҵаӡамызт. Аха аамҭа иҳаднаҵон, аҭоурыхтә аамҭа ҳарццакуан. Убри аҟынтә иҳадаҳкылеит. Егьа ҟрыҵәрыла иҳадаҳкылазаргьы, ицәгьам ҳәа уаҩы иҳәаратәы иҟоуп. Хадара злоу апринципқәа — аҳәынҭқарра аиҿкаара, ажәлар реиқәырхара, ажәлар рыҿиара, абарҭқәа зегьы арбоуп. Ҳәарада, аус адулатәуп, аԥсахрақәа алагалатәуп. Аха аус злоу Аконституциа иагу акәӡам, иара ҳақәныҟәалароуп, убри ауп зегьы ирыцку. Зегь реиҳа ҳахьыцыркьуа — Аконституциа иарбоу азакәанқәа азгәамҭакәа ҳшьаҿақәа ахьеихаҳго ауп".
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍15🙏4❤2
This media is not supported in your browser
VIEW IN TELEGRAM
Абас аԥашадаас анкылҟьалоз ажәытәан аԥсуаа "аԥша ҿарҳәон" (усмирить ветер), уи шыҟарҵоз шәаԥхьар шәылшоит абра >>
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍16🙏4
Ԥсы зхоу рахьтә ари аҩыза амш иеигәырӷьо ыҟазар, ацәқәырԥынқәа роуп! Аԥшаӷьы анасуа дара рзы иныҳәоуп, иара усгьы бжеиҳан аҳауа ихиаалоу, ас еиԥшқәа раан аԥша имҵанарсуеит, рыԥырра армариоит.
Ацәқәырԥы́н (буревестник) — адунеи ахьынӡанаӡааӡо иуԥыло ԥсаатәуп, ахкқәа рацәоуп, Амшын еиқәаҿы иазгәаҭоуп акык-ҩбак (левантский, малый). Аӷбаныҟәацәа ажәытәӡа аахыс ҩызцәас ирымоуп: ауаа урҭ рхымҩаԥгашьала амш шеилахәоз рдыруан, агәҽанызаара роуан.
Аԥсуа литератураҿы ахаҿсахьа шамахамзар иуԥылом, ахаҭагьы ҳамшын аҿықә имаҷны иамоуп, аҷнышқәеи абабыҟәқәеи ирҿырԥшны иугозар. Иџьашьатәым нас, ари аԥсаатә адгьыл иазшамызт, ацәқәырԥақәа ирыжәлоит, ирԥыҩлоит, уи ауп ԥсҭазаарас иамоу, аҳауа ишалоу ицәаргьы ҟалоит.
#аԥсаатәқәа
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Ацәқәырԥы́н (буревестник) — адунеи ахьынӡанаӡааӡо иуԥыло ԥсаатәуп, ахкқәа рацәоуп, Амшын еиқәаҿы иазгәаҭоуп акык-ҩбак (левантский, малый). Аӷбаныҟәацәа ажәытәӡа аахыс ҩызцәас ирымоуп: ауаа урҭ рхымҩаԥгашьала амш шеилахәоз рдыруан, агәҽанызаара роуан.
Аԥсуа литератураҿы ахаҿсахьа шамахамзар иуԥылом, ахаҭагьы ҳамшын аҿықә имаҷны иамоуп, аҷнышқәеи абабыҟәқәеи ирҿырԥшны иугозар. Иџьашьатәым нас, ари аԥсаатә адгьыл иазшамызт, ацәқәырԥақәа ирыжәлоит, ирԥыҩлоит, уи ауп ԥсҭазаарас иамоу, аҳауа ишалоу ицәаргьы ҟалоит.
#аԥсаатәқәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍13❤2
Абри аҽны 210 шықәса раԥхьа Санкт-Петербург диит Иван Бартоломеи — раԥхьаӡатәи аԥсуа нбан аиқәыршәаҩ, аинрал-леитенант, аҵарауаҩ, ашәҟәыҩҩы, анумизмат.
Иан лышьҭрала Кавказ ашьхарыуаа дырцырҟьоуп, лара аҭауадцәа Черкасаа дырҭыԥҳан (княжна Черкасская), урҭ рыжәла, ишдыру еиԥш, ахы акит XV ашәышықәсазы азахәцәа аҳас ирымаз Инал Ду Лаша иҟынтә (ԥсыуала ианшьцәа Инал-иԥацәан уҳәар ауеит).
Бартоломеи напхгара зиҭоз акомиссиа еиқәнаршәаз Аԥсуа нбан ҭыҵит 1865 шықәсазы, шьаҭас иаиуит Услар уаанӡа ишьақәиргылахьаз аԥсуа алфавит, бзыԥтәи адиалект ашьҭыбжьқәа арбан. Ари анбан ахархәара аман 30 шықәса инарзынаԥшуа, Гәлиеи Маҷавариани рышәҟәы ҭыҵаанӡа.
Бартоломеи ахшыҩ ҵар змаз, зылаԥшҳәаа ҭбааз уаҩын, дышқәыԥшызнатә инапы ианырҵоз арратә дҵақәа зеиӷьыҟам ала инаигӡон, ирратә уалԥшьа дахьнанагоз ажәларқәа рҭоурых, ретнографиа дазҿлымҳан. Аԥсуа нбан адагьы, ачечен бызшәа анбан еиқәиршәеит. Иааидкыланы Кавказ 20 шықәса ихигеит, 1850 шықәса инаркны 1870 шықәсазы Қарҭ иԥсҭазаара далҵаанӡа.
Услари Бартоломеи дара раамҭазы аԥсшәазы ирылшаз аус шәашьа амаӡам, пату ду ҳзақәуп.

👍16❤6
Аԥсуаа аӡахәацҳақәа ҟарҵон иԥаны, ишышны, иара аӡахәа ԥымҟакәагьы цҳас ихырҵозаарын, уимоу аӡԥаҩқәа рҿы абнаӡахәа еиҭарҳауан, ианеилачлак ихәарҭахарц! Ари атәы дырны изҳәахьоу ыҟамкәа иҟам, ҳара иаҳԥылеит сынтәа изиубилеиу ашәҟәыҩҩы Даур Занҭариа ирҿиараҿы, иажәабжь "Амзымуаа" иалоу фырхаҵак иҿала иҳәоит абас:
"Анкьа Багада ацҳа асеиԥш еихала ичаԥаны иҟамызт. Нырцә-аарцә еиҭарҳауан абнаӡахәа, нас аӡахәақәа еилаланы, иузеилымхыртә еилаԥаҭаны иааҟалон. Уи ашьҭахь хыхь анышә нықәрыԥсон, абасала имазеин зыԥсы ҭаз ацҳа. Аӷа данжәылоз, аӡахәа ганкахьала иныҵаԥырҟон, аамҭала иаахырхуан ацҳа..."
Асахьаҿы ижәбо ацҳа ҳаамҭазы ахархәара амоуп Индиа, аҵла адацқәа ирылхуп. Ҳтәыла аԥсшьацәа злаҭаауа ала, иахьшәарҭам џьара ихҵазар ҟалон зыԥсы ҭоу аӡахәацҳа: иԥшӡоуп, аԥсабара иаԥырхагам, ҳҭоурых уазхьанарԥшуеит, Аԥсны ажәытә хаҳә аамҭазы аӡахәа ахьыҿиаз дгьылк аҳасабалагьы аинтерес аҵоуп.
Аԥсуаа ихырҵоз ацҳа ахкқәа еиқәыԥхьаӡоуп абра>>
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
"Анкьа Багада ацҳа асеиԥш еихала ичаԥаны иҟамызт. Нырцә-аарцә еиҭарҳауан абнаӡахәа, нас аӡахәақәа еилаланы, иузеилымхыртә еилаԥаҭаны иааҟалон. Уи ашьҭахь хыхь анышә нықәрыԥсон, абасала имазеин зыԥсы ҭаз ацҳа. Аӷа данжәылоз, аӡахәа ганкахьала иныҵаԥырҟон, аамҭала иаахырхуан ацҳа..."
Асахьаҿы ижәбо ацҳа ҳаамҭазы ахархәара амоуп Индиа, аҵла адацқәа ирылхуп. Ҳтәыла аԥсшьацәа злаҭаауа ала, иахьшәарҭам џьара ихҵазар ҟалон зыԥсы ҭоу аӡахәацҳа: иԥшӡоуп, аԥсабара иаԥырхагам, ҳҭоурых уазхьанарԥшуеит, Аԥсны ажәытә хаҳә аамҭазы аӡахәа ахьыҿиаз дгьылк аҳасабалагьы аинтерес аҵоуп.
Аԥсуаа ихырҵоз ацҳа ахкқәа еиқәыԥхьаӡоуп абра>>
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍14❤4💔1
Ахьыуардын
Аԥсуаа аӡахәацҳақәа ҟарҵон иԥаны, ишышны, иара аӡахәа ԥымҟакәагьы цҳас ихырҵозаарын, уимоу аӡԥаҩқәа рҿы абнаӡахәа еиҭарҳауан, ианеилачлак ихәарҭахарц! Ари атәы дырны изҳәахьоу ыҟамкәа иҟам, ҳара иаҳԥылеит сынтәа изиубилеиу ашәҟәыҩҩы Даур Занҭариа ирҿиараҿы…
Абнаӡахәақәагьы хкы-хкыла иҟоуп, Аԥсны изызҳауа рҟынтә ҩба рыхьӡ ҳаԥшааит. Абтәыҩа (обвойник греческий, букв.: "козий рог"), ҳәа иҟоу ибзианы иҵәиуеит, асакасақәа аларшышуан ажәытәан. Алмышә ӡахәа акәзар, уигьы унапаҿы иааиуеит, ашаха ацымхәрас рхы иадырхәон, арахә ашьапы алаушьаҳартә иҟан.
Ацҳақәа рахь ҳгьежьуазар, Анатоли Возба ироман "Ҳаџьараҭ Кьахьба" аҿы, ишәгәалашәозар, аӡахәацҳа дахьахцәажәо ҭыԥк ыҟоуп ("Аеҵәа акыдшәара" ҳәа хьӡыс измоу ахы). Убраҟа Ҳаџьараҭ аԥхыӡ бааԥс ибоит: ҩ-хра цаӷь-цаӷьк рыбжьара аӡахәацҳа дықәланы днеихуеит, нырцә иԥҳәыси иԥеи аӷацәа иҳәынҷаны иркуп, иара днаӡаны рхы иақәиҭитәырц иҭахуп. Ацҳа ҩ-ӡахәа шәпак роуп излыху — акы дықәгылоуп, егьи инапала икуп! Ҵаҟатәи ҟамала иаасуа мацара аҿахҳәа ианааԥырҵәа, хыхь иикыз дкәалкәало дахьынҳалеит. Изакәытә сахьоузеи убла иаахгыло!
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Ацҳақәа рахь ҳгьежьуазар, Анатоли Возба ироман "Ҳаџьараҭ Кьахьба" аҿы, ишәгәалашәозар, аӡахәацҳа дахьахцәажәо ҭыԥк ыҟоуп ("Аеҵәа акыдшәара" ҳәа хьӡыс измоу ахы). Убраҟа Ҳаџьараҭ аԥхыӡ бааԥс ибоит: ҩ-хра цаӷь-цаӷьк рыбжьара аӡахәацҳа дықәланы днеихуеит, нырцә иԥҳәыси иԥеи аӷацәа иҳәынҷаны иркуп, иара днаӡаны рхы иақәиҭитәырц иҭахуп. Ацҳа ҩ-ӡахәа шәпак роуп излыху — акы дықәгылоуп, егьи инапала икуп! Ҵаҟатәи ҟамала иаасуа мацара аҿахҳәа ианааԥырҵәа, хыхь иикыз дкәалкәало дахьынҳалеит. Изакәытә сахьоузеи убла иаахгыло!
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍22❤3
This media is not supported in your browser
VIEW IN TELEGRAM
Ажьа шкәакәа зкыз диҩызахеит рҳәоит, фразеологиатә еицааироуп, аҵакы: попасть в безвыходную ситуацию. Ажьа шкәакәа зкыз дзықәшәаз уи ауп, иоуижьыр иан дыԥсуан, иоуимыжьыр – иаб. Ари афраза ҵакыла иақәшәо даҽакгьы ыҟоуп "аҩсҭаа дызкыз диеиԥшхеит".
Ила ажьа акит – ажьа́шәара иахылҿиааз фразеологизмуп, даара узеигәырӷьаз ақәҿиара, аманшәалара аанагоит: ему крупно повезло; ему улыбнулась удача (букв.: его охотничья собака поймала зайца). Ажьа аишәарыцара акыр алаҵәара аман Аԥсны, ажьа алақәа иҵдырҟьон, нас иркуан. Ари аршаҳаҭуеит ҳфольклор аҿы алымҳакьацә иахҳәаау ажәаԥҟақәеи алакәқәеи рырацәарагьы.
• Ажьа шаҟа итәаз аҟара икәарит.
• Ажьа амарда ихалозар, еиҳа иҩуеит.
• Ажьа зкыз аԥышә дагәӡуан, иара аблақәа абнахь иԥшуан.
• Имццакыз ажьа уардынла икуеит.
• Ажьа ахьыҵҟьаз иаанагоит.
• Ажьа алақәа зегьы ирыцәшәоит, аха алақәа зегьы ажьа рызкуам.
Ажьа иазку иҵегь ажәаԥҟақәеи жәлар разгәаҭарақәеи жәбоит ҳавтор Сусана Ҭаниаԥҳа абри лыстатиаҿы>>
Абна илоу ашәарахқәа рҟынтә ажьа иахаршалоу ахатәы хьӡқәа хыԥхьаӡарала зегьы иреиҳауп ҳәа лыҩуеит абызшәадырҩы Валентина Амҷԥҳа, иагьаалгоит абарҭ аҿырԥштәқәа: Жьац, Жьагәа, Жьажьа, Жьажә, Жьабаӷь, Жьакәыр, Жьампыл, Жьаԥшь.
🔸 Жьазар, аҵыхәа скратәы снеихьеит – дело практически сделано.
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍22❤2