🧩 Ажәахырҿиаара
Ахцәыԥны́ҳәа – праздник женской косы; моление девушек, чтобы коса хорошо росла
Х-шьаҭак реилаларала ишьақәгылоу ажәоуп: ахцәы + аԥара́ + аныҳәа (букв.: праздник-молитва плетения косы). Аԥсуаа иҟарҵон, ажәарқәа ирнуп. Аха амҩаԥгашьа атәы ахьаҳәо ҳзымԥшааит.
Ишакәхалак, иџьашьатәым абас иҷыдоу ныҳәарак ахьыҟаз. Ахцәы шьқьыри аџьымшь ҟьаҟьеи аҭыԥҳа лҭеиҭԥш зырԥшӡо ирхадароуп ҳәа ԥхьаӡан, лымкаалагьы алаҳәахӡы еиԥш еиқәаҵәоу, ихьыԥшшәылоу еилԥхаауа, мамзаргьы ахцәы зардагь (русые). Ахахәы рацәа зқәу дымшуп, зхахәы жәпоу агәабзиара лымоуп, зхахәы еилаарцыруа лгәы цқьоуп рҳәоит. Ахцәы алаԥш амаахарц аҭәҳәагьы ҟарҵон. Ан лыԥҳа лыхцәқәа ԥаны данаалгалак, наҟ-ааҟ длахо-ҩахо ахцәыҭәҳәа даԥхьоит:
"Соура уоураны,
Сыҭбаара уҭбаараны,
Хыԥсҭашәа уцәқәырԥо,
Мҷышь ашәа уҭашьшьы,
Чфу-чфу-чфу! Чфу-чфу-чфу!"
(ианиҵеит Валентин Кәаӷәаниа, иҵегь авариантқәа ыҟоуп).
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа

Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍17❤7
Иҳаи иҷышьи неиԥшьуа дааиуеит // адәы дықәуп рҳәоит ауаҩы рбзазагас имоу-ихӡу анмаҷу, мамзаргьы иааимоу зегь еицырхырааны уск нагӡатәыс иаԥхьа ианышьҭоу (едва сводить концы с концами; приложить максимум сил и средств).
Ари афразеологиатә еицааира асра-аҳара иахылҿиааит, аҳаи аҷышьи асырҭы ахәҭақәа роуп: аҳа́ - основа (продольная нить в ткани), аҷы́шь - уток (поперечная нить в ткани). Даҽкала иаҳҳәозар, аба злашьақәгылоу арахәыц еихыршьқәа ирыхьӡуп.
Асра, ахахара, ақәҵара, аӡахра, арышҳара – аԥҳәыс лнапы ианыз ҩнусқәан, аҭаацәа рымаҭәа-ҩыҭәа, аиарамаҭәа, ампахьшьқәеи, ауарҳалқәеи уҳәа зегьы напылаҟаҵаран ажәытәан. Ари ҟазаран, аха аҳәса рзы ҵыхәаԥҵәарак змамыз џьабаа дуӡӡан. Асырҭы, шамахамзар, ҩнаҭацыԥхьаӡа игылан, иҟалалон агәыла ҳәсақәа еизаны ианеицхыраауазгьы.
"Аҳаи" "аҷышьи" еиҭарсу аҵакы шьҭырхижьҭеи акрааҵуеит, Дырмит Гәлиа ироман "Камаҷыҷ" аҿы иаҳԥылоит: "Лыкәты лҭиит, лҟыз лҭиит, лҳаи-лҷышьи неицылҵан, ԥыҭ-чыҭк лыхәҳаит" ҳәа. Иахьагьы ирҳәо ҳаҳахьеит.
⭐️ Аԥсуаа Асырҭы шьапы ҳәа хьӡыс иарҭеит аеҵәаџьаақәа руак (созвездие "Ножка ткацкого станка").
🪢 Аус зуа асырҭы гылоуп Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи аетнографиа аҟәшаҿы. Иара иаҿоу ампахьшьқәа рсит аҟәша аусзуҩцәа, аҵарауаҩ Таисиа Аланиа лаԥшьгарала.

👍15❤2
Ахьыуардын
Иҳаи иҷышьи неиԥшьуа дааиуеит // адәы дықәуп рҳәоит ауаҩы рбзазагас имоу-ихӡу анмаҷу, мамзаргьы иааимоу зегь еицырхырааны уск нагӡатәыс иаԥхьа ианышьҭоу (едва сводить концы с концами; приложить максимум сил и средств). Ари афразеологиатә еицааира асра-аҳара…
Асырҭы амҿы иалхны иҟарҵон, уи ахәҭақәа зегь ахьӡқәа рымоуп, иахьатәи ҳажәаҳәа иалҵхьоу, аха ашәҟәы ианҵоу, ус анақәха – имыӡыз. Хадара зуа асахьаҿы ижәбоит.
А́сеи аԥшы́цеи – бёрдо (ткацкий гребень) и ремизки;
Ама́рқәеи ама́рсеи – челнок и его шпулька (арҭгьы афразеологизм рылҵхьеит, хыхь ҳалацәажәон), амарса даҽакала: асарса́л, а́хәа, а́хәхәаҵәа;
Алыра – навой;
Ада́ԥа – ҩ-ҵакык амоуп: рама для берда (батан); деревянная коробка для хранения готовых изделий;
Ага́н, ахырҷа́рсҭа – кромка, неосыпаемый край ткани.
Иҟан убасгьы асырҭы иаԥшьымыз, аса зҭаԥсаз аҟа́да сы́га ҳәа, уи ахәымџьарқәеи амаҟаҿаҳәақәеи аларсон (ручное бердо для ткачества поясов и тесьмы).
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
А́сеи аԥшы́цеи – бёрдо (ткацкий гребень) и ремизки;
Ама́рқәеи ама́рсеи – челнок и его шпулька (арҭгьы афразеологизм рылҵхьеит, хыхь ҳалацәажәон), амарса даҽакала: асарса́л, а́хәа, а́хәхәаҵәа;
Алыра – навой;
Ада́ԥа – ҩ-ҵакык амоуп: рама для берда (батан); деревянная коробка для хранения готовых изделий;
Ага́н, ахырҷа́рсҭа – кромка, неосыпаемый край ткани.
Иҟан убасгьы асырҭы иаԥшьымыз, аса зҭаԥсаз аҟа́да сы́га ҳәа, уи ахәымџьарқәеи амаҟаҿаҳәақәеи аларсон (ручное бердо для ткачества поясов и тесьмы).
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍15❤🔥3
Ахьыуардын
Асырҭы амҿы иалхны иҟарҵон, уи ахәҭақәа зегь ахьӡқәа рымоуп, иахьатәи ҳажәаҳәа иалҵхьоу, аха ашәҟәы ианҵоу, ус анақәха – имыӡыз. Хадара зуа асахьаҿы ижәбоит. А́сеи аԥшы́цеи – бёрдо (ткацкий гребень) и ремизки; Ама́рқәеи ама́рсеи – челнок и его шпулька (арҭгьы…
"Аҳарҭа-сырҭа ыҟамкәа ибжьаӡит" ҳҳәоит (бесследно пропасть), уазхәыцыр – аригьы асра́ напҟазара иахылҿиааз акоуп. Абалых аныбзиаха, "аҳарҭа-сырҭа" ахьыҟоу башьа амаӡам, акны еишьылӡа улаԥш ахьӡоит. "Гәырӡ-шашәаӡ ицеит" ҳәагьы рҳәоит (=ибжьахәашеит), аригьы аӡахра аҟынтә иаауазар акәхап, агәыри ашашәеи шыӡуа еиԥш. 🧵🪡
Аԥсшәа иалоу абахьыӡқәа (аԥсабаратәқәа):
Аба́ - ткань, текстиль
Абамба́ - хлопок
Абарфы́н - шелк
Абы́рса - атлас
Аҭабы́рса - парча
Акадифа́ - бархат
Ачы́ҭԥшқа - батист
Ачы́ҭ - ситец, миткаль
Ана́рма, ачыҭџьа́џьа - бязь
Адима́ - х/б ткань
Ақәатәа́ - льняная ткань
Ашуқьа́ҭ - дерюга, мешковина
А́ласа - шерсть
Ачоуҳа́ - сукно
Амшьамба́ - брезент
Ачры́шь - байка
Аш - парусина
Ақәны́ш - холст
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Аԥсшәа иалоу абахьыӡқәа (аԥсабаратәқәа):
Аба́ - ткань, текстиль
Абамба́ - хлопок
Абарфы́н - шелк
Абы́рса - атлас
Аҭабы́рса - парча
Акадифа́ - бархат
Ачы́ҭԥшқа - батист
Ачы́ҭ - ситец, миткаль
Ана́рма, ачыҭџьа́џьа - бязь
Адима́ - х/б ткань
Ақәатәа́ - льняная ткань
Ашуқьа́ҭ - дерюга, мешковина
А́ласа - шерсть
Ачоуҳа́ - сукно
Амшьамба́ - брезент
Ачры́шь - байка
Аш - парусина
Ақәны́ш - холст
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍22
Ԥыхьа аԥсуа чараҿы аҭаца "аԥара шкәакәа" лықәрыԥсон, ус изышьҭаз арбан?
Anonymous Quiz
17%
Ақьаад ԥарақәа
83%
Араӡны ԥара-ҿырпы
👍11❤6
Ахьыуардын
Анкьа аԥсуаа ачара уахынла ируан, уажәеиԥш ҽынла ируӡомызт, аҭаца илҿаршәыз акасгьы еиқәаҵәан. Избан? Мушьни Миқаиа ироман "Ашацәа ртәарҭа" аҟны абри дахьалацәажәо ҭыԥ бзиак ыҟоуп, иааҳгарц ҳҭаххеит: "Аҵхи ачареи Анцәа еизишеит! Ачара аҵх иарԥшӡоит! Убри…
Аԥсшәа аҭоурых аҟынтә
Ачара ду аилашымҭаз амҳараҿы бжьык аагеит... Зегьы ибзианы иаадыруа ашәа абас иалагоит. "Ачара ду" аҵакы хада (большая свадьба) инаваргыланы, иҷыдоу терминс ахархәара аман ҳабдуцәа ражәаҳәаҿы.
Усҟан ачара ҩымш ицон: актәи амш агәыла-азла ааигәа, ауа-аҭахы еизон, рҽазыҟарҵон, аҭаца аилашәшәымҭазы дааргон, амҳараҿы ддыртәон, аухантәарак ирфон-иржәуан, ари ачара кьаҿ // ачара хпыҿ ахьӡын. Адырҩаҽны акәын ачара дуҵәҟьа, аҵаул чара ҳәа изышьҭаз аныҟаз: ақыҭа зегь уа иҟан, ҿыц ашьтәақәа шьны атәара ду ҟарҵон, ашәаҳәара-акәашара, аҽырхәмаррақәа, аицлабрақәа, аҭацабара уҳәа иаадыруа зегьы зцу. Иҟан аишәа иахымҵӡакәа изыршозгьы, ус зылшаз рҭыԥ аҟынтә аҵла иқәтәаз аҩнатә ԥсаатәқәа иреихсуан, иаразнакала иаарыцқьаны, ижәны-ичаԥаны инарымҵарҵон. Асасцәа ангылоз "рыбзгьы ршьапгьы еиламхәакәа" игылар акәын (Ш. Инал-Ипа "Этнография брачно-семейных и социальных отношений абхазов"). Ачара адырҩаҽноуп еиҳа ианыхаау/ианбзиоу рҳәоит иахьагьы.
ХХ ашәышықәсазы атермин "ачара хпыҿ" ԥсаххо иалагеит "акампаниа" ала. Ашколтә программа иалоу "Ҳаи дад, аписар, закә кампаниоузеи, ишааҳауҳәара!?" ҳәа Мушьни Аҳашба исатиратә ажәабжь абызшәеибамкра иахылҿиааз сиужетуп иаанарԥшуа. "Ачара хпыҿ" аҭаца лаагара иадҳәаламзаргьы ауеит, азеиԥш ҵакы "пир, торжество среднего масштаба", аиҳабыратә абиԥара ражәа иалоуп. Ачара ду "аҵаул чара" ҳәа ишашьҭаз еиԥш, аԥсхәра дугьы аамҭаказы "аимҭахара" ҳәа азырҳәо иалагеит.

👍15
Ажәеи ажәеи еихҳәалауа
"Иԥсараха, иԥсҭараха ашьхақәа рыгәҭа иҭажьуп N ақыҭа. Есышықәса ааба-ааба мзы ашьхақәа аҳәааха, асыԥса амаҟаха, адунеи иаҟәырԥа, тәым ҵыс амырба, ибахҭаха ишьҭоуп иара".
Абас иблахкыганы асахьа ҭихуеит М. Аҳашба иажәабжь аҿы ахҭысқәа ахьымҩаԥысуа, аурысшәақәа ахьымнеицыз ашьха қыҭа.
"Ҳаи дад, аписар..." аԥсуа литератураҿы ицәырҵыз аҩбатәи ажәабжьуп, асовет аԥсуа литератураҿы - актәи. Д. Гәлиа "Атәым жәҩан аҵаҟа" иҩит 1918 шықәсазы, абри нахыс ицқьаны жәашықәса ааҵхьаноуп акьыԥхь анабаз ҳазлацәажәо аҩымҭа. Уи инашьҭарххны Аҳашба иҵегь иаԥҵамҭақәа алашара рбеит, хара имгакәа Самсон Ҷанбеи, Иван Папасқьыри, Ӡаӡ Дарсалиеи аепикатә жанр иаҵагылеит. Аха жәашықәса дуӡӡа ашәра иаҿын, ҩаԥхьа амч еизнагон хықәкыла ажәабжь ажанр. Дырмит Гәлиагьы шаҟа илуршози, арҵаҩра, арккара, аҭоурыхҭҵаара, атеатр, акьыԥхь - зегьы рхыҵхырҭаҿы игылаз, еицызбоз ауаҩы. Аԥсуа литература "агара илҵны" избандаз зиҳәозгьы уи акәын, иагьибеит.
Нас, абарҭ ажәабжьқәа раамҭа цеит, иахьатәи ашколхәыҷ изы иуадаҩуп, иаҭахым ҳәа анырҳәало ыҟоуп. Шьаҭанкыла ҳзықәшаҳаҭым гәаанагароуп. Акласстә еиҟарамра, ма аколнхарақәа реиҿкаашьа акәым ара ихадароу - ҳазхысыз аҭоурых удырҵоит убла ихымҵуа асахьақәа рыла, имырхьаакәа, аамышьҭахь рхықәкы хадагьы нарыгӡоит: ахәыҷы ибызшәатә хәыцшьа арбеиара, иажәаҳәа арҭбаара. Аамҭа цацыԥхьаӡа еиҳа-еиҳа зыхә ҳаракхо, ахьырҵәаҵәа ҩымҭақәоуп 1920, 1930-тәи ашықәсқәа рзы иҭыҵыз: "Акаруал шәақь", "Ауаҩы шас", "Хамыжә уҽдыр", "Ақабла" уҳәа егьырҭ.

👍10❤4
📌 Ажәа бзиоуп
Ачарбӷьы́ (ветви и листья священных деревьев, заменявших стол на праздниках и молениях)
Ажәакала иузеиҭамго, ажәытәра иагәылсны иаауа аилкаара. Хьыӡ ҷыдак аманы иҳаздыруамызт, ҳаамҭазы ахархәарагьы зынӡа имаҷхахьеит аҟынтә, иаҳԥылеит абызшәадырҩы Анатоли Хьециа иусумҭақәа рҿы. Аҿахәы аҳәоит ари ажәа – узықәчо абӷьы.
Ацуныҳәа, ажәла рныҳәарақәа, Хыхь иҟоу, анкьа амш анбзиаз ачарақәа раангьы икарҿон абас араса, ахьаца, ал уҳәа зымшьҭа бзиоу аҵлақәа ҳәа иԥхьаӡоу, рыфатә абӷьы ианҵаны ирфон, ус иаԥын. Ритуалтә ҵакык амамкәа иҟамызт ари аҵас, мамзар аиха ҟалеижьҭеи мҿқәак ааицарсаны реидҵара уадаҩра дук ацым, ианамуӡахгьы абыца, аӡахәа шышны, ашәымкьаҭ еиԥш изықәчашаз, зынакаакра маншәалоу ак рхәыцуан. Аха ус иҟамлеит. Уи амаӡа ҳзеилымкааргьы, абӷьы иаҵәа ахыԥхьалара аԥсуа аԥсабара дшазыҟаз, дшазааигәаз ҳнарбоит.
Асахьаҿы: Леиаа рныҳәара
#ажәа_бзиоуп

👍14❤4❤🔥2
Ақырҭқәа ара ианыҟаз ҳашьхаҭыԥқәагьы дара рбызшәала идырцәажәар рҭахын, Мамӡышьха Мзиули ҳәа иашьҭан, Риҵа – Рисхва. "Арик учҳауа иҟамызт, сара саламгар амуит, ишьақәҳаргылеит", – еиҭеиҳәон аҵарауаҩ Таҷ Гыцба шықәсқәак раԥхьа арадио Sputnik иаиҭоз аинтервиу аҟны.
Аԥсны ашьхаҭыԥқәеи ашьхацамҩақәеи еидкыланы ашәҟәы ианызҵаз, ирыхцәажәаз аҭоурыхдырҩы, атәылаҭҵааҩ, 30 шықәса инареиҳаны амилаҭ-хақәиҭратә қәԥара иалагылаз, Ахьӡ-Аԥша аорден занашьоу Таҷ Гыцба диижьҭеи 90 шықәса ҵит абҵара 20 рзы.
Таҷ Шьаабан-иԥа Аԥсны шьапыла иахысхьоу дыруаӡәкын, аекскурсиа амҩаԥгаҩцәа еиҵаиааӡон, ҳтәыла иаҭаауа аԥсшьацәа аԥсуаа рҭоурыхи рыбзазашьеи деилзыркааша амҩақәҵага шәҟәқәа иҩит. Акырӡа ихырҳаганы аус иуан Дырмит Гәлиа иҩны-амузеи, Аҳәынҭқарратә музеи рнапхгараҿы.
1978 шықәсазы аԥсуа жәлар рҿахәы зҳәоз "130-ҩык рысаламшәҟәы" зманы Москва ицаз иоуп, ари ашәҟәы иацын еиуеиԥшым аамҭақәа рзы Аԥсны иалганы иргаз аҭоурыхтә-культуратә ҭынхас ишьоу амаҭәарқәа рсиа. Аԥхьагылара злаз, уаҩышьала еиҿкааз, амаӡа ус аҿы узықәгәыӷуаз иакәын ҳәа дыргәаладыршәоит дыздыруаз.
Таҷ Гыцба 1964 шықәса раахыс аҭыԥхьыӡқәа ранҵара даҿын. Ҳтәыла анҭыҵгьы Нхыҵ Кавказ, Егры-нырцә аԥсуаа рышьҭамҭа зныԥшуаз атопонимқәа ҭиҵаауан. Москва, Черқьесск, Ереван, Краснодар абиблиотекақәа рҿы дцаны, шьарда аматериал инапы иҵихит. Абысҟатәи аџьабаа здыз иусумҭа аибашьраан иԥхасҭахеит, ҩаԥхьа еиҭашьақәиргылеит, шьаҭасгьы иазыҟалеит 1997 шықәсазы иҭыҵыз Аԥсны Аҳәынҭқарра ахсаала.
Владислав Арӡынба илаԥш зхыз, акрызҵазкуаз ари ахҭыс ахатә ҭоурых амоуп (ахсаала зны напыла иҭырхит, нас акьыԥхьразы Саратов иргеит, уагьы ирԥықәслоз ыҟан). Абарҭқәа игәалаиршәоит ари аус Таҷ Гыцба ицназыгӡаз, иара иуаҩышьеи иҩызашьеи иахцәажәаз аҵарауаҩ Леуард Барцыц. Иҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит абра >>

👍18❤6
Ахьыуардын
Ҳар рхы Владислав Арӡынба ижәлар дшырзыҟаз, аԥсуа анацәа дышрыхӡыӡаауаз аазырԥшуа ҭоурыхк. Ахы акуеит зыҩԥацәа ҭахаз Бабусиа Чамагәуаԥҳа гәыбылрала иҭәу лысаламшәҟәқәа рыла. Лара лсахьа ҳзымԥшааит, аха убла ихгыларатә еиҭалҳәоит Сергеи Дбар ихьӡ зху Аԥсны…
Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьраҿы зыҩԥацәа ҭахаз, Владислав Арӡынба иахь асаламшәҟәқәа зыҩуаз Бабусиа Чамагәуаԥҳаи лыҷкәынцәа Зураби Анзори Ҭраԥшьаа ирызкны хазы ашәҟәы ҭыҵуеит. Рҭоурых абри аамҭазы аҩра даҿуп ааԥсарак зқәым ажурналист, апрофессор Екатерина Бебиаԥҳа.
Агәеицамк зызҭоу арҿиаҩы лықәра ҿыц дызҭалаз актәи амш ауп иахьа. Лышықәсқәеи иҭлыжьхьоу лышәҟәқәеи еиҟарахарц егьрыгым: уи ада акы даҿӡамзаргьы иџьаушьашаз алҵшәа! Аҩны зхьыԥшу аԥҳәыс лахь иурхар, ҩынтәынгьы. Абри зегь мшаҽнеиԥш лхы-лҿы лашаӡа, ааԥын даагәылҵызшәа дышәҭуа, дхааӡа. Иарбану агәамч лызҭо, лыԥсҭазаараҿ насыԥс илԥхьаӡо, дзеигәыӷуа, дзызхьаауа – гәаартыла еиҭалҳәеит. Иуаҩухыз зегь лаӷырӡуп рҳәоит, агәырҩагьы лкьысхьеит. Акырзылшаз ауаа рнысымҩақәа ирызҿлымҳау рзы ҷыдала аинтерес ацуп.
🎧 Азыӡырҩразы – Еицырдыруа ахьыӡқәа: ажурналист Екатерина Бебиаԥҳа (имҩаԥылгеит Сусана Саӡԥҳа);
📃 Аԥхьаразы – "Ажәак ишашьҭоу изыршо: Екатерина Бебиаԥҳа лыҿцәажәара" (имҩаԥигеит Анатоли Лагәлаа).
Аԥсуажәа амаҵ азызуа аԥсшәеиԥш анарха лоуааит, агәабзиара, анҵыра ду, аихьӡара ҿыцқәа лзацны!💐
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Агәеицамк зызҭоу арҿиаҩы лықәра ҿыц дызҭалаз актәи амш ауп иахьа. Лышықәсқәеи иҭлыжьхьоу лышәҟәқәеи еиҟарахарц егьрыгым: уи ада акы даҿӡамзаргьы иџьаушьашаз алҵшәа! Аҩны зхьыԥшу аԥҳәыс лахь иурхар, ҩынтәынгьы. Абри зегь мшаҽнеиԥш лхы-лҿы лашаӡа, ааԥын даагәылҵызшәа дышәҭуа, дхааӡа. Иарбану агәамч лызҭо, лыԥсҭазаараҿ насыԥс илԥхьаӡо, дзеигәыӷуа, дзызхьаауа – гәаартыла еиҭалҳәеит. Иуаҩухыз зегь лаӷырӡуп рҳәоит, агәырҩагьы лкьысхьеит. Акырзылшаз ауаа рнысымҩақәа ирызҿлымҳау рзы ҷыдала аинтерес ацуп.
🎧 Азыӡырҩразы – Еицырдыруа ахьыӡқәа: ажурналист Екатерина Бебиаԥҳа (имҩаԥылгеит Сусана Саӡԥҳа);
📃 Аԥхьаразы – "Ажәак ишашьҭоу изыршо: Екатерина Бебиаԥҳа лыҿцәажәара" (имҩаԥигеит Анатоли Лагәлаа).
Аԥсуажәа амаҵ азызуа аԥсшәеиԥш анарха лоуааит, агәабзиара, анҵыра ду, аихьӡара ҿыцқәа лзацны!
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
Sputnik Аҧсны
Еицырдыруа ахьыӡқәа: ажурналист Екатерина Бебиаԥҳа
Аԥсны зҽаԥсазтәыз ажурналист, афилологиатә ҭҵаарадырақәа рдоктор, апрофессор, Ахьӡ–аԥша аорден ахԥатәи аҩаӡареи "Агәымшәараз" амедали занашьоу Екатерина Бебиаԥҳа лиира амш азгәалҭеит абҵара 20 рзы. Сынтәа лара илиубилеитә шықәсоуп.
👍11❤5🔥2
Ахьыуардын
Ажәеи ажәеи еихҳәалауа "Иԥсараха, иԥсҭараха ашьхақәа рыгәҭа иҭажьуп N ақыҭа. Есышықәса ааба-ааба мзы ашьхақәа аҳәааха, асыԥса амаҟаха, адунеи иаҟәырԥа, тәым ҵыс амырба, ибахҭаха ишьҭоуп иара". Абас иблахкыганы асахьа ҭихуеит М. Аҳашба иажәабжь аҿы ахҭысқәа…
This media is not supported in your browser
VIEW IN TELEGRAM
"Ҳаԥсуа милаҭ литература Аԥсуара шьаҭас иамоуп, уи азхьамԥшра иаанагоит ҳахдырра аԥсыҽхара – абызшәа аԥсыҽхарагьы ианакәызаалак имашәырны иҟалаӡом. Асахьаркыра ауаҩы дааӡоит. Зыжәлар рлитературеи рҭоурыхи ззымдыруа аамҭа дарблаҟьоит," – Ныгәзар Логәуа, Аԥсуа интеллигенциа реидгыла ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ.
Аиҿцәажәара нагӡаны>>
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Аиҿцәажәара нагӡаны>>
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍15
Аԥсуаа ражәа иалоуп "сдаӷьхаргьы-смаҭхаргьы" ҳәа (сделать во что бы то ни стало). Иабантәаауеи ари ажәеицааира, избан адаӷьи амаҭи залыркаарыз? Иҟалап, абас ихаҳәханы абызшәа иалоу ажәытәӡа зны аԥсуа лакәқәеи амифқәеи ирхылҿиаазар. Иаагозар, аҵанаа амца анрыжәла, рхы ацәыргарц шьоукы аӡы иҭаԥалеит, егьырҭ аҵла агәаҩақәа ирҭатәеит. Аӡы зыҽҭазыԥсақәаз даӷьхеит, аҵла иҭалақәаз маҭхеит. "Адаӷьи амаҭи аҵан ирхылҵит" рҳәон уи аҟынтә.
Аурыс жәлар рлакә "Царевна-лягушка" аиԥш зеиԥшу, адаӷь ацәа зхарԥоу аԥҳәызба илыхҳәаау анашанатә лакәқәа уԥылоит ҳара ҳфольклор аҿы, ашәуаа рҳәамҭақәагьы налаҵаны. Иааџьоушьаратәы аԥсуа цәа рхоуп асиужетқәа. Руак аниҵеит аҵарауаҩ ду Сергеи Зыхәба, изеиҭазҳәаз шьҭрала д-Арасаӡыхьтәын, Гагра дынхон. "Адаӷь ԥҳәысс изгаз илакә" ҳәа ахьӡны раԥхьаӡа акәны акьыԥхь абеит 2005 шықәсазы – Аԥсуа жәлар рҿаԥыц рҿиамҭа IV атом иагәылоуп.
🐸 Адаӷьгьы аӡы изҭоу зегьы иреиҳазар аҭахуп. Адаӷь аӡы ианаанахәа, усгьы агаҟа сцон аҳәеит. (Ажәаԥҟақәа)
📖 Квакать – аҩаҿҩа́ҿра, аҟәаҿҟәа́ҿра
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Аурыс жәлар рлакә "Царевна-лягушка" аиԥш зеиԥшу, адаӷь ацәа зхарԥоу аԥҳәызба илыхҳәаау анашанатә лакәқәа уԥылоит ҳара ҳфольклор аҿы, ашәуаа рҳәамҭақәагьы налаҵаны. Иааџьоушьаратәы аԥсуа цәа рхоуп асиужетқәа. Руак аниҵеит аҵарауаҩ ду Сергеи Зыхәба, изеиҭазҳәаз шьҭрала д-Арасаӡыхьтәын, Гагра дынхон. "Адаӷь ԥҳәысс изгаз илакә" ҳәа ахьӡны раԥхьаӡа акәны акьыԥхь абеит 2005 шықәсазы – Аԥсуа жәлар рҿаԥыц рҿиамҭа IV атом иагәылоуп.
🐸 Адаӷьгьы аӡы изҭоу зегьы иреиҳазар аҭахуп. Адаӷь аӡы ианаанахәа, усгьы агаҟа сцон аҳәеит. (Ажәаԥҟақәа)
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍14
Ашьхарахь асы ықәнаршәшәеит, Ауадҳара иагьышьҭагылт, уажәыҵәҟьа аа-сантиметрк ыҟоуп. Иааиуа амшқәа рзы уаҟа асҿыц иазыԥшуп, уахынла иҵаарҷҷо иалагоит рҳәоит аҳауагәаҭаҩцәа. Аӡынра ашьшьыҳәа иҳазлыбаауеит шьхала, сынтәа акыргьы амҩа иқәын. Ауаџьаҟ амца аныхаахо аамҭа... Шәазыԥшума, мҿыла шәеиқәшәоума? 😉
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍16❤7😍4
This media is not supported in your browser
VIEW IN TELEGRAM
Ҳара ҳназлоу аҟәаа аӡәырҩы абҵарамза иаҵоу аҿыхьҭара рхазыршҭыз хҭысхеит "Амра ашәахәақәа" захьӡу асахьаҭыхҩы Борис Ашәба ицәыргақәҵа аартра. Занааҭла иекономисту аҟаза, шәыга лашала иаԥиҵаз адунеи уатәнатәуеит, уарзҩыдоит, доуҳак узыннажьуеит, иҿыханҵа абызшәа уаҩы еиликаартә иҟоуп. Ирҿиамҭақәа рҵакы, рсиужет, ирыҵоу аидеиа хада уҳәа, аҵыхәтәантәи аҵәаӷәаҷ аҟынӡа аԥсышәала иуацәажәоит. Аԥсабара асахьа акәзаргьы, убас аԥшшәқәа рҟәынкаашьак дақәшәоит, акраамҭа убла ихымҵуа.
Борис Ашәба арадио Sputnik Аԥсны астудиахь ааԥхьара иаҳҭеит. Ҳасасцәа зегь бзиа рыхьӡуп шәҳәаргьы имцхом, аха араҟа абаҩхатәреи, аламыси, ақьиареи бжьыцқьала ҿык еицҭацәажәеит. Аиҿцәажәара мҩаԥылгон Лана Аԥшьлааԥҳа, шәазыӡырҩыр шәылшоит абра>>
Ацәыргақәҵа аартуп ҳазҭоу амчыбжь нҵәаанӡа.
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Борис Ашәба арадио Sputnik Аԥсны астудиахь ааԥхьара иаҳҭеит. Ҳасасцәа зегь бзиа рыхьӡуп шәҳәаргьы имцхом, аха араҟа абаҩхатәреи, аламыси, ақьиареи бжьыцқьала ҿык еицҭацәажәеит. Аиҿцәажәара мҩаԥылгон Лана Аԥшьлааԥҳа, шәазыӡырҩыр шәылшоит абра>>
Ацәыргақәҵа аартуп ҳазҭоу амчыбжь нҵәаанӡа.
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍15❤7🔥2
Апоет, адраматург, Аԥсны зҽаԥсазтәыз акультура аусзуҩ Валери Касланӡиа 80 шықәса ихыҵит.
Валери Касланӡиа деицырдыруеит ахәыҷтәы жәеинраала ссирқәа равторк иаҳасабала, Таиф Аџьба ихьӡ зху алитературатә премиа раԥхьаӡа изанашьаз иара иоуп. Ихаҭа дшысабииз иаб диԥхеит (Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҿы дҭахеит), иаб иашьа, аԥсуа актиор ду Леуа Касланӡиа диааӡон. Дшыхәыҷыз атеатр ахь дигон, акультуратә ԥсҭазаара дагәылаихалон. Апоет абри аамҭа игәалаиршәон абас:
"Отелло" даныхәмаруаз, аспектакль алагара 2-3 сааҭ шагыз атеатр ахь днеиуан. Ихала агрим ҟаиҵон, сара сидтәаланы сихәаԥшуан. Отелло ишәҵатәқәа рыла иҽеилаҳәаны асценахь ацәырҵырҭаҿы днеиуан, нас длеиҩеиуа ироль иҽалаирхалон. Избон саб иашьа уажәраанӡа исацәажәоз шиакәмыз, уантәи ахԥатәи аиарус ахь сишьҭуан: "Ԥшьаала утәаны аспектакль уахәаԥшла" ҳәа насаҳәаны".
Валери Касланӡиа акьыԥхь аҿы дцәырҵит 1960-тәи ашықәсқәа рзы, уиижьҭеи иахьанӡа аԥхьаҩ дызмоу шәҟәыҩҩуп. Ажәеинраалақәа рнаҩс иҩуеит апиесақәа, аповестқәа, апоемақәа, атеатрқәа рҿы дықәдыргылахьеит. Хаҭашьала зынӡа ахӡыргара иашьҭам рҿиаҩуп, гәата-бӷата иус иациҵоит. Ҳазшаз абзиарақәа иаҭәеишьалааит, аԥсуақәра нагӡа ниҵааит, агәабзиара-ахабзиара иманы!

Иахьатәи аамҭазы иалукааша, иԥшӡоу аԥсуа хьыӡқәа шәразҵаауан. Еизаҳаҟәшәеит 150, ԥшьба-хәба нызқь рҟынтә. Реиҳарак ԥсыуа хьыӡқәаҵәҟьоуп, аха иаланагалазгьы аԥсшәа иарсахьеит, иаднакылеит. Хыҵхырҭас иҳахәеит Шьалуа Инал-иԥа, Адгәыр Инал-иԥа, Екатерина Шьаҟрыл, Валентина Амҷԥҳа рышәҟәқәа.
Асиа иаҳарбеит, ҳгәанала, иахьа имаҷны ахархәара змоу, имчым, еинаалоу ахьӡқәа. Изыхәо аӡәыр дҟалар — абзиаӡа!
#ахьӡқәа
🧡 Ахьыуардын шәақәтәа
Асиа иаҳарбеит, ҳгәанала, иахьа имаҷны ахархәара змоу, имчым, еинаалоу ахьӡқәа. Изыхәо аӡәыр дҟалар — абзиаӡа!
#ахьӡқәа
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
Please open Telegram to view this post
VIEW IN TELEGRAM
👍42😍3💯2
Ахьыуардын
🍐 Уажә ааигәа ашәыр еихаҳара, абаҳчааӡара иазҟазоу аӡәы ҳиҿцәажәон. Аҳа ахкыжәлақәа жәохә еиқәиԥхьаӡеит. Иџьаҳшьеит. Шәҟәыла ишьҭаҳхзар — 25 инареиҳазаап. Аберҳа, аӡынҳа, акырпыжәҳа, акәапеиҳа, акьафырҳа, ақәышьарҳа, ақәыԥсҳа, алацанҳа, алагәанҳа, алуҳа,…
🍎 Аԥсны изызҳауа аҵәа ахкыжәлақәа
• А́ӷбаҵәа
• Абамбаҵәа́
• Аӡынҵәа́
• Аихаҵәа́
• Апарчанда́
• Аҵәагәа́ҩа
• Аҵәажьа́кца
• Аҵәа́ҟаԥшь (аҵәа́ԥшь)
• Ашьақа́рҵәа
• Аҳәырҵәа́
• Ацига́нҵәа
• Аҵәа́хәа
• А́ԥсуаҵәа
• Мҵа́ратәи аҵәа
• Ашампа́нҵәа
• Апо́рт
• Аҵәасса,́ аҵәа́ша (дикие яблони) — хыхь еиқәыԥхьаӡоу ахкыжәлақәа реиҳарак зхылҿиааз, абнаҿ изызҳауа, зхала аԥсабара ианылаз ҵиаақәоуп, аԥсуаа рҿы иҵламшқәоуп ҳәа ԥхьаӡан. Аҳаҷҷеиԥш аҵәассагьы ахьыҟоу алаԥшцәгьа мчы амамызт, уи аҟынтә агара иҭаз ашыц гәабан аҵәассамахә аҵарҵон, ауардын аӷьатамагьы аҵәассамахә иалырхуан.

👍20❤9